Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Иабдуцәа рыдгьыл дагәӡит": ҳџьынџьуаҩ Мураҭ Махариа иҭоурыхтә мҩа

© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа аԥхьаҩцәа ишәыдызгалар сҭахуп арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа Ахада ҿыцс иалху Мураҭ Миҭаҳаҭ-иԥа Махариа иабдуцәеи иареи рыԥсҭазааратә нысымҩа атәы.
Амҳаџьырра аан Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз ҳауаажәлар атәым дгьыл аҟны ирхыргаз ауадаҩрақәа ртәы уажәшьҭа измаҳац дыҟамзар ҟалап. Аха уи иаанагаӡом уаҳа алацәажәара аҭахым ҳәа. Абиԥара ҿыц еиҵагылацԥхьаӡа ирзеиҭаҳәалатәуп ҳмилаҭ знысыз аҭоурых.
Аԥсны жәлар егьараан аныӡӡаара амҩа ианылахьан, аха зегь раасҭа ҳҭоурых аҿы ашьҭа нзыжьыз амҳаџьырра ауп. Усҟан ҳауаажәлар раӷьырак атәым ҳәынҭқаррақәа рахь иқәымҵыр амуа аамҭа цәгьа иҭагылан. Зхәышҭаара нзыжьыз зықьҩыла аҭаацәарақәа Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит. Ахҵәацәа бызшәалеи культуралеи ирыцәтәымыз адгьыл аҟны амлеи, ахьҭеи, ачымазареи, аԥсреи ириааины рдацқәа аурыжьит. Урҭ ирхылҵшьҭроуи ҳареи иахьа анцәа иџьшьаны аимадара ҳабжьоуп. Мураҭ Миҭҳаҭ-иԥа Махариеи сареи ҳаиҿцәажәараан иабдуцәа рыӡбахә ҳәо шәышықәсеи бжаки дыргәылсит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Мураҭ Махариа
"Амҳаџьырра ҟалаанӡа сабшьҭра Лыхны инхон. Аамҭа хьанҭақәа раан атәым дгьыл ахь гәыԥҩык ахҵәацәа нааргоз ирылан сабду иаб Бақасеи иԥшәмаԥҳәыс Фатма Баӷԥҳаи 13 шықәса зхыҵуаз рԥа Изеҭи, Бақаса иашьеиҵбы Кытеи. Аԥсны инхеит раб Макәеи рашьцәа Сеидыҟи, Ҭакәнеи, Ҳапашьи, раҳәшьа Шьамсиеи. Ҭырқәтәылаҟа иааз аӷба Синоп иӡхыҵит. Уаҟа аԥсҭазаара ашьақәыргылара даара иуадаҩхеит, ахыҵакырҭа ҟамлеит, ԥсымшьҭгак ауп акәымзар афатә абаҟагәышьаз. Егьараан раб иӡлагара ргәалашәахьан, иаанашьҭуаз ашыла цқьа еилаҳаны. Ус хара имгакәа Диузџье ақалақь аганахь идәықәлеит, уаагьы аԥсуаа ыҟоуп ҳәа анраҳа. Хымз шьапыла иаауаз аҭаацәа рымчқәа каԥсеит, аарла рыԥсы еивго рыуаажәлар ирызнеит", - амҳаџьырра иахнагаз иабшьҭра рҭоурых дазааҭгылоит Мураҭ Махариа.
Баӷаса иҭаацәеи иареи раԥхьаӡа Дарыере, (Ҳасанбеи) ақыҭахь иқәнагалеит, устәи даҽа нхарҭа ҭыԥк ахь ицеит. Уи хазы Ҭавақ-қыҭа ҳәа ишьақәгылеит Баӷаса Махариеи, Аҭеиааи (Аҭеи-иԥацәа), Магьааи ажәлақәа зхыз рыбзоурала. Анаҩс арахь ԥшьала иқәнагало иалагеит егьырҭ аԥсуа ҭаацәарақәа. Мураҭ Махариа еиҳабацәа рҟынтә излаигәалашәо ала 250 ҭӡы ааит. Жәла-жәлала иуҳәозар урҭ иреиуан Аграа, Кьылаа, Шәаныуаа, Аҭраа, Ԥлиаа, Қосқариаа, Араԥаа, Қапаа, Грынаа уҳәа. Абри ақыҭаҟны Баӷасеи иԥшәмаԥҳәыс Фатма Баӷԥҳаи ирааӡеит даҽа фҩык ахшара. Урҭ ирхылҵыз иахьа агәараҭа нап адкыланы ирымоуп.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Мураҭ Махариа
"Сара сабду ихьӡын Меҳмеҭ. Баӷаса идунеи аниԥсах иара аҩнҿыц иргылеит. Уи уажәшьҭа 120 шықәса ахыҵуеит, аха уажәраанӡа баҟак аҳасабала еиқәырханы иҳамоуп", - иажәа иациҵоит амаҭа.
Меҳмеҭ Махариа инасыԥхаз Нурие Магьԥҳаи иареи фҩык ахшаара рааӡеит, рыԥҳа Сулҭаниеи, рԥацәа Меҳмед-Али, Ниҳаҭ, Ҭелаҭ, Фиқреҭ, Миҭҳаҭ.
"Сара саб Миҭҳаҭ ахшара дреиҵбан азы агәараҭа дазынхеит. Ҟазшьала иџьбараз, аха згәы разыз арԥыс динасыԥхеит ԥсыуа ҵасла иааӡаз сан Муазес Храчԥҳа. Ҳаҩнаҭаҟны фҩык ахәыҷқәа иҳазҳауан. Ҳани ҳаби аԥсышәала мацара акәын ишҳацәажәоз. 12 шықәса анысхыҵ Диузџье ақалақьтә школ ахь сиасит. Иаасыкәаршаны аҭырқәцәа ракәын иҟаз аҟнытә схатәы бызшәа маҷны исаҳауа салагеит. Аиҳабыратәи аклассқәа рахь саниас сықәлацәа аԥсуа ҷкәынцәеи сареи ҳаиманы Диузџье ақалақь аԥсуа Дернеқь ҳаҭаауа ҳалагеит. Уи абзоурала ҳаԥсуа хаҿра еиқәҳархеит", - игәалашәоит Мураҭ.
Мураҭ Махариа ашкол даналга ашықәсан, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра алагеит. Арԥыси ҩыџьа иҩызцәа Аҩӡбаки Кәаӡбаки (рыхьӡ иҳәар иҭахымхеит) еицны Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа аибашьра иаарц рыӡбеит, аха аҳәаа ианахыс ақырҭқәа рыгәҭакы анеилыркаа ааха иадыргазаап. Анаҩс Ҭырқәтәыла азинмчрақәа рахь адырра ҟарҵан, дара иртәылауаауп ҳәа шьҭахьҟа идәықәырҵеит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Мураҭ Махариа
"Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, Ҭырқәтәылантәи ԥшьҩык ҳаҳәшьцәа Зелиҳа Ажьиԥҳаи, Аишьегьиуль Ашәԥҳаи, Елифи Фигьени Ашьхарааԥҳацәеи Аԥсныҟа ицеит ҳауаажәлар ирыдгыларц. Аҭыԥҳацәа ргәы меиҭасзар ҳара ара ҳашԥпанхо ҳҳәан, ҳаҽӡаны амҩа ҳақәлеит, аха Қырҭтәыла аган ала ҳамцараны ҳцеит", - иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Мураҭ Махариа абжьаратә школ ашьҭахь дҭалоит Сҭампыл иҟоу Анатолиатәи ауниверситет, аекономикатә факультет. Азанааҭ аниоу ашьҭахь иҩызеи иареи абатә фабрика хыртны, амаҭәа ӡахны аҳәаанырцә иршьҭуа иалагеит. Уи аус иахьагьы иаҿуп.
Мураҭ Махариа Сҭампыл дынхоижьҭеи 30 шықәса ҵуеит. Миллионҩыла ауаа ирыламӡарц азы, аԥсуаа егьырҭ Кавказ амилаҭқәа реиԥш рҽеидыркыло иалгеит Кавказ Адернеқь аҟны. Мураҭ иакәзаргьы ихы идыруеижьҭеи ижәлар рыгәҭа дыҟоуп.
2014 шықәсазы Мураҭ Махариа аделегациа дацны раԥхьаӡакәны иџьынџьдгьыл ахь дааит. Аҳәаа данахыҵ нахыс илабжышқәа изынкыломызт, ишьамхы арсны иабдуцәа рыдгьыл дагәӡит.
"Аԥсны анызба иснырыз ацәаныррақәа ртәы еиҭасҳәартә еиԥш ажәақәа сызхаӡом. Уи иаҵаз аԥхарра сыԥсы ҭанаҵы исыцзаауеит. Сыԥсадгьыл аҟны сыҟанаҵы ҳҭынхацәа зԥшаахьаз саб иашьцәа иреиуоу Аадем Махариа ила Лыхны сцеит. Сабду иабду Макәа дахьжыз збеит. Иара убас ашәышықәса иагәылсны иааз хыхь зыӡбахә сымаз аӡлагарагьы. Сыла иабоз зегьы алаӷырӡ рықәысҭәеит", - игәы ԥшаауа еиҭеиҳәоит ҳџьынџьуаҩ.
Иахьа Мураҭ Махариа Аԥсны иабдуцәа ргәараҭа иаху иаҳәшьцәа Лиудеи, Лидеи, Ленеи, Ламареи, Ларисеи иареи аимадара рыбжьоуп, еиҭанаиааиуеит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Мураҭ Махариа
2010 шықәсазы, Ҭырқәтәыла хазы аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа аԥҵан. Аамҭа-аамҭала уи хадара арҭон ҳџьынџьуаа Феридон Аҟәысба, Џьенгьиз Ашәба, Аҳмеҭ Ҳапат, Аҭанур Аҟәысба. Сынтәатәи алхрақәа раан зкандидатурақәа ықәгылаз Мураҭ Махариеи Орал Бганбеи рахьтә ажәлар рыгәрагара даԥсахеит Мураҭ Махариа. Иара Аҭанур Аҟәысба аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа дахьынӡахагылаз ԥшьышықәса ихаҭыԥуаҩс дыҟан.
Абжьааԥны алхрақәа Сҭампыл акәын иахьымҩаԥыслоз, уажәы Измиҭ ақалақь еиҿыркааит, абжьыҭара иаауаз рзы еиҳа иманшәалоуп ҳәа иԥхьаӡаны. Уи аиҿкаараҿы иџьабаа рацәоуп Измиҭ ақалақь аԥсуа Дернеқь аиҳабы Ҳасан Қардиа. Абжьыҭара иалахәын 302-ҩык аделегатцәа. Дара аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа иаҵанакуа 17 Дернеқь ирхаҭарнакцәоуп. Урҭгьы аҩнуҵҟатәи алхрақәа раан абжьы зауз роуп.
© Foto / предоставлено Сырмой АшубаАдем Махариа
Адем Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Адем Махариа
Аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа Ахада иалхра иаҭааит Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиеи адепутатцәа гәыԥҩыки, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәеи, Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Вадим Ҳаразиеи, аилак ахаҭарнакцәеи аӡәырҩы, Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра аиҳабы Ибрагьим Аҩӡбеи, иабжьгаҩцәа Кавказ-Қьамиль Аҭрышбеи, Џьансыхә Лазбеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Жәлар Рконгресс аусзуҩцәеи, Иорданиа Амман ақалақь еиҿкаау "Диуан-абаза" ҳәа изышьҭоу акультуратә Центр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Муҳаммед Чычбеи, убас алахәҩыс иҟоу Рамиз Гьечбеи, Нхыҵ Кавказ атәылақәа рҟынтә аделегациақәеи.
Мураҭ Махариа абжьыҭараҟны иигаз аԥхьагылара идныҳәало, традициала ианаршьеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь раԥхьатәи аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа анапхгаҩы Феридон Аҟәысба ҳамҭас ииҭахьаз, анаҩс еимырдо иалагаз алабашьа.
Мураҭ Махариа иуаажәлар агәра диргеит илшо зегь шыҟаиҵо ҳмилаҭ реизааигәахаразы.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Мураҭ Махариа
"Ирацәоуп ҳҿаԥхьа иқәгылоу аусӡбатәқәа. Раԥхьа иргыланы атәылауаҩшәҟәы аиура азҵаара, ахатәы бызшәа аҵаразы Аԥснынтәи арҵаҩцәа рааԥхьара, Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара апассаџьыртә ӷба абжьаҵара уҳәа", - инаҵишьит иара.
Мураҭ Махариа ишиҳәаз ала Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа Аԥсны атәылауаҩшәҟәы аиура иазгәышьуеит. Аха зегьы ирымам алшара арахь аара. Ари азҵаара шьҭыхын Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Кәарҷиа иҿаԥхьа. Иара агәыӷра риҭеит аилатәарақәа руак аҟны ишалацәажәо. Иҟоуп атәылауаҩшәҟәы змоу, аха зыҿҳәара нҵәахьоу. Хымԥада имаҷҩым Аԥсны иааны изыԥсаххьоу, аха ишазгәаҭоу еиԥш зегьыцәҟьа рфинанстә ҭагылазаашьа иалнаршом амҩа ақәлара.
"Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакра аиҳабы Ибрагьим Аҩӡба зыҿҳәара нҵәахьоу хә-тәылауаҩшәҟәык рзы ақьаадқәа еиқәыршәаны Аԥсныҟа ишьҭит, агәыӷра ҳамоуп алҵшәа аиуп ҳәа", - инаҵишьит аԥсуа Хеидкылақәа Рфедерациа ахада.
Мураҭ Махариа иажәақәа рыла аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа рнаԥхьаразгьы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩы Вадим Ҳаразиа аус аиҿкаара инапы алаикит. Убас ауаа ргәы иҵхо Аҟәеи, Синопи, Самсуни, Трабзони еимаздо апассаџьыртә ӷбақәа рыбжьаҵаразы Ҭырқәтәыла аиҳабыреи дареи ацәажәарақәа мҩаԥыргоит.
© Foto / предоставила Саида Жиба Мураҭ Махариа
Мураҭ Махариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.11.2021
Мураҭ Махариа
"Абарҭ аусқәа маншәалахар шьаҿа ӷәӷәала ԥхьаҟа ҳцон. Даара ицхыраара ҳақәгәыӷуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниагьы", - ҳәа азгәаиҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Мураҭ Махариа иду аҭакԥхықәра даара иҳарауп. Инапы злаку аус иқәҿиарц азы ҳауаажәлар идгылароуп, рыжәҩахыр еибырҭароуп. Иара иазгәеиҭеит ашықәс нҵәаанӡа Аԥсныҟа аара шиҭаху.
Мураҭ Миҭҳаҭ-иԥа дҭаацәароуп. Иԥсҭазаара ицеиҩылшоит Еда Кьылԥҳа. Дара, рԥа Рауфи, рыԥҳацәа Сенаи Сераи аԥсуа леишәа рыманы ирызҳауеит. Иаарласны ҳҵасқәа ирыцызҵо абиԥара ҿа иаарывагылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0