"Атәым ҵасқәа рыдыркыломызт": ҳџьынџьуаҩ Нурҭен Аҩӡԥҳа лгәалашәарақәа

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз Измиҭ ақалақь аҿы еиҿкаау Кавказ Адернеқь аҟны агәыҳалалратә цхыраара аидкылараҿы аџьабаа збаз, иахьа уажәраанӡагьы уа аус зуа Нурҭен Аҩӡԥҳа длыҿцәажәеит Саида Жьиԥҳа.
Sputnik
Амҳаџьырра иахнагаз ҳауаажәлар атәым дгьыл аҟны иахьа уажәраанӡа аԥсуа ҵасқәа реиқәырхара рылшеит дара-дара еизааигәаны иахьеицынхоз, насгьы нхарҭас ашьхаҭыԥқәа ахьалархоз аҟнытә. Ус ҟаиҵеит иахьатәи сажәабжьҳәаҩ Нурҭен Аҩӡԥҳа амҳаџьырра иахнагаз лабду иаб Ҳаџьы-Магәгьы.
Ҳаџьы-Магә ҳәа изышьҭаз д-Аҩӡбан. Иара фышықәса ихыҵуан иани, иаҳәшьеиҳаби, ианшьцәа Аӡынаа гәыԥҩыки дрыцны Ҭырқәтәылаҟа данаа. Ахҵәацәа зҭаз аӷба Трабзон иҿықәгылеит. Уа дгьыл ҽыҭқәак рыҭаны акраамҭа индырхеит. Магә иаҳәшьеиҳабы аҭыԥантәики лареи рынасыԥқәа анеиларҵа, ианшьцәа гәыԥҩыки иареи Диузџье аганахь нхара иааит. Ақалақь иахьазааигәаз аҭырқәцәа ирыланхо иалагеит. Магә атәым ҵасқәа акырӡа аԥсуара ишацәтәымыз аниба, иӡбеит ашьхаҳаракырахь дхаларц. Аҭырқәцәа шьала аиуара зыбжьоуи дареи еибагон азы уи зынӡа ихы ихнахуан аԥсуа хаҵа.
Арепатриациа
"Ҳқыҭақәа ахьынӡаҟоу - ҳаргьы ҳаҟоуп": ҳџьынџьуаҩ Осман Гогәуа изкны
"Магә Гәыма ҳәа аԥсуаа зышьҭоу ақыҭахь дхалеит. Абна ԥҟаны, ахаҳә ықәганы, адгьыл хтны аҩны ргыланы дынхеит. Иԥшәмаԥҳәыс Қапԥҳаи иареи ааҩык аԥацәа рхылҵит. Анхара-анҵыра ада хьаа змамыз Магә инасыԥ, арыцҳара ду аԥеиԥшхеит ԥхьаҟа. Иԥацәа рыла игәы шдууз, аӡәаӡәала иԥхо далагеит. Сара сабду Мысҭафа ԥшьҩык ахшара дышрабызгьы аибашьра дыргоит. Иаадыруеит Чанаккале дышҭахаз, уаҳа ицкару дыррак ҳамаӡам. Убас аибашьраҿы иҭахоит сабду даҽа фҩык иашьцәагьы. Аиҵбаӡа Шьаабан аррақәра даҵанакаанӡа, иаб Магә, иԥа инацәкьарақәа ақды инықәкны ихиҵәоит аибашьра дрымгарц азы. Уи алагьы иԥсы еиқәирхоит", - лажәа иацылҵоит Нурҭен Аҩӡԥҳа.
Чанаккале иҭахаз Мысҭафа иԥшәмаԥҳәыс Қериме Цыгәԥҳа лыхшара лнапы инԥшыло иаанхеит. Лыуа-лҭынха рыцхыраарала ршьапы иқәлыргылеит. Аӡәзаҵәык аиҳабаӡа Иса дышқәыԥшыз длыԥхоит. Уигьы зыхҟьаз арԥыс иԥсадгьыл ибарц азы имҩа анхты, Аԥснынтәи дышгьежьуаз ачымазара бааԥсы ихьны идунеи иԥсахит.
"Сара саб Баирам Мысҭафа ихылҵыз дреиуоуп. Иара динасыԥхеит сан Незиҳа Ашәԥҳа. Хәҩык ахшарагьы ҳрааӡеит. Аиҳабацәа Гәыма ақыҭан иит. Анаҩс саб Измиҭ ақьаад фабрикаҟны аусура даналага, арахь нхара иисаит, саргьы ара сиит. Ԥсыуаҵасла иԥхашьаразаргьы ҟалап аԥҳа лаб данлырҽхәо, аха исымҳәаргьы ҟалом саб ишибзоуроу иахьа уажәраанӡа сыуаажәлар рыгәҭа сахьгылоу, ргәырӷьара ахьсгәырӷьароу, рхьаа ахысхьаау", - лҳәоит лара.
Нурҭен фышықәса лхыҵуан лаб раԥхьаӡакәны Кавказ Адернеқь ахь диго даналага. Лара леиҳабацәа ақыҭаҟны иит азы аԥсшәа рҳәон. Ақалақьтә школ ианҭала, рхатәы бызшәала имцәажәарц, аҭырқәшәа рҵарц азы арҵаҩцәа ирԥҟон. Нурҭен арҭқәа анлаҳауаз еиҳагьы лгәы иаҭаххеит аԥсшәа аҵара, дызлыҵыз ажәлар рҵасқәа ашьҭкаара.
"Адернеқь аҟны зны еизарак ыҟан. Аиҳабацәа еибырҳәоз ажәабжьқәа арзыӡырҩра адагьы аҳәса ачыс ахьыҟарҵоз срыхәаԥшуан. Абысҭа аныруа ашьҭахь, ачуан ду аӡы ҭаҭәаны инрыжьит иԥсаар арыцқьара маншәалахоит ҳәа. Аха сара уи абаздыруаз, срыцхраап сҳәан, аӡәӡәара салагоны еиԥш сҽысзаанымкылакәа сҭаҳаит. Уи збаз аиҳабацәа "ари уажәшьҭа дызҭыҵӡом" ҳәа алаф схырҳәҳәааит. Дара ражәақәа иахьа уажәраанӡагьы исхьынҳаланы иҟоуп. Уи нахыс Адернеқь ҩныс исзыҟалеит, абысҭаурагьы абраауп иахьысҵаз", - лафны илгәалашәоит ҳџьынџьуаҩ.
Арепатриациа
"Сыԥсы - Аԥсны иҟоуп": ҳџьынџьуаҩ Ерҭул Ажьиба иҭоурых
Нурҭен 12 шықәса дрықәын, лаб иаҳәшьа Руқие аԥхынтәи лыԥсшьарамшқәа ирылагӡаны, длызцаны аԥсшәа анылҵоз. Лашьеиҳабы Селаами ихатәы бызшәала дшыхәыҷызнатә дцәажәоит, аԥхьашьагьы иҵеит Аԥснынтәи иашьцәеи иареи ирыбжьаз асалам шәҟәқәа ирыбзоураны.
"Сашьа аԥхьашьа аниҵа, ҳазегьы ҳаизганы есыуаха даҳзаԥхьон Баграт Шьынқәба иҩымҭа "Ацынҵәарах". Ароман афырхацәа рхьаа ҳаргьы иаҳхьаан азы даара игәнаҳгон иҳаҳауаз. Иара убас сашьа иҩызцәа Ҭурҳан Хәымсаҵәи, Орал Бганбеи аԥсышәала иҩыз аскечқәа ҵаны аизарақәа раан иқәдыргылон. Ажәакала аԥсуа сахьаркыратә литературеи акультуреи ҳабжьара алаҵәара аиуан", - лажәа иацылҵоит сажәабжьҳәаҩ.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи аибашьра анцоз, Нурҭен лҩызцәеи лареи Измиҭ ақалақь Кавказ Адернеқь аҟны уахи-ҽни аус руан. Агәыҳалалратә цхыраара аидкылареи, Аԥсныҟа ашьҭреи, хаҭала агәыԥқәа аԥҵаны Аԥсныҟа ицози рыгәҭа иҟан. Нурҭен Аҩӡԥҳа лыԥсҭазаара зегьы лыжәлар рымаҵ аура иазылкит. Лара леиԥш ихәыцуа ауаа ирыбзоуроуп адунеи аҟны атәым милаҭқәа ҳахьрыламӡаз.
Арепатриациа
"Амра иаҳзаҩызоуп": Ҭаалаҭ Кәышмал Аԥсны иазкны