Здание репатриации - Sputnik Аҧсны, 1920
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

"Ҳқыҭақәа ахьынӡаҟоу - ҳаргьы ҳаҟоуп": ҳџьынџьуаҩ Осман Гогәуа изкны

© Foto / Из семейного архива Османа Гогуа Осман Гәогуа
Осман Гәогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.08.2022
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Самсун ақалақь инхо ҳџьынџьуаҩ Осман Ҳиқьмеҭ-иԥа Гогәуа еиҭеиҳәеит иахьа уажәраанӡа ҳмилаҭ ахаҿра атәым дгьыл аҟны еиқәзырхаз ҳқыҭақәа шракәу. Аха уаҟа еиқәу ахәышҭаарамцагьы ҿыцәаар шалшо. Шәаԥхьа Саида Жьиԥҳа иазлырхиаз анҵамҭа.
Иахьазы, Амшын Еиқәа иаԥну Самсун ақалақь аԥсуа-абаза қыҭақәа ԥшьба ыҟоуп. Урҭ иреиуоуп Чарықлыбашы, Ҭамқыҭ, Қарамешье, Аачалан. Иахьа зыӡбахә сымоу афырхаҵа дахьииз ақыҭа Ҭамқыҭ ауп. Сажәабжьҳәаҩ Осман Гәогуа иажәақәа рыла, амҳаџьырра аамҭақәа раан Осман захьӡыз иабду иаб Ҟарачы-Черқьесиантәи ахҵәара дақәшәеит. Аԥхьанатә аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа раӷьырак Самсун амшын аԥшаҳәаҿы инхеит, аха уаҟа акәыбырқәа рацәан, насгьы ачымазарақәа рхылҿиаауан аҟнытә ашьхаҭыԥқәа рахь ицеит. Убас ауп гәыԥҩык ҳауаажәлар Ҭамқыҭ ишнанагаз.
"Раԥхьанатә Ҭамқыҭ иқәнагалаз ажәлақәа ҳәа ҭоурыхла изласаҳахьоу иреиуоуп Ажьиаа, Папаа, Аӡынаа. Анаҩс егьырҭ рыуацәа, рҩызцәа, рдырцәа рыҽрыдыркылеит. Ҳабдуцәа ирҳәалон рынхамҩа аиҿкаара шыуадаҩыз. Аҭыԥантәи анхацәа рыцхыраарала амла иамкит. Анаҩс рхы иахәеит. Ирааӡеит арахә, иқәаарыхит адгьыл", - иажәабжь иациҵоит Осман Гогәуа.
© Foto / Из семейного архива Османа Гогуа Осман Гогәуа Аԥснытәи асасцәа рыгәҭа
Осман Гәогуа Ап,снытәи асасцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Осман Гогәуа Аԥснытәи асасцәа рыгәҭа
Самсун инхо аԥсуаа ааскьанӡа рхыԥхьаӡара х-нызқьҩык рҟынӡа иҟан. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирхырҟьаны Ҭырқәтәыла ақалақь дуқәеи Европеи рахь нхара ииасыз рацәоуп.
"Ҳара Самсун инхо аԥсуа-абаза жәлар, иара убас ачерқьесцәеи даара пату еиқәҵаны ҳаҟоуп. Иҳамоуп адернеқьқәа. Ҳацәгьеи ҳабзиеи акоуп. Ииашоуп ахатәы бызшәа аганахьала ҳкәадоуп, аха ҳҵаси ҳқьабзи аныҟәгараҿы аӡәы иашьҭахь ҳгылам. Убригьы зыбзоуроу ақыҭақәа ҳахьрыдҳәалоу ауп. Амала исымҳәаргьы иашахом ҳмилаҭ цәа зыҟәну, ҳабдуцәа ԥсеиқәырхагас ирымаз, џьабаала ишьақәдыргылаз ақыҭақәагьы ахыӡӡаара ишалагаз. Аха уеизгьы аџьшьара рысҭоит тәанчара ицаз рахьтә аӡәырҩы рхәышҭаарамцақәа ҿымцәаарц, реиҳабацәа рҳаҭгәынқәа қьаԥҭамхарц ақыҭақәа рахь нхара ихынҳәыз", - инаҵишьит Осман Ҳиқьмеҭ-иԥа.
© Foto / Из семейного архива Османа Гогуа Осман Гогәуа Аԥснытәи асасцәа рыгәҭа
Осман Гәогуа Ап,снытәи асасцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Осман Гогәуа Аԥснытәи асасцәа рыгәҭа
Ҳџьынџьуаҩ иазгәеиҭеит иахьа уажәраанӡа аԥсуааи, ашәыуааи, ашьхарыуааи, ачерқьесцәеи, иаадкыланы кавказаа зегьы егьырҭ амилаҭқәа ирылазмырҩашьо рқыҭақәа рҟны ироуз ааӡара шаку. Кавказ ахаҭарнакцәа ркультура аҳаракырала аӡәы илаҩашьом. Убри инамаданы Осман Гогәуа ихьааигоит ақыҭақәа ҭацәуа иахьалаго. Аха, зегь акоуп, агәыӷра ааирԥшуеит, абиԥара ҿа рабдуцәа рыбаҩқәа ахьамадоу ақыҭақәа нырмыжьып ҳәа.

Аԥсныҟа ахынҳәра атема ҳаналацәажәоз, Осман Ҳиқьмеҭ-иԥа иҳәеит ари игәы изырхьуа акы акәны ишыҟоу. Иара иҭахуп атәым дгьыл аҟны инхо ҳауаажәлар зегьы рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәырц, аха иахьатәи атехнологиақәа раамҭа ауаа рдунеихәаԥшышьа аԥсахит. Уаанӡа иҟаз аидеологиа уажәы аҵыхәа узыкуам. Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра азҵаара шықәсырацәала аус шадырулогьы, иахәҭоу аҭыԥ иқәымлацт.

Осман Гогәуа иҭоурых атәы уҳәозар, иазгәаҭатәуп иара хәышықәса Самсун ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩс дшыҟаз, Аԥсназгьы иааԥсара шырацәоу. Осман Ҳиқьмеҭ-иԥа Самсун агастрольқәа зманы инеихьаз аԥсуа аҳәынҭқарратә ансамбль "Шьараҭыни", абыргцәа рансамбли рылахәцәа раанҿасырҭеи, рыфатәи, рыжәтәи, аконцертқәа реиҿкаареи уҳәа рҟны дарӷьажәҩаны дрывагылан. Изныкымкәа Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа аҭҵаарадыррақәа рымҩаԥгаразы инеиуаз аҭоурых азҟазацәа дрыцхраахьан.
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь Осман Гогәуа раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа дааит. Урҭ амшқәа иахьагьы лахьеиқәҵарала игәалашәоит. Ахыԥҽыха иаганы иҟаз иабдуцәа рыдгьыл игәы ахәра азыннажьит.
© Foto / Из семейного архива Османа Гогуа Осман Гогәуа Аԥснытәи асасцәа рыгәҭа
Осман Гәогуа Ап,снытәи асасцәа рыгәҭа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2022
Осман Гогәуа Аԥснытәи асасцәа рыгәҭа
Осман Ҳиқьмеҭ-иԥа иан дчерқьесын, д-Абзаӷьԥҳан, Зеҳра лыхьӡын. Лыԥшәмеи лареи быжьҩык ахшара рааӡеит, хәҩык аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи.
Осман Гогәуа амҳаџьырра иахнагаз иабду иаб Осман ихьӡ ҳаҭырла ишныҟәиго еиԥш, рабдуцәа рыхԥша еихаҳаны ԥхьаҟа иргоит иара ихшарагьы. Осман игәы рыладууп иԥеи, иԥҳаи, имаҭацәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0