Даара пату зқәысҵо сҩыза бзиа иахьа иирамшуп! Сара дсыздырӡом даҽаӡәы Виачеслав Бигәаа иеиԥш ихы иԥсы акәҵаны аԥсуа ҭҵаарадырра иаҭахызаргьы амалаҳәа иазааԥсо!.. Уи аус иаҭахуп ҳәа иоуҳәар, илшоит иара ихатә усқәа зегьы аакажьны, акультура, аҭҵаарадырра, алитература ирыхәо аус алагара… Аиаша ҳҳәап, иахьатәи аамҭазы ус ҟазҵо даара имаҷуп, аиҳараҩык зегьы аҟәрышь ахьацым ршьаҿа аихыгара рцәымӷуп, ирԥхашьаны идурҟаҵаӡаргьы, ибжамҽамны ауп ишыҟарҵо!.. Ус иҟоу дахьреиуам, есымша ҳкультура иаҭаху аусқәа рзы шьамхахьы аӡы дахьӡаагыло азы, иус бзианы иахьидыруа азы даара пату ҳазиқәуп ҳҩыза, алитературатә критик, ҳаҭҵаарадырҩы бзиа, зыхьӡ-зыԥша Урыстәылагьы ибзианы ирдыруа, анаукатә дунеи аҿ ҳаҭыр ду зқәу, аҵарауаҩ нага, афилологиатә ҭҵаарадыррақа рдоктор Виачеслав Бигәаа.
Виачеслави сареи ҩызцәақәак раҳасабала ҳаизааигәахеит 1982 шықәса раахыс ажурнал "Алашараҿы". Усҟан сара ажурнал апроза аҟәша аиҳабыс аус зуан, иара аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩыс даҳзынарышьҭит. Аиаша шәасҳәап, убри иаҟара аус зыцура маншәалаз шамаха аӡәы сиқәымшәацызт. Зегь раԥхьа иргылан, иара акьыԥхь атәы бзианы идыруан, дырхысхьан агазеҭқәа инадыркны еиуеиԥшым аусурҭақәа. Насгьы, алитература бзиаӡаны идыруан, акритикатәи алитератураҭҵааратәи статиақәа рыҩра далагахьан, аԥсуа литературатә ԥсҭазаараҿы деицгәарҭахьан, ирҿиамҭақәагьы рыхә бзианы иршьон. Раԥхьаӡа усҟан М. Горки ихьӡ зхыз Аԥснытәи арҵаҩратә институт аҿы иҭижьуан анапылаҩыратә журнал "Арҩаш", убраҟагьы аԥышәа ирҳаит, Владимир Анқәаби, Борис Гәыргәылиеи реиԥш иҟаз аҵарауаа, апоетцәа рыбла ихын, ацхыраара ду ирҭон, игәаҳәара ицәымӡырц, ибаҩхатәра мыхьшәашәарц…
Уажәы абраҟа иааҳгап, ҳарҿиаҩы, ҳҵарауаҩ бзиа ҳаԥхьаҩцәагьы дырзааигәаҳтәырц инысымҩеи ишәҟәқәа иҭижьхьоу рыӡбахәи аазыркьаҿны:
Бигәаа Виачеслав Акаки-иԥа (21.01.1957, Аԥсны, Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭа) – аԥсуа литератутраҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, аԥсуаҭҵааҩ. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор (2003), Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа алахәыла-корреспондент (2014). 2003 ш. раахыс Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп. Дыҩуеит аԥсышәалеи урысшәалеи.
1964–1974 шш. рзы аҵара иҵон Бзыԥҭатәи абжьаратәи аԥсуа школ № 1 аҿы. Шықәсык аҟара аус иуан Гагратәи акурорттә хәаахәҭраҿы еидарашьҭыхҩыс. 1975 ш. дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт (нас – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет) афилологиатә факультет аԥсуа бызшәеи алитературеи англыз бызшәеи рыҟәша. Араҟа далахәын алитературатә кружок, анапылаҩыратә журнал "Арҩаш" редакторс даман. Ауниверситет даналга, 1980 ш. инаркны аус иуан агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" (иахьа – "Аԥсны") аредакциаҿы еиҭагаҩыс, корреспондентс. 1982 ш. Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иатәу ажурнал "Алашара" ашҟа диасуеит. Раԥхьа аус иуан техникатә редакторс, нас алитературатә критикеи апублицистикеи рыҟәша аиҳабыс.
1984–1987 шш. раан аҵара иҵон Москва, СССР Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа (иахьа – Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа) А. М. Горки ихьӡ зху Адунеитә литература аинститут аспирантураҿы. 1988 ш. араҟа ихьчоит акандидаттә диссертациа "Аԥсуа повест ажанртә ҷыдарақәа (30–80-тәи ашықәсқәа)". 1989 ш. раахыс аус иуеит Москва, Адунеитә литература аинститут аҟны – раԥхьа ҭҵаарадырратә усзуҩы еиҵбыс (1989 ш. ииун 16 инаркны), нас ҭҵаарадырратә усзуҩы еиҳабыс (1995 ш. февраль 20 инаркны), анаҩс ҭҵаарадырратә усзуҩы нагас (2000 ш. ианвар 1 аахыс). Аамҭакала, 1991–1998 шш. рзы аус иуан ажурнал, ашьҭахь – аҭыжьырҭа "Эхо Кавказа" аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс, сахьала еиқәыршәаз аенциклопедиа "Шамиль" (М., 1997) аҭакзыԥхықәу маӡаныҟәгаҩыс дыҟан, уи авторцәа дыруаӡәкуп.
1989 ш. инаркны Виачеслав Бигәаа Москва инхо аԥсуаа руаажәларратәи ркультуратәи ԥсҭазаара далахәуп. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) Москва Аԥсны ахаҭарнакра апресс-маҵзура дамадан, Аԥсны ацхрааразы араҟа еиҿкааз аштаб аҟны напхгара аиҭон Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы амитингқәеи апикетқәеи еиҿызкаауаз агәыԥ.
2003 ш. Адунеитә литература аинститут аҟны ихьчеит адоктортә диссертациа "Аԥсуа ҭоурыхтә роман. Аҭоурых. Атипологиа. Апоетика".
2013 ш. инаркны Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуеит, ҭҵаарадырратә усзуҩы нагак иаҳасабала Адунеитә литература аинститути ареи иусурақәа еилеигӡоит.
Виачеслав Бигәаа "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашәышықәса" (Аҟәа–Москва, 2001) аредакторцәа дыруаӡәкуп. Аредколлегиа иалаз иаҳасабала "Адыга (Ачерқьес) Енциклопедиа" (М., 2006) аҭыжьра азырхиара далахәын; "Кто есть кто" аҟәшаҿы ианылаз кавказҭҵааҩцәа аӡәырҩи аԥсуа ҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рбиографиақәа авторс дрымоуп.
Аҵарауаҩ икьыԥхьхьеит аҭҵаарадырратә шәҟәқәеи астатиақәеи жәпакы. Урҭ рызкуп аԥсуа-адыга жәларқәа рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи, Д. Гәлиа, С. Ҷанба, Б. Шьынқәба, О. Беигәаа, Ф. Искандер, А. Гогәуа, С. Л. Зыхәба, В. Амаршьан, А. Џьениа, Џь. Аҳәба уҳәа рҩымҭақәа. Истатиақәа ркьыԥхьхьеит Адунеитә литература аинститути Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти русумҭақәа жәпакы рҟны, ажурналқәа "Алашара", "Аҟәа–Сухум", "Эхо Кавказа", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аамҭа" уҳәа егьырҭгьы.
Аҭыжьымҭақәа: Ашәышықәса анҵәамҭазы... (Ҳаамҭазтәи апублицистика иахылҵыз ахәыцрақәа)... М., 1996; Абхазская литература в историко-культурном контексте. Исследования и размышления. М., 1999; Абхазский исторический роман. История. Типология. Поэтика. М., 2003; Абхазская литература и литературы народов Северного Кавказа. (Историко-культурный контекст. Диаспора). М., 2011; Ажурнал "Алашара" (1955–2012). (Аҭоурых. Абиблиографиа). – Журнал "Алашара" (1955–2012). (История. Библиография). Сухум, 2017 (аԥсышәалеи урысшәалеи).
Виачеслав Бигәаа иахьа ҳаԥсуа литератураҭҵаареи ҳакритикеи рус аҿы аӡәы ҳәа даара ҳзыхӡыӡо, ҳагьзықәгәыӷуа ҳарҿиаҩцәа бзиақәа дреиуоуп. Уи даара иқәманшәаланы ҩ-бызшәак аурысшәеи аԥсшәеи рыла аус иуеит, аҩбагь еиԥшны ибзианы ицааиуеит.
Ҳара ажурнал "Алашараҿы" ирлас-ырласны изҿаҳҵоит, ҳажәагьы ҩбамтәкәа ианаамҭоу иаҳҭаху аматериалқәа ҳхьигӡоит. Зегь реиҳа акрызҵазкуа акы акәны иҟоуп, ҳара ҳжурнал азы мацара адагьы, ҳаԥсуа доуҳатә культура зегьы азы 2017 шықәса рзы иҭыҵыз аԥсуа литературеи акультуреи рырҿиареи аԥсуаа рмилаҭтә хдырра ашьҭыхреи рзы акырӡа зылшахьоу ажурнал "Алашара" аҭоурых ааидкыланы изну ашәҟәы "Ажурнал "Алашара" (1955-2012) ( Аҭоурых. Абиблиографиа) ахьеиқәиршәаз, иахьҭижьыз.
Уажәааигәа, уи аусумҭа ду иацҵо, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи ажурнал "Алашареи" иҟарҵаз аҳәара мап ацәымккәа дақәшаҳаҭхеит 2012 шықәса инаркны 2025 шықәса ирыбжьаркуа ажурнал аномерқәа еиқәыршәаны убри аҩыза абиблиографиатә шәҟәы ду аҭыжьра. Ари иааира бзиахоит аԥсуа доуҳатә культура зегьы азы, избанзар, аԥсуа ԥхьаҩ уаҟа имԥыхьашәоит ажурнал аҭыҵра ианалагаз 1955 шықәса раахыс ианылахьоу арҿиамҭақәа зегьы иананыз ашықәси, иахьаныз адаҟьеи, изҩыз автори рыӡбахә зегьы арбаны, аԥшаара мариахарц.
Асеиԥш иҟоу ашәҟәы анҭыҵлак хәарҭара ду ҟанаҵоит аԥсуа жәлар рҭоурыхи, ркультуреи, рлитературеи ҭызҵаауа, ирызҿлымҳау зегьы рзы.
Иазгәаҭатәуп, иара убасгьы ҳаԥсуа литература аҭоурых макьана иахьынӡахәҭоу иҭҵааны хазы шәҟәны ҳнапы ишакым. Убри аганахьала даара хәарҭа ду аиуеит, ҳжурнал иҟанаҵаз аҳәарала, ааигәа иҭыҵран иҟоу аномерқәа хԥа ирныло уи инеиҵыху иусумҭа ду "20-тәи ашәышықәсақәа 50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭеи – 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭеи рзы аԥсуа литературатә процесс аҷыдарақәеи ахырхарҭақәеи". Ари аусумҭа хатәраҿы даара ибзиан иаарԥшуп ҳлитература аихьӡарақәеи агхаԥхақәеи, иацтәии, уаҵәтәии амшқәа.
Виачеслав Бигәаа ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы рҩымҭақәа дрыхцәажәахьеит, иҭиҵаахьеит, аха зегь реиҳа ифудаменталтәу иҭҵааратә-критикатә усумҭа дуқәа рахь иушьар ауеит: Дырмит Гәлиеи, Баграт Шьынқәбеи, Фазиль Искандери, Алықьса Гогәеи, Алықьса Џьениеи, Џьума Аҳәбеи, Борис Ҭыжәбеи ирызкқәоу.
Иналкааны аӡбахә ҳәатәуп иара иџьабаа дуӡӡа зду, редактор хадас дызмоу, ҵыԥх Ҭырқәтәылатәи ашәҟәҭыжьырҭақәа руак аҿы хә-томкны иҭыҵыз, аҭоурыхҭҵааҩ, аетнограф, абызшәадырҩы, апоет Омар Баирам-иԥа Беигәаа (1001-2001) ирҿиамҭақәа зегьы еидызкыло иҩымҭақәа. Ари коллективтә ҭыжьымҭа дууп, иара иеиԥш ираҵәаҩны уи аҭыжьра аҵарауаа рџьабаа адуп, иалахәуп, аха иара дызҵаз аидара даара иҭакԥхықәра дуун, қәҿиаралагьы инаигӡеит.
Иахьа Виачеслав Бигәаа Москва дынхоит, адунеи зыхьӡ адыруа аҵарауаа дуқәа аус рыциуеит, иреиӷьӡоу ажурналқәеи ашәҟәқәеи иусумҭақәа рнылоит, деиҭаргоит атәым бызшәақәа рахь, ҳилагәдууп зегьы. Ҳилагәдууп иара иеиԥш иҷкәынгьы, уи Урыстәыла иреиӷьу аҿар аматематикцәа рахь дрыԥхьаӡоит.
Ҳара даара ҳаигәырӷьоит даҽакгьы: Виачеслав шықәсыкахь хымз Аԥсны данаалак, иаби иани рыҩны аҟра ацҵаны, х-еихагылак аҭаны аргылара даҿуп. Уи, Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблаҿы иашҭа уҭалар, есымша зыҩны иаху нхаҩ бзиаӡак иашҭа уҭалазшәа, ашәыр, ақәыр, ауҭраҭых, арыжәтә џьбара, уаазеилаҳалак зегьы, иара инапы иааӡаз, изхьысыз ааумҵаиргылоит!.. Нас иарбану уи еиҳау анасыԥ, арҿиара усгьы, аԥсҭазаара усқәагьы, зегьы ирыхьӡо ҳҩыза бзиа, иахьа иреиӷьӡоу ҳаинтеллигенциа рахь дыԥхьаӡаны ҳиеигәырӷьозар, иирамш идаҳныҳәалозар, агәабзиареи арҿиаратә гәаҳәареи ацны, хҭырԥашкәакәала имҩаԥигаша аԥсуа иқәра ду изеиӷьаҳшьозар!..