Агәқәа еибызҭо данаауа: Анымираҳ - ҩыџьа рынцәахәы

Абзиабара анцәахәы Анымираҳ изкны аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа ртәы ҳадылгалоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Sputnik
Аԥсуаа рынцәахәқәа рпантеон аҿы иҳамоуп абзиабара анцәахәы ҳәа ззырҳәо. Иара ихьӡ еиуеиԥшымкәа ирҳәоит: Мумыр аҳ, Сумыр аҳ, Нымираҳ, Лымилаҳ, Лымшаҳ, Шымираҳ. Аха зегь реиҳа ахархәара змоу Нымираҳ (Анымираҳ) ауп. Анымираҳ ихьӡ анаҳҳәо иаразнак сара схаҿы иааиуа абзиабара атема зныԥшуа, аҭоурыхтә аамҭақәа иргәылсуа Алықьса Џьениа ироман "Анымираҳ – ҩыџьа рынцәахәы" ауп.
Абзиабара анцәахәы изкны иҟоу анҵамҭақәа маҷуп. Аԥсуа жәабжьҳәаҩцәа ҟазацәа иреиуаз Чагә Чаҵә илафқәа руак аҿы сылаԥш иҵашәеит абри аҩыза ацыԥҵәаха:
"- Уаа, Чагә, ушысҭахыз узбеит, амҩан ауп иахьуасҳәо, аха абыржәтәи асабша ашәны аҩнынӡа усызнеи, ачара сымоуп!... – ҳәа наиеиҳәеит.
- Ҳаи, уалагәырӷьааит, изакә чароузеи?!
- Ԥҳәыс даазгоит.
- Уаа, Анаҭ, Анымираҳ дузылԥхааит!"…
Иара уаҟагьы иацуп: "Анаҭ (Анан), Анымираҳ – ауаатәыҩса еибызҭо, изырҿио, рхыҧхьаӡара иаззырҳауа ажәытәӡатәи нцәахәуп".
"Ԥҳәыс даазгоит" ҳәа аԥсуа ишыжәдыруеипш ичара ҳәо ауаа дрылаломызт, ари ацыпҵәаха ахьынтәаагоу лафуп. Аха араҟа ихадароу даҽакыуп: Анаҭ, Анымираҳ ҳәа ажәабжьҳәаҩ зыӡбахә имоу – ауаатәыҩса еибызҭо анцәахәы. Ари ацыпҵәахаҿы иаҳбоит уи иацу аныҳәаратә формагьы – ԥҳәыс даазго "Анымираҳ дузылпхааит!" ҳәа диныҳәоит. Иааркьаҿны ихьӡ Анаҭ ҳәагьы ациҵоит. Аныҳәаратә форма "Анымираҳ дузылпхааит!" ҳәа еибаго рзы иахьа ирҳәо ҳбаӡом, аха уаанӡа ахархәара амазар ҟаларын.
Аӡархәма, ма анасыԥ азы аԥшра: нанҳәа ауха имҩаԥырго ақьабз
Раԥхьаӡакәны абзиабара анцәахәы иӡбахә цәырганы иахьаҳԥыло раԥхьатәи аԥсуа етнограф Салуман Ажәанба истатиаҿоуп. Араҟа автор анцәахәы ихьӡ Мумыр аҳ, Сумыр аҳ ҳәа иаирбоит, иааигоит уи изкны имҩаԥыргоз ақьабзгьы. Уи излаиҩуала, ачгара ду (аҿбаара) ианыҵалоз актәи амш азы хаҵа имцац аҭыԥҳацәа акрырфомызт, ачаӷьа рҿахьы иҩаргомызт. Досу даҽаӡәы имырбакәа, маӡала, ахәыӡ иалхны ԥшь-хәажәак ҟалҵон изакәызаалакь акагь аламҵаӡакәа. Амра аҭашәамҭаз акәакәарқәа ржәуан. Нас урҭ рыманы ааигәа хаҵа ицаз аҭыԥҳа лахь ицон. Уи амҳараҿы илыдылкылон. Ақьабз иалахәыз аҭыԥҳацәа анеизалакь, агьежьбжатеиԥш еикәшаны ршьамх арсны игылон. Аҭаца ҿа досу иааргаз ркәакәарқәа чанахк ианҵаны икны раԥхьа дгыланы дныҳәон аҭыԥҳацәа анасыԥ бзиа роурц, насгьы аӡӷабцәа хаҵа изгараны иҟоу убри ауха ԥхыӡ ирбарц анцәахәқәа Мумыр аҳи Сумыр аҳи дрыҳәон.. Аныҳәара даналгалак ашьҭахь акәакәарқәа досу агьама длырбон. Аҭыԥҳацәа рыҩныҟа ианцоз иаанхаз акәакәарқәа ргон, ианышьҭалоз рыхчы иаҵарҵон. Ауха изнасыԥхараны иҟоу ԥхыӡ дырбон.
Ҩыџьа еибаԥшаарц: анасыԥ иазку хәажәкыншьҭахьтәи ақьабзқәа
Ажәанба ианҵамҭаҿы ишаҳбо ала, акәакәар акагь арҭомызт. Анаҩстәи анҵамҭақәа рҿы егьырҭ аҵарауаа иҟарҵоз рҿы акәакәарқәа мыцхәы иҵааны акәын аҭыԥҳацәа ишырфоз ҳәа еиҭарҳәоит, нас ԥхыӡла ирынасыԥхаран иҟаз аӡы рзааигон.
Шалуа Инал-иԥа ари зыӡбахә ҳамаз Ажәанба ианиҵаз ақьабз иазку истатиа еилырго иҳәоит Мумыр аҳи Сумыр аҳи аханатә хаз-хазы иҟаз хаҿқәазҭгьы, анаҩс урҭ еилалеит, акны иҟоуп Нымираҳ ҳәа, иантропоморфтәу хаҿуп.
Ҳаамҭазы аҿар рыбжьара актуалра амоуп "валентинка" ҳәа изышьҭоу аҳамҭеимдара абзиабара амш азы. Анымираҳ ихьӡ аԥсуа ҿар рыбжьара иаларҵәахар залшон иаҳҳәап, уи иазку иҷыдоу асахьақәа аԥҵазҭгьы, уи ҳамҭак аҳасабала аӡәы иуҭартә еиҧш. Ииасхьоу, ирхашҭхьоу ажәытәра иҿыцны аԥсы ахауҵар ҟалоит ҳаамҭа иақәшәо ирцәажәазар.
"Илбаз иакәӡам дыззааргаз": аҿар реибадырра иаци иахьеи