Иахьантәарак арԥызбак амза иҿаҳәҳәы,
Амыҵмыџь шәҭқәа сызҿыхны дыԥсуан…
Гунда Сақаниаԥҳа
Жәабран 25 рзы ҳпоет бзиа Гунда Сақаниаԥҳа илирамшын. Убри аҳаҭыраз Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Иван Папасқьыр ихьӡ зху абиблиотекаҿы еиқәшәеит ашәҟәыҩҩцәа, аинтеллигенциа, асахьаҭыхҩцәа, акомпозиторцәа, ҳдоуҳатә культура амаҵ зуа рацәаҩны. Урҭ зегьы Гунда лпоезиа бзианы издыруа, данаацәырҵ инаркны иазҿлымҳау, гәыкала згәы иахәаны инеиз роуп. Насгьы, араҟа апоет илыман аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз лышәҟә ҿыцқәа рӡыргара, уи еиҳагьы игәахәаран, избанзар, апоет лпоезиа даара бзиа избо зегьы лара лавтограф ақәҵаны ирылҭартә алшара рыман.
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Гунда Сақаниа акьыԥхьаҿ дцәырҵит 80-тәи ашықсқәа рзы. Уи лнапы иҵылххьеит аизгақәа: "Аԥшқарах", "Анана Гунда", "Ахьыцәыкәбар", "Саҭанеи лашәа", "Ахьыԥшьа", "Аԥслымӡ сааҭ", "Аматанеира", "Адауы дышҷынҷахаз" уҳәа акымкәа ашәҟәқәа. Иахьа аԥхьаҩцәа рҿаԥхьа ицәырылгаз лышәҟә ҿыцқәа апоет лырҿиамҭақәа рӷьырак еидыркылоит. Урҭ ҩ-томкны иҟоу лажәеинраалақәа реизгақәа "Зқьымреи", "Ажәҩан анааигәахои" роуп.
Ааԥын абӷьы еиҵәа,
Ааԥын аҵыс еиҵәа,
Ушьац еиҵәа аԥштәы хаа,
Сқәыԥшра акасы еиҵәа,
Убла шәҭышха,
Ушәҭқәа касышха,
Сышҭа зегь хырҟьеит,
Сгәы ԥшқа хәыҷ ҭырҟьеит,
Уԥшқара сахәаҽт,
Ааԥын,
Избан?!
Уи лажәеинраалақәа убас еиԥш иҟоу ԥхаррак, ҟәандарак рыҵоуп, урыԥхьан уанаарылгалак, анкьа иудыруаз, иузааигәаӡаз, аха кыраамҭа иумбацыз, уажәы иаалырҟьан дануба, дџьаушьару, уиеигәырӷьару узымдыруа ушынхо еиԥш, уаанрыжьуеит.
Уи азныказ ауп, аха нас, хәыҷы-хәыҷла ургәылархалоит, урзааигәартәуеит, маӡала иуахәыҭхәыҭуеит, улымҳа ак ҭарҳәоит, аӡынтәи ашәахәа хаа еиԥш иуҿаԥхоит, рхы угәадырԥхоит, ишырҳәо еиԥш, укәа иҭалан, умаӷра иҭысуеит!
Нас, уаргьы, ахәҷы игәаԥхаз аԥарԥалыкь ԥшӡа дыҩуа адәы иаҵәаҿы дшашьҭало еиԥш, урышьҭалоит урҭ ажәеинраалақәа, ани, "узхьдырԥшыз" аԥшӡара даҽа хәҷык иудырбарц, иамеигӡарц, уаргьы урҭ рыҩнуҵҟа имҩаԥысуа рымаӡақәа урыладырхәырц, "рыӡмыжь" хәыҷқәа рҿы удырӡсарц...
Гунда Сақаниаԥҳа лпоезиа зны-зынла иҽҵысуп, уршанхо, ишыхәмаруа, нас икәарны аҿынанахоит, ани аҽҵыс еиԥш узхәаԥшуаз, "зхы" ушьышьырц, иугәыдуҳәҳәаларц иуҭахыз, ула ишабоз, ашәымҭак азы иҽыҩхеит, иҽццышәхеит, аӷәраҵәҟьагьы аҿарххра гәаӷьыуацәахо...
Апоезиа закәыҵәҟьоу макьана аӡәгьы иааҭкааны ишизымҳәогьы, зегьакоуп, гәынхәҵысҭала дасу иара ипоезиа, иара илира хаа "амаҵ" иуеит, игәаҿы иҭаҳәҳәаны имоуп, ианиҭаху ахра иаҿахо ахрашәа шаацәыриго еиԥш, иаацәыригоит, маӡала дыззыԥшыз, мчыкгьы иланаҵоит, лашаракгьы акәиц еиԥш ихааӡа игәы иҭанарԥхоит...
Гунда лпоезиа, уи лажәеинраалақәа амыцхә лгәы аадыртӡом, амыцхә иҽырбаӡом, аха урҭ уԥырҵны ианцо, "рымҵәыжәҩашьҭыбжь" убас угәы хьухьууа иҟанаҵоит, уара уззыԥшыз, иуҭахыз ажәа, дара улымҳа иҭарҳәауеит, аха уара ианаамҭаз иахьумаҳаз азы, ухы уазгәаан, угәы ԥыжәжәо урышьҭалоит...
Иҟалап убри акәзар апоезиа, уара умаӡа иаҭаххар ажәак ала иаазыртуа, аха уи ажәа ахьыҵәахуи, ианцәырҵуеи, аԥсы ахьҭоуи уара зынӡа ианузымдыруа... Аха, џьара ишыҟоу удыруеит, уи иаҭаххар, уара ухы уханаршҭуеит, ашьауардынеиԥш, амҵәыжәҩа унаҭоит, ушьҭнарԥраауеит, ажәҩан ҵамҵамрахь уханагалоит, амала иааузыцәгьахар ацаҟьа гәаԥшь уаннаҟьаргьы ҟалоит!..
Гунда лпоезиаҿы зегьы ыҟоуп; аԥшӡарагьы, ахьаагьы, агәырҩагьы, иара убасгьы џьарак еилаҭәоит агәырӷьалабжыши агәырҩалабжыши.
Урҭ рыгәҭоуп иахьыҟоу абзиабара иахылҵуа ажәа, арыц, иара ҳаԥшаанӡа, ахәырбӷьыцеиԥш, "ҳахәра" иааган иақәаҳҵаанӡа тәамҩахәи цәамҩахәи ҳазымҭо...
Амца акызаап мраҭашәара,
Мраҭашәара амца акызаап…
Уа ублызаап, са сыблызаап,
Амра нхазаап ҳа ҳабжьара.
Апоет лльирикатәи лфилософиатәи жәеинраалақәа, сааҭк аҩнуҵҟа дзыԥхьоз, уи лпоезиа бзиа избоз лзыӡҩрцәа шәымҭак еиԥш ирымбаӡакәа аамҭаны ицеит.
Лара лхаҭа лырҿиаразы, лпоезиазы, лықәгылараҿы ажәеинраалақәа рыԥхьара инарыбжьаршәны илҳәеит:
"Сара сзы ажәеинраала ныҳәаԥхьыӡуп, матанеироуп, ҿаҭахьоуп. Сгәы ҭыԥсаауеит саназхәыцуа. Сара сзы уи- Анцәа иахь амҩоуп. Анцәа изы иуҳәо ашәа иаҩызоуп. Сацәшәоит, аха бзиа избоит, иара ада ԥсыхәа сымаӡам. Ҵҩа змам ажәҩан еиҵәҟаҟараҿы, аԥырра, ҵыхәаԥҵәарада агәбылра, агәаартра. Егьазундаз, аӡыхь ашәа сзымҵеит, аҵыс ашәа сзеиҭамҳәеит. Иара аԥсҭазаара ахаҭа ашәа ссир, уи амаӡа, зегьы аԥсуа бызшәаҿы ишыҟоу сныруеит. Бзиа ибаны саԥсшәа еиҭасҳәарц сҭахуп ажәеинраалала. Аԥсуажәа сахьа, асахьа ссир, иара абызшәа ахаҭа апоезиа ҳаракуп, уи ззаатыз- имоуп адоуҳамч!.."
Ҳнанԥшылап зуаҩыбжара ақәраҿ инеихьоу апоет Гунда Сақаниаԥҳа лыхьтәымҩа, лҟазарамҩа:
Сақаниа Гәында Валентин-иԥҳа диит жәабран 25 1966 шықәсазы Очамчыра араион Кәтол ақыҭа. Апоет, аиҭагаҩ Гунда Сақаниаԥҳа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла далоуп (1997), Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа ланашьоуп (2010, ажәеинраалақәа реизга "Саҭанеи лашәа" азы). Дыҩуеит аԥсышәала.
И. А. Коӷониа ихьӡ зху Кәтолтәи абжьаратәи ашкол даналга (1981), дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи алитературатә институт.
1989-1992 шш. раан аус луан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылаҿы консультантс. Ашьҭахь Аԥсны Жәлар Реизара аҟны еиҭагаҩс, аԥсуа бызшәа арҿиара аҳәынҭқарратә фонд аҟны азанааҭдырҩы хадас дыҟан. Аамҭакала Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет астудентцәа алитература акурс ҷыда дырзаԥхьоит.
Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1978 ш. инаркны. Лажәеинраалақәа, Аԥсны апериодикатә кьыԥхь аҟны еиԥш, анҭыҵ, аурысшәахь еиҭаганы иркьыԥхьхьеит. Лҩымҭақәа рнылахьеит ажурналқәа: "Алашара", "Абаза", "Литературная Кабардино-Балкария", ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аҭыжьымҭақәа "Еҵәаџьаа", "Литературная газета" (Москва), иара убас аизгақәа "Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа, Ажәабжьқәа. Астатиақәа – Песнь мужества. Стихи. Рассказы. Статьи. (Аҟәа – Сухум), 1995. Лҩымҭақәа жәпакы агәылоуп "Аԥсуа поезиа антологиа" ХХ ашә." (Аҟәа – Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – 2009).
Ажәеинраалақәа реизгақәа жәпакы ҭлыжьхьеит.
Лажәеинраалақәа еиҭагоуп аурыс, англыз, аиталиа, асерб, аҭырқәа, адыга, ауаԥс уҳәа абызшәақәа рахь.
Аҭыжьымҭақәа: аԥсышәала:Аԥшқарах. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1985; Анана- Гунда. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, (1988); Аматанеира. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, (2001); Ахьыцәыкәбар. Ажәеинраалақәа. (2003); Саҭанеи лашәа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, (2008); Акәиц еимхәыцқәа. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. . Аҟәа, (2009); Ахьҩеижь. Ацуфарақәа ахәыҷқәа рзы. Аҟәа, (2009); Ахьыԥшьа. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, (2009); Ҳаицыԥхьаӡап. Ахәыҷқәа ирызку аԥхьаӡаразы ажәеинраалақәа. Аҟәа, (2010); Адауы дышҷынҷахаз, аҷынҷа дышдоухаз. Ахәыҷқәа ирызку иажәеинраалоу алакәқәа. Аҟәа, (2013); Аԥслымӡ сааҭ. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, (2014).
Ахәылԥаз мҩаԥысит даара агәбылреи аԥхарреи ацны. Уаҟа иқәгылан апоет лырҿиара иалацәажәеит, лажәеинраалақәеи лара илызкыз аепиграммақәеи ирыԥхьеит, Амилаҭтә библиотека аусзуҩы И. Бжьаниа, апоет Гәында Кәыҵниа, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа, акомпзитор Нодар Ҷанба, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.
Абраҟа саԥхьеит саргьы апоет лажәеинраалак иалху апародиа, уи лара апоетгьы азалгьы гәыкала ирыдыркылеит!
Сымца назхьысыз, дбылӡом, дҷыҷуеит!!!
Апародиа
Егьаџьара уцаргьы, са сышҟа ухынҳәуеит,
Уԥсыргьы, унхаргьы, са сышҟа ухынҳәуеит!!!
Знык сымца назхьысыз, сымцаҿ дбылуеит,
Егьаџьара уцаргьы, са сышҟа ухынҳәуеит!..
Знык бзиа избаз, ахаан дызбоит,
Исцәымӷу дшысцәымӷу нарцәыҟа дызгоит!..
Гунда Сақаниа
Уара усықәшәаанӡа ԥхыӡла зегь сшьуан,
Иааигәан исаҩсуаз, былӡомызт, иҷыҷуан!..
Уара ихаакәакәараӡа иҟаз убла сҭаԥшын,
Ухыцәкәыкәын уанкыҵәҟьан уӡхызгеит амшын!..
Сара уара уаҳаҭыраз аӡсашьа сҵеит,
Зны ӷбала, зны нышьла, Баҭымгьы снаӡеит!
Иуасҳәеит сара Аҟәа ишсымам уаҭах,
Уи агьаурым уҳәеит, уҽырԥагьан уарах!..
Бнацәа назқәыбкыз, ауада ба ибтәуп,
Аԥара бацәымшәан, сџьыбақәа ҭәуп!..
Аратәи аԥсуаа, иныбзақьша шәара,
Ишәылымшеит сыбзиабара ахә ашәара!..
Дшысқәашьхоз здыруан, сара хаҵаӷәӷәак,
Аҵысхш сызцәырымгаргьы, исыржәып каҳуак!..
Зегь реиҳа исгәаԥхо, уи абаҳа сиркӡом,
Ауҭрагь сызҭалом, анышәгьы сзырпӡом!..
Аҽагеи снацәхыԥқәеи зынӡакгьы иааибӡом,
Уи смуза ҟадыџьгьы ԥхьарылар иуӡом!..
Ԥсуак дыжәбахьоума ара дымлаго,
Ҳавара амшын ду ӡаауп игазго!..
Хыхь абалкон аҟынтә иршәуеит аҵәгәыр,
Изыԥшу идыруеит ԥсыӡқәак имкыр!..
Ҳаи, зқәақәра сцаша, уахакгьы симжьеит,
Дақәгәыӷны дтәозма ҳҳәынҭқарра абиуџьет!..