"Жәларык роуп сзыхшаз!": Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит

© Foto / из архива семьи Ласуриа Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит
Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Анапаҵаҩра
Иахьа, ажьырныҳәа 16 рзы, 85 шықәса ихыҵуеит аԥсуа литература аклассик, апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа. Аиубилиар изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
… Иуԥгыло, узҭахым уриааины,
Аӡиас еиԥш, уццакы, сцәаҳәа!
Аԥсуа дгьыли, аԥсуареи урызгәдуны,
Аԥсыуала Аԥсны азы ушәаҳәа!..
Мушьни Лашәриа
Иахьа уажәраанӡагьы сгәаҿы иҵәахны исымоуп сара саныхәыҷыз даара бзиа избоз, сыхч иаҵаз, исзааигәаз ашәҟәқәа. Усҟан урҭ санрыԥхьаша ҳәа аамҭа алхны исымаӡамызт, дареи сареи маӡа мчык ҳашьҭан, ҳаибамбар зымуаз, ианааҳҭахыз ҳаибаԥшаартә ҳҟазҵоз! Убас иҟаз амчқәа иреиун сара сшыхәыҷӡаз бзиа избаз, згәыбылра скыз аԥсуа поезиа! Насгьы, сара бзиа избаз ажәеинраала усҟан даара ирласны исҵон, хынтә-ԥшьынтә саԥхьар уаҳа сҭахӡамызт, иаразнак снапаҿы иааиуан! Убас, иаразнак снапаҿы иааиз, сгәы иҭалаз ажәеинраалақәа рацәаны иагәылан апоет Мушьни Лашәриа иажәеинраалақәа реизга ашәҟәы "Ажәлаҟьаҩ".
Сара иахьа уажәраанӡагьы апоет ишәҟәқәа зегьы иреиӷьасшьоит абри ашәҟәы! Иҟалап, усҟан иара автор егьырҭ уаанӡа иҭижьхьаз ишәҟәқәа иргәылхны, иреиӷьӡаз ажәеинраалақәа абри ашәҟәаҿы иахьеидикылаз, аԥсҭазаара ахьриҭаз акәзар, иҟалап, сара сҿара иазааигәаз абзиабаратә лирикатә жәеинраалақәа рацәаны иахьагәылаз акәзар! Изыхҟьазаалакгьы, абри ашәҟәи сареи раԥхьаӡа снапы ианакыз иҳабжьалаз абзиабара иахьа уажәраанӡагьы еиқәымтәаӡацт!
© Foto / из архива семьи Ласуриа Мушьни Лашәриа иқәыԥшразы
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Мушьни Лашәриа иқәыԥшразы
Иџьоушьаша, нас акыршықәса анҵы, апоет убарҭ иажәеинраалақәа зныз ашәҟәқәа рацәаны еиҭаҭижьит, аха сара, зегь акоуп, абни саныхәыҷыз зегь раԥхьаӡа снапы иакыз аизга "Ажәлаҟьаҩ" иану ажәеинраалақәеи сареи ҳшеицәажәо, иара ишәҟәқәа даҽак аҟынтәи "изсацәажәаӡом", акы ҳазхаӡом, инагӡаны дара ажәеинраалақәеи сареи ҳагәқәа акы иаанартӡом! Иҟалап иҟазар раԥхьатәи абзиабара еиԥш, раԥхьатәи апоет ишәҟәы абзиабарагьы!
Юбилей Академии наук Абхазии - 20 лет - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2021
Лашәриа: сыԥсҭазаара алитература иазкын, уаҳа ҽакы хадарас иалхны исымамызт
Уажәы абра ииаҳгап Мушьни Лашәриа илирикатә жәеинраалақәа сара хаҭала иреиӷьасшьо акы ацыԥҵәахак, иахьӡуп иара "Аихамҩаҿ".
Ԥхынран.
Икыдҵәан иаҿын ақәоура.
Аихамҩа иқәлан инеиуан дара.
Амацәыс -
Ажәҩан агәы ианыҷҷалон,
Геи шьхеи убасҟан
Лашарак рхалон.
Еилаҵәон аихамҩаҿ ҩыџьа зынӡа,
Рымаҭәа еидҷабло,
Наҟ-ааҟ ицәаакӡа…
Рӡамҩақәа,
Рқьышәқәа
Ирхьысуан ақәа,
Еилысуан,
Еилаҵәон наҟ-ааҟ анапқәа.
Аԥсны Жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик Мушьни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2015
Мушьни Лашәриа: апоезиа – сыԥсҭазаара иашьаҭоуп
Уажәы, ирҿиара иҵегь ахцәажәара ҳалагаанӡа, хымԥада иахәҭоуп апоет ду инысымҩа азааҭгылара…
Лашәриа Мушьни Таииа-иԥа - апоет, аиҭагаҩ, алитератураҭҵааҩ, акритик, диит ажьырныҳәа 16, 1938 шықәса рзы Аԥсны, Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсны жәлар рпоет, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик. Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы. Ш. Русҭавели ихьӡ зху Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә премиа (Ш. Русҭавели иҩымҭа "Абжьас-цәа зшәу" аиҭагазы), Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьоуп (2004, "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." аиқәыршәаразы), А. Дельвиг ихьӡ зху Урыстәылатәи апремиа, Ацқьацәа Кирилли Мифодии рыхьӡ зху Апатриархтә литературатә премиа, Вадим Кожинов ихьӡ зху ажурнал "Наш современник" алитературатә премиа. Ианашьоуп аорденқәа: "Аҳаҭыр Дырга", "Ахьӡ-Аԥша" I, II, III аҩаӡарақәа. СССР-и, Урыстәылеи, Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа, ашьҭахь Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа рлахәыла, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа ахантәаҩы.
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриа ианаршьаз Апатриархтә литература апремиа иазкны
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит 12-13 шықәса анихыҵуаз. Апоет ишьақәгылараҿы акырӡа абзоуроуп Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба уҳәа рпоезиа. 1955 ш. иҭыҵыз ажурнал "Алашара" аҩбатәи аномер ианылеит раԥхьатәи иажәеинраалақәа ируаку "Ҽынлеиԥш илашан".
Иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа "Амцабз", "Аҟәа-Сухум", "Юность", "Абаза", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны", "Советская Абхазия", "Литературная газета", "Еҵәаџьаа" уҳәа егьырҭгьы. М. Лашәриа ипоетикатә ҩымҭақәеи иеиҭагамҭақәеи жәпакы агәылалеит "Аԥсуа поезиа антологиа. ХХ ашә." аҩбатәи атом. Мушьни Лашәриа апоетикатә ҩымҭақәа реизгақәеи ажәеинраалала иҩу ароман "Аџьынџьи" еидызкыло ашәҟәқәа 15 инареиҳаны иҭижьхьеит.
Деицырдыруеит иара убас еиҭагаҩны. Аԥсшәахь еиҭеигеит А. С. Пушкин ироман "Евгени Онегин", М. И. Лермонтов ипоемақәа "Мцыри", "Демон", Ш. Русҭавели – "Абжьас-цәа зшәу", Џь. Баирон ("Шилонтәт атҟәа"), Г. Лонгфелло ("Гаиавата изку ашәа"), Ш. Петефи ("Ԥхьаҟа, Мадиараа", "Жәлар рашәа"), абашкирцәа репос "Урал-Баҭыр" уҳәа егьырҭгьы.
© Foto / из архива семьи Ласуриа Урыстәыла уаанӡатәи ахада Дмитри Медведеви Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриеи Кремль.
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Урыстәыла уаанӡатәи ахада Дмитри Медведеви Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриеи Кремль.
Мушьни Лашәриа аԥсуа литератураҭҵаареи акритикеи рҟны илагала шьахә ыҟоуп. Авторс дрымоуп аԥсуа литература аҭоурых апроблемақәа ирызку астатиақәеи ашәҟәқәеи жәпакы, иара убас Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба, Шьалуа Ҵәыџьба, Қьаазым Агәмаа, Миха Лакрба, Кьыршьал Чачхалиа, Алықьса Гогәуа, Шьалуа Ҷкадуа, Алықьса Џьонуа, Иван Ҭарба, Мушьни Миқаа, ФазильИскандер уҳәа егьырҭгьы рырҿиара.
Мушни Лашәриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2018
Мушьни Лашәриа: аԥсҭазаара уԥхьоит, ирацәоуп аутәы, аҟаҵатә, урҭ ҵҩа рымаӡам
Ҳара аԥсуа поезиа зхы-зыԥсы еиԥш бзиа избо зегьы ҳзы ныҳәа дууп, иахьа аӷьараҳәа дахьҳалагылоу, ҳашәҟәыҩҩцәа реиҿкаарақәа руак "Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рассоциациа" дахьахагылоу, уи анапаҵаҟа иҟоу алитературатә газеҭ "Еҵәаџьааи" ажурнал "Аҟәеи" редакторра ахьырзиуа… Иахьиҩуа зеиӷьҭам ажәеинраалақәа, апоемақәа, ароманқәа… Дахьрылахәу алитературазы арҵага шәҟәқәа реиқәыршәара, иахьимпыҵыҵхьоу ҳаамҭазтәи алитература иазку ихатәроу акритикатә статиақәа, иахьеиҭеигахьоу адунеитә литератураҿы иаарылыҳәҳәо аҩымҭа дуқәа… Аха сара, ҳаицәажәара иҵегь харантә, схәыҷра иацу агәалашәарақәа рҟынтә салагар сҭахуп!..
Усҟан сара сқәыԥшӡан зынӡа, аха ажәеинраалақәа рыҩра салагахьан, саб симаны днеит иара иҿы. Иара усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла деиҳабын, иаркы-иаркы ирцә ҳәа даныҟаз аамҭақәа рзы акәын!.. Даара ибзиан ҳидикылеит, икабинет аҟынтәи ҳандәылҵуазгьы, ҳамҭас исиҭеит иахьагьы ҳаԥсуа литератураҿы апоезиатә шәҟәқәа ирылскаауа рҟынтәи иреиӷьӡақәоу рахь исшьо иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟәы "Ажәлаҟьаҩ". Уи ахҭыс иара игәалаиршәеит сара 50 шықәса анысхыҵуаз сымшира иазкыз аиубилеи аан ицәажәараҿ. Уаҟа ҳамҭас исиҭаз иалкаау ишәҟәы "Аҵеи уахь" аҿы ажәеинраала "Зани заби ыҟоу" аартны, уи 280-тәи адаҟьа ахаҿы, абас ақәыҩны исиҭеит, уи сара исхашҭӡом, ихааӡа ԥсраҽнынӡа исгәалашәалоит: "Анатоли, абаҩхатәрауаҩ, гәаларшәагас - уиубилеи аҽны! Ииуль 21, 2011 ш."
Мушьни Таииа-иԥа иԥсҭазаараҿы акраҵанакуеит кәтолтәи аҷкәын Аҟәа ишьапаларгылара, усҟан аамҭақәа даара излацәгьаз ала, инхарҭа ыҟамызт, инҵырҭа ыҟамызт, арахь аҵара иҵар акәын, уеизгьы-уеизгьы бӷа дукгьы имамзар акәхарын ақыҭа иалҵны иааз аԥсуаа зегьы реиԥш. Аха иаԥхьаҟа цәашьык каххаа ибон, убри ацәашьы изгәамҭаӡакәа мчы маӡак иланаҵон, гәамч ӷәӷәак инаҭон…
Аҟәа иҵара анхиркәша, дҭалеит Москватәи алитературатә институт. Уи аҵараиурҭа, аиашаз, усҟантәи Асовет Еидгыла мацара акәымкәа, адунеи зегь аҿы даара зыхьӡ дууз ҵараиурҭан. Уаҟа аҵара рҵон амилаҭ рацәа, аҳәаанырцәаагьы даара ирацәаҩын. Хымԥада, уаҟа иара ирҳаит адырра бзиеиԥш, аҩызцәа бзиақәагьы. Сара ибзиан исгәалашәоит шаҟа гәыблыла дрыхцәажәоз ҳаамҭазтәи аурыс поет ду Иури Кузнецови акритик бзиаӡа Вадим Кожинови. Урҭ рхыԥхьаӡара еиҳагьы ирацәаҩхеит уи Алитературатә институт анхиркәша, уаҟа, Москва иара иатәыз аспирантура данҭала. Урҭ ԥыҭҩык иахьагьы ирлас-ырласны рыхьӡқәа иҳәоит, избанзар, сара издыруеит иахьагьы зыԥсы ҭаны иаанхази иареи аигәныҩра бзиақәа шрымоу, еиҳараӡакгьы арҿиаратә еимадарақәа… Ирлас-ырласны иҩымҭақәа ркьыԥхьуеит Урыстәылатәи алитературатә дунеи аҿы даара пату зқәу ажурнал "Наш современник" аҟны.
© Foto / из архива семьи Ласуриа Мушьни Лашәриа аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыгәҭа.
Мушни Ласуриа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2023
Мушьни Лашәриа аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи рыгәҭа.
Москвантәи аҵара дуқәа дрылганы Аԥсны данааи, аусура алагарагьы усҵәҟьа имариамзар акәхарын… Хыхь ишысҳәахьоу ала, иара зны ажурнал "Алашара" аҟны апоезиа аҟәша деиҳабын, нас ашәҟәҭыжьырҭа аҿы редактор хадас дыҟан, нас Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабыс. Ашәҟәыҩҩцәа ирацәаҩны ирҳәо исаҳахьеит, аус ахьиуаз аредакциақәа рҿы иара даара апринцип ӷәӷәа шааирԥшуаз аҩымҭақәа ралԥшаараҿы , ркьыԥхьраҿы, алыхәҭа гәӡа икылихуан зҩымҭақәа акьыԥхь ахь инаишьҭуаз… Ирҳәоит, иара иоуп еиҿызкааз ҳәа 70-тәи ашықәсқәа рзы ажурнал "Алашараҿы" ажәабжь ажанр ахцәажәаразы "Аимак-аиҿак". Иахьагьы ажурнал адаҟьақәа уаныргәылаԥшуа, алитератураҿы уи аамҭа иреиӷьӡоу аамҭақәа рахь иушьар ҟалоит!.. Уа исықәымшаҳаҭхо аӡәгьы дыҟоуп ҳәа сыҟам!..
Иара Аԥснытәи Ашәҟәыҩцәа реидгыла данахагылаз, ибзиаӡаны исгәалашәоит Аԥсны имҩаԥысит Асовет литература Амшқәа. Арахь иааит Асовет Еидгыла иаҵанакуаз ашәҟәыҩҩцәа дуӡӡақәа. Иахьагьы слымҳа иҭаҩуашәа саҳауеит Евгени Евтушенко шаҟа гәыблыла Аԥсни аԥсуа литературеи дрыхцәажәоз. Иаҳӡар ҳақым, уи аҩыза аиԥылара ду аиҿкаара, амҩаԥгара, иааимпыҵмыршәаӡакәа аӷәра зкыз иара шиакәыз!.. Иахьагьы изгәалашәо рацәаҩуп урҭ амш хазынақәеи, иалахәыз гәыԥҩык ҳасасцәа бзиақәеи!..
Евгений Евтушенко в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2018
Лашәриа: Евтушенко ибзоураны, Москва аԥсуа шәҟәыҩҩцәа акыр ацхыраара роуит
Абраҟа иазгәаҭамзар ҳақым иара даара гәыблыла дшизыҟаз, пату дуӡӡа шиқәиҵоз, еиҳа ииашоуп иаҳҳәар, имҵәыжәҩа дшыҵакыз - Баграт Шьынқәба. Уи маҷк амца зыцранаҵоз ашәҟәыҩҩцәагьы ыҟан, аха иара ицәаҳәақәа рыла иуҳәозар, иалихыз далихуан, иаԥсам дибаӡомызт!.. Ус ирҟазшьоуп агеницәа, ахәышҭаара уамырԥхозар, амца иҽҳәатәаӡом!.. Мушьни даныҷкәынӡаз инаркны илаша-лашо ишилаз гәеиҭеит кәицк, убри азы акәхап дара реиҩызара бзиа мыԥсахӡакәа иажәра изҭеигалазгьы?!
Мушьни Таииа-иԥа, иара ирҿиара еиԥшҵәҟьа, даара дацклаԥшуеит, пату дуӡӡа ақәиҵоит, ибзиаӡангьы идыруеит ҳаԥсуа литература. Убри азоуп, иреиӷьӡоу апоезиатә ҩымҭақәа ралкааразы, реиқәырхаразы, зегьы ирбартә ираҳартә адунеи азныжьразы, ҳаибашьра ашьҭахь ҩынтәгьы Москва изҭижьыз "Аԥсуа поезиа антологиа." Абри аҩыза аидеиа хазына анизцәырҵ, анагӡара Анцәа ду ихьиаҭәеишьаз разҟуп… Насгьы, абра иазгәаҭатәуп, ари еиԥш ҳпоезиа аҩаӡара саркьаҵас изныԥшуа ашәҟәы бзиа анҭижь, Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа анаршьеит!
Аԥсуа жәлар аибашьра дуӡӡаҵәҟьа рхыргеит… Уи аҭоурых иазныжьтәын, убри азы ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәа зегьы ирылшоз ҟарҵеит, ажанр маҷ инаркны ажанр дуқәа рҟынӡа. Насгьы, жәларык рхьаа, рыгәҭыха, ргәаҟра алацәажәара даара игәаӷьыуацәоуп… Иаҳгәалаҳаршәап Лев Толстои аурыс шәҟәыҩҩы Леонид Андреев аибашьра иазкыз ирҿиамҭақәа рзы ииҳәаз: " Он пугает, а мне не страшно!.." Убри аганахьала, Мушьни аибашьра иазку, уцәа уҭазырӡыӡо, инарҵаулан узырхәыцуа ажәеинраала бзиаӡақәа аԥиҵеит… Аха убарҭ зегьы иаарылукаартә иҟоуп ажәеинраалатә формала иҩу ироман "Аџьынџь." Уи аҩыза "амшын ду" ацәқәырԥақәа реиҩырссара ус имариамызт, аха иара даара лыԥхала далҵит!.. Ароман иқәҿиеит, ус уҳәар ауазар, ихысит!
Мушни Ласурия - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2019
Арадио
Лашәриа иҩымҭа "Аџьынџь" азы: ҳаибашьра аӡбахә адунеи ԥхьаҩы иҟынӡа анагара сашьҭан
Иахьа ҳара иаҳҳәар ҳалшоит, аурыс поет ду Константин Бальмонт ишизырҳәо еиԥш, Мушьни ирҿиараҿы апоезиа ашҭа дҭымҵит ҳәа!.. Егьырҭ ҳашәҟәыҩҩцәа аӡәырҩы ишыҟарҵаз еиԥш, апрозахь дмиасит, уи ақәра бзиа дааины дышҭагылоугьы!... Аха, ус ҳҳәеит ҳәа, анемец поет ду Иоганн Гиоте иреиӷьӡоу илирикатә жәеинраалақәа аниҩыз 50 шықәса данырҭыс ауп! Ҩнуҵҟала "деимарымкуа" дыҟам апоезиеи апрозеи, аха излаабо ала, ипоезиа ахәгьы-аҿгьы иқәнаргылом апроза!
Амала иазгәаҭатәуп, аиҭагара аус аҿгьы апоезиа аԥыжәара шагаз! Исгәалашәаӡом Мушьни прозатә ҩымҭак еиҭеигахьеит ҳәа. Академик Шоҭа Салаҟаиа уи ишәҟәы "Аҵеи уахь" аԥхьажәаҿ даара иҵабыргны иазгәеиҭеит: "Ииашоуп, М. Лашәриа деиҭагаҩ ҟазоуп - ари ажанр напы аиркит поет ҳасабла дцәырҵуа даналага аахыс. Аха, абраҟагьы, хадарала, поезиоуп еиҭеиго. Зеиҭагара иџьабаа ду аду иара Абиблиа ("Ауасиаҭ Ҿыц") - убригь иҵаулаӡоу апоезиатә нырра амоуп."
Сара санқәыԥшыз аԥсышәалеи урысшәалеи ҿырҳәала исҵаз "Евгени Онегин" аҟынтәи хқәак иахьагьы еиԥшны аҷҷаҳәа ҿырҳәала исгәалашәоит! Уи анысҳәах, уажә саԥхьа иаацәырҵит аԥсуа жәлар зегьы шаҟа гәадурыла ҳахәаԥшуааз ԥасатәи Урыстәыла Ахада , Дмитри Анатоли-иԥа Медведев, Москва, Кремль, Пушкин ихьӡ зху амедал ҳпоет игәышԥы ианаиркуаз, аԥсышәала дзыԥхьаз ароман ахқәа! Уи жәларык ҳзы, Владислав Григори-иԥа Арӡынба Москва, СССР Жәлар Реизара Ду аҿы иқәгылара аҟара аҵанакит! Насгьы, џьашьатәшәа иԥшӡахеит, уамашәа инаалеит, иара аԥсыуа маҭәала деилаҳәаны, икәымжәы, икаба, иаԥсуа хылԥарч, иҟама - Кремль асцена ду данаақәгыла!
Ус иҟоу ахҭыс ԥшӡа, ахҭыс бзиа агәаларшәарагьы акыр иаԥсоуп!
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриа Пушкини аурыс бызшәеи амилаҭтә культураҿа иазкны   - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.06.2022
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Лашәриа Пушкини аурыс бызшәеи амилаҭтә культураҿы иазкны
Уажәшьҭа ҳаиасып иахьатәи ҳлитературатә ԥсҭазаарахь! Ҳаԥхьаҩцәа, ишыжәбо еиԥш, Украина ицо аибашьра иадҳәаланы, даара ицәгьахеит иахьа ҳгазеҭқәеи, ҳжурналқәеи, ҳашәҟәқәеи рҭыжьра. Ақьаад ахә акырӡа иацлеит, уаҳа ианеиҵамха, ианымлаҟә, ҳашәҟәҭыжьырҭатә плангьы аиҭакрақәа алагалатәхоит, мамзаргьы, аиҳабыра хазы иҷыдоу қәҵарак рыдкыланы, ҳарҿиаратә еиҿкаарақәа рбиуџьетқәа ацхыраара рырҭар акәхои. Сынтәоуп зегьы рҭыԥаҿ инаган ианышьақәҳаргыла, аха еиҭах, ҳаԥхьаҟа аамҭа уадаҩқәа ҳзыԥшуп. Егьа ус иҟазаргьы, сара сгәаанагарала, ҳара акьыԥхь иазҳархиалароуп ҳҭыжьымҭақәа, нас, ԥсаҭа шкәакәа, ҳҩыза бзиа Мушьни Миқаиа иҳәалон еиԥш, хәҵыш аамҭак шԥаҟамлари?!
Амала иазгәаҭатәуп, иахьа ҳара ҳазхыҽхәаша алитература бзиа шҳамоу. Акызаҵәык, рыцҳарас иҟалаз, ишахәҭоу ҳажәлар рҟынӡа иҳазнамгац, иҳазрыламырҵәац. Сара сгәаанагарала, уаҟа иҳацхраароуп иреиҳау ҳҵараиурҭақәеи ҳашколқәа рырҵаҩцәеи. Шықәсқәак ҵуеит иаԥаҳҵеижьҭеи "Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла асаитгьы". Уаҟа иҭоуп ажурналқәа, агазеҭқәа. Иҟоуп Асаит "Аԥснытека". Уа зынӡа иманшәалоуп аԥсуа шәҟәқәа иуҭаху аартны рыԥхьаразы. Аха афҩы лаҳалаҳауа ашәҟәы кны аԥхьара макьана иацназго аӡәгьы акгьы изымхәыцыцзар ҟалап! Уи аганахьала, ақьаад авариант еиҳа дшақәшаҳаҭу акырынтә ишьақәирӷәӷәахьеит апоети сареи ҳаицәажәарақәа рҿы.
Ааигәа, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәагьы гәыԥҩык, уаҟа Мушьни Таииа-иԥа ихьӡ аԥхьаҵәҟьа игылоуп, адунеи иалаҳарҵәеит иахьа Урыстәыла имҩаԥнаго аусқәа шиашоу, ҳаргьы ҳашрыдгыло ала. Ҳҳәынҭқаррагьы шәҩык инареиҳаны аибашьра ахьцо Донецктәии Лугансктәии ареспубликаҟынтәи иааз ахҵәацәа аднакылеит, иара убасгьы, уахь иашьҭит агуманитартә цхыраара маҷымкәа…

Ааигәа, Мушьни Таииа-иԥа иҩыза ду Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит!!! Сара исаҳаит, убри ахҭыс бзиа инадҳәалан ҩыџьа ҳаамҭазтәи аклассикцәа ҭелла акыраамҭа еицәажәон ҳәа! Урҭ еибырҳәаз зегь ҳара иҳазҳәода, аха акык-ҩбак ҳлымҳа иҭасит! Ирҳәоит, иргәаладыршәеит ҳәа ианыхәыҷқәаз аҩыџьагьы рнапқәа еибаркны ихышхыҵәо илеиуаз Кәыдры аӡиас ишырхьаз, уимоу, ахьаца дуқәа рымҵан бӷарҵахьы ишеиқәԥоз, амала, ириааиз иӡбахә ҳара ҳҟынӡа иаарымгаӡеит!

Ҳара милаҭк раҳасабала ҳаиқәзырхо ҳхыԥхьаӡареи ҳбызшәеи роуп! Убри аус аҿы ҳазлаҽхәаша даарак ирацәам… Аха ҳаԥсадгьыл ахақәиҭтәра абриаҟраҩык ауԥшәылқәа анахҭнаҳҵа, рыԥсҭазаара заҵәқәа ақәҵан ианырыхьча, иахьа ҳала ишабо ианҳампыҵыԥшша, мамзаргьы иахьынӡахәҭоу ҳбызшәа ҳаԥсадгьыл ианықәымҩы, згәы еицҳауа, агәаҵәа бзиа змоу, уаҵәы игыло аҿар иҳанарыжьӡом… Уи аус аҿы Мушьни иабиԥара ҽыԥныҳәа рымаӡам, ирылымшашазгьы рылдыршеит, рышьҭахь иааиуа дара ишьҭарҵаз ауасхыр рзыхьчар?
Апоет-академик Мушьни Лашәриа ҳаԥсуа доуҳатә культураҿы илшаз ахааназ ԥсра-ӡра ақәымкәа ҳабиԥарақәа рзы ихьӡырҳәагаханы иаанхоит! 85 шықәса қәра дууп, қәра бзиоуп, аха анцәа ду, иара илаԥш зху, мыцхә бзиа иибо ауаа, агәабзиара бзиа ацҵаны, шәкы инареиҳаны ираҭәеишьоит! Убри аҩыза аразҟ бзиа изеиӷьаҳшьоит ҳпатриарх, ҳмилаҭтә поет ду, жәлары зегьы бзиа еицырбо арҿиаҩы!
Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2015
Мушьни Лашәриа Пушкин иажәеинраала ԥсышәала даԥхьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0