Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лафла иҭәызааит шәыԥсҭазаара

© Foto / предоставил Анатоли ЛагулааВечер пародии
Вечер пародии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны акультура аминистрра ихацнаркыз аинтерес зҵоу, ақыҭауаа ргәы шьҭызхуа апроект "Алаф ашҭа" дазааҭгылоит апроект иалахәу, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Рхы ыфо, рыԥсы ыфо,
Поетцәақәак хәыцуеит.
Ажәа заҵәык иашьҭоуп,
Иамур - иааҟәыҵуеит!..
Акритикцәа ансыцҳауа,
Цасҳәа ргәы ҭысҟьалап,
" Жәеинраалала срышҳауа,
Амшын аԥшаҳәа хысҟьалап".
Владимир Аҵнариа
Ҳазну ашықәс азы ҩымзҟа ҵуеит Аԥсны Акультура аминистрра еиҿнакааижьҭеи даара илахҿыху, ажәлар реиҳа ианазыԥшыз ргәы ҭзыргәырӷьааша апроект бзиа. Уи "Алаф ашҭа" ахьӡуп!
Ҳара ари аамҭа иалагӡаны ҳрыхьӡахьеит, даара қәҿиара дулагьы имҩаԥаагахьеит - Ҷлоуи, Аҷандареи, Џьгьардеи, Очамчыра ақалақь аҿи аиԥылара бзиаӡақәа.
Ари апроект иалоуп Аԥсны мацара акәымкәа анҭыҵгьы зыхьӡ бзиан ирдыруа Авокалтә-инструменталтә ансабль "Гәында", апоетцәа, ҿыц иалагаз ақтиорцәа қәыԥшцәа. Шәара ибзиан ишыжәдыруа еиԥш, ансамбль напхгара азылуеит Аԥсны жәлар рартист Роза Чамагәуа-ԥҳа.
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа"Алаф ашҭа"
Вечер пародии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
"Алаф ашҭа"
Апроект иалахәуп апоетцәа-апородистцәа - Гунда Сақаниаԥҳа, Гәында Кәыҵниаԥҳа, Анатоли Лагәлаа, Алхас Чхамалиа, апародистцәа - Адамыр Гәынба, Нури Аџьынџьал, ақтиорцәа ҿарацәа - Лана Гергиаԥҳаи Расида Сулааи.
Абра иазгәаҭатәуп, алитературатә ԥсҭазаарагьы, ажәлар рыԥсҭазаареиԥш, ауадаҩрақәеи ахьанҭарақәеи адыӷәӷәало ианалагалак, уи хызҽша, агәы ахазрышҭыша ччаԥшьк, мра шәахәак иԥсҭаҵаган иара ахала ишцәырнаго.
Ҳара ҳлитературагьы, аԥсеиҭакырҭақәа рацәаны ишамамгьы, ҳпоетцәа зны-зынла апародиа ажанр иазхьаԥшуеит, игәхьааган иаацәырыргоит, уимоу, иналаршәны ахәылԥазқәагьы қәҿиарала имҩаԥыргоит.
Ҳгәы иалоуп, ԥыҭҩык ҳпоетцәа иҵәахны, "астол азы ирыҩыз" апародиақәа цәырымгакәа иахьрымоу, урҭ "ршьапқәа ааиҵырхыртә" адәы ахьырымбо. Аха агәаанагара ҳамоуп, урҭгьы раамҭа ааип ҳәа, ма дара равторцәа рышәҟәқәа ирыншәалап, адунеи алашара рзаатып ҳәа.
Уи, аԥсабара ажәҩан иагәаԥханы асы анаанашьҭуа еиԥш, ма амра анарԥхо иԥш, акы иргәанарԥхароуп!..
Кьыршьал Чачхалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2022
Аԥсны
Аԥсуа сатира ашаеҵәа: Кьыршьал Чачхалиа игәалашәаразы
Апсуа ианиҭаххалак, игәырҩа ҵәахны, иара иаҟара алаф хааны изҳәо уаҩ дыҟамзар ҟалап. Ус анакәха, ажәа аҭалатәуп алаф, апародиа, еиҵырхааит рымҵәыжәҩақәа, ирхыԥрааит ҳашьхақәа ирҩызоу, иаҳараку, зхыҵра ҳцәыуадаҩу, - ҳгәырҩақәа, ҳхьаақәа, ҳгәалақәа, итәааит, ашьац ықәыҳәҳәа, икакаҷԥсараха, иԥшӡаӡа иҟоу дәы ссирк аҿы, аизыразреи, аизгәыбылреи, аилибакаареи рымацара аҳра ахьыруа!..
Ҳаиԥыларахь инеиуаз даара напеинҟьара бзиала ирыдыркылон апоет, Д. И. Гәлиа ипремиа алауриат Гунда Кәыҵниаԥҳа дзыԥхьоз лепиграммақәеи, лпародиақәеи. Абраҟа иаазгоит урҭ руакы ахәҭак:
Саанышәмыжьын, ахыркәыкәқәа са схала!
Сеихоит, сеихоит, шьхацамҩала макьана,
Аха сызбода-сзаҳауада, ҽнак сыхәжәар!..
"Уԥсы ааиҭак!"- са сарҭаслымт нашанак,
Абар, сышәхымс иаахгылеит хынҩеижәа!..
Владимир Занҭариа
Сеихоит, сеихоит, аҭыԥҳацәа макьана,
Макьана сшәеиҽырбоит, алафгьы сҳәоит.
Шәа шәыргәыбзыӷра сылшоит, уа смаџьанам,
Са сылаԥш ԥхамшьа шәышьҭоуп, шәеимнадоит!..
Шәахьцалак ишәыцуп, ишәхьынҳалан,
Шәыҵкы ԥшӡақәа шәышәнахырц аҭахуп!..
Саанышәмыжьын, ахыркәыкәқәа, са схала,
Анкьеиԥш ҳаицыхәмарлар сҭахуп!..
Хынҩеижәа ааины сышәхымс илагылоуп,
- Шьҭа иазхоуп, уарԥысым шьҭа уара.
Уаҩы иимбо амч ҷыда сылоуп,
Ацәиккра сгәы азыҳәахуеит еиҭа!..
© Foto / предоставил Анатоли Лагулаа"Алаф ашҭа"
Вечер пародии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
"Алаф ашҭа"
Ҳажәлар даара алаф гәхьааган иҟан, ҳаиԥыларақәа рҿы иубоит урҭ шаҟа ажәак раҩрымшәаӡакәа иазхәыцуаз, "илбаардоз!" Апародиа ажанр рацәак ҳара ҳҿы традициа дуӡӡак шамамгьы, шьҭа агәырҩа ахыгара иарааԥсахьоу, ԥсеиҩгарак иашьҭоуп, аҳауа цқьеиԥш, аӡыхь хьшәашәеиԥш ирҭахуп, иаҿгәыҳәаауеит. Уи агәра ҳдыргеит Гунда Сақаниаԥҳа лықәгыларагьы, урҭ ирыцын еиԥҟьара зцымыз анапеинҟьарақәа. Иаагоит уи лпародиа "Абиуџьет азы ашәа" захьӡу:
Зегь бзиоуп,
Зегь таташьуп,
Ҳа ҳбиуџьетгьы,
Мармалташьуп.
Ас иуцәыргьы,
Анс иуцәыргьы,
Акгьы узамхӡом,
Уԥсыргьы!..
Вечер поэзии на станции Гума  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Аԥсны
Ахәырбӷьыц иаҩызаз ажәа: Аҟәа апародиа ахәылԥаз шымҩаԥысыз
Даара абаҩхатәра бзиа змоу пародиступ Алхас Чхамалиа. Уи зыҟаҵашьа ҟаиҵо Аԥсны еицырдыруа ауаа дара рхаҭақәа урзыӡҩруашәа, урыҿцәажәошәа дақәшәаны ицәыригоит. Ауаҩы даара деигәырӷьоит агәырӷьара зцу алабжыши, аччаԥшьи, анапеинҟьабжьқәеи акәапеиашәа иҭәу Аԥсны ашколқәеи, акультуратә ханқәеи ианрыҩнҩуа. Алхас Чхамалиа журналист бзиак, поет хатәрак иаҳасабала анаҩсгьы, иуморист шьахәынгьы ихы ааирыԥшит!.. Абра иаазгоит уи ипародиақәа руак иаазыркьаҿны:
Апародистцәа аԥсуа театр аҿы
Аԥсуа театр аҭыӡқәа ҭырцәажәо,
Ирхыџхыџуа ишыҩназ артистцәа.
Ԥшьаала, агәдымыдыҳәа еицәажәо,
Иааҩналеит, аа, апародистцәа.
Абар ҳахьыҟоу, ҳашәзааит хаҭала,
Аԥҳазоу ишәҟәыҩҩцәа, ир.
Шәиашам ҳаилышәкааргь ҽакала,
Шәа шәаҵкыс даадыруеит Шекспир!
Актиорцәа ҳреицәазаргьы рбааит…
Гәындараа, Адамыр, Алхас,
Ҳаԥхьагыла Анатоли Лагәлаа –
Зынӡа ҳбаша-машам, афаст…
Иахьатәи ҳтекст ахь аиагара рацәак иманшәалам азы иҳаҩҳажьуеит егьырҭ ҳиумористцәа Адамыр Гәынбеи Нури Аџьынџьали рықәгыларақәа. Урҭ аинтернети ҳтельехәаԥшрақәеи ирҭоу рвидиоқәа ирыхәаԥшыз даара аинтерес бзиа аҵаҵан ирзыӡҩрыр рылшоит. Сара агәра шәсыргоит, урҭ реиԥш иҟоу абаҩхатәра змоу аҿар, иахьынӡахәҭоу, ианаамҭоу ацхыраара рыҭазар, даара акыр иаԥсаны ҳкультуратә ԥсҭазаара ишалагыло.
Рыӡбахә сгәырӷьаҵәа исҳәоит ҳактрисацәа ҿарацәа – Лана Гергиаԥҳаи, Расида Сулавеи. Арҭ аӡӷабцәа ҳҿар ртеатр иалоуп, рбаҩхатәрақәагьы ахьеиԥш ицырцыруа иуҿаҷҷоит! Урҭ зыԥхьо ҳашәҟәыҩҩцәа дуқәа, ҳсатирикцәа- Шьалодиа Аџьынџьали Шоҭа Ҷкадуеи рҩымҭақәа даара иақәшәан иалырхит, ахәаԥшцәа иагьархәыцит, иагьарччеит.
Владимир Ацнариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2022
Аԥсны
Аԥсуа пародиа азҟаза ду: Владимир Аҵнариа игәалашәаразы
Аҵыхәтәан, абарҭ ацәаҳәақәа равторгьы апародиақәеи, ашаржқәеи, аепиграммақәеи дрыԥхьеит, ахәаԥшҩцәагьы ицәгьамкәа ирыдыркылеит. Абраҟа иаазгоит урҭ руак ацыԥҵәаха:
Исызкажьуам сромантика!..
Иҟам "Феисбукгьы"… "Гәыгылгьы" ыҟам,
Хыхь- ажәҩан… Адгьыл-ҵаҟа…
Ацхыбжьон сныгәнысуа, мҩа харак сықәым,
Стәоуп ҭынч - инеихыршьҭны снапқәа…
Владимир Занҭариа
Иҟам "Феисбукгьы"… "Гәыгылгьы" ыҟам,
Акәыхь аҿыҵуеит амышгьы адәныҟа…
Сааит сара абраҟа, аполитика ахьмаҷу,
Хьаасгьы иахьрымам, изакәану, ихәҭаҷу!..
Схьаԥшрангьы сыҟам, уахь сара, аҩыза,
Ара аҳра ауеит зны исцәыбналоз смуза!..
Изшәасҳәаран сыҟои, сахьгылои, сахьтәоуи,
Срыцуп иаахәлаанӡа Гогәуеи, Толстоии!..
Схәыцрақәа аԥсасеиԥш, ашьха исырҳәыроуп,
Аҽыҩ бзиа сеиԥшуп, сахьыҵҟьаз схынҳәыроуп!..
Ҳаԥхьаҟа ҳапроект аҿы иҟоуп даҽа ԥшь-еиԥыларак. Урҭ рҟынтә макьана иаадыруа руак Тҟәарчал Акультура ахан аҿы ишеиҿкаахо ауп ҳазҭоу амза аҽеиҩшамҭаз. Сара агәра згоит, ҳтәыла Акультура аминистрра еиҿнакаахьоу апроект бзиақәа акы ҳәа ишрыцло ари апроектгьы. Ҳажәлар урзааигәахарц азы, ргәырҩагьы ргәырӷьарагьы уалахәзароуп, урымадазароуп, рыԥсыԥ алагаҩагабжьы уаҳауазароуп, ус иҟоуп ари апроект иалахәу ауаа, урҭ зегьы неибеиԥшны анцәа рыжәҩахыр дагәӡхьеит, абаҩхатәра бзиақәа рымоуп!..
Ажәабжьқәа зегьы
0