Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ашәҟәы аҵаулареи амҽхаки аныҭбаау: Владимир Занҭариа ирҿиамҭа аӡыргара иазкны

© Foto / предоставлено Анатолием Лагулаа Презентация книги Владимира Зантария.
Презентация книги Владимира Зантария.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2022
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 13 рзы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы имҩаԥысит апоет, академик Владимир Занҭариа ишәҟә ҿыц "Аҵаулареи амҽхаки" аӡыргара. Аусмҩаԥгатә иалахәыз, ажәахә зманы иқәгылаз апоет Анатоли Лагәлаа иазирхиеит уи иазку анҵамҭа.
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт ҳбызшәеи ҳкультуреи иахәышҭаара дууп. Уаҟа ирлас-ырласны еиԥылоит аҵарауаа, ашәҟәыҩҩцәа, арҿиаратә интеллигенциа. Убас, уажәааигәа имҩаԥысит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апоет Владимир Занҭариа ишәҟә ҿыц "Аҵаулареи амҽхаки" аӡыргара. Ари аӡыргарахь имҩахыҵит аҵарауаа маҷҩымкәа, ашәҟәыҩҩцәа, арҿиарартә интеллигенциа, астудентцәа.
Аиԥылара ааиртит, инарҭбааз ажәагьы иҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Енвер-иԥа Ашәба. Уи дазааҭгылеит апоет, академик ирҿиара, иаԥиҵахьоу ишәҟәқәа рҵакы, рыҵаулара, иара убасгьы апоет-аҵарауаҩ уаажәларратә усзуҩык, критикк, литератураҭҵааҩык иаҳасабала иибахьоу аџьабаа ду.
Иара убасгьы араҟа дықәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу. Уи иалкаан иазгәеиҭеит ҳҵарауааи ҳашәҟәыҩҩцәеи рзы дшыхьӡырҳәагоу Владимир Константин-иԥа, уи ҩ-бызшәак рыла изеиԥшны дшыҩуа, иара иҩымҭақәа реиԥш, иреиӷьӡоу ҳпоезиатә рҿиамҭақәа акыр аурысшәахь ишеиҭеигахьоу, Аԥсны иҭыҵуа акьыԥхьтә усбарҭақәа зегьы ишырнылахьоу, ибзиангьы ишрыдыркылахьоу.
Владимир Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.12.2021
Аԥсны
Тәамҩахә змам апоет, аҵарауаҩ: Владимир Занҭариа иҿцәажәара
Ари аӡыргараҿы дықәгылеит иара убасгьы ҳашьа, еицырдыруа абаза шәҟәыҩҩы Олег Етлухов. Уи инарҭбаан дазааҭгылеит Владимир Занҭариа ирҿиара, ипоезиа, ипроза, ипублицистика, иеиҭагаратә ус. Дазааҭгылеит Нхыҵ Кавказ апоет пату ду шиқәу, иҩымҭақәа шеиҭаргахьоу, иаргьы ибзиаӡаны дшырдыруа.
Владимир Занҭариа иажәеинраалақәа даара иԥшӡаны сахьаркырала ирыԥхьеит актиор Сырбеи Сангәылиеи, Аԥсуа ҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша ахԥатәи акурс астудент Хьыбла Хәарцкьиаԥҳаи.
Аҵыхәтәан Владимир Занҭариа иеизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, дазааҭгылеит ишәҟә ҿыц иагәылоу аматериалқәа рымҽхак, изызку, иара убасгьы дрыԥхьеит аҵыхәтәантәи аамҭазы иаԥиҵаз иажәеинраала ҿыцқәа.
Презентация книги Владимира Зантария.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.10.2022
Презентация книги Владимира Зантария.
Ашәҟә ҿыц аӡыргара мҩаԥысит даара аԥхарреи агәыбылра дуи аҵаны.
Аԥхьаҩцәа абраҟа ишәыдызгалар сҭахуп Владимир Занҭариа ишәҟә ҿыц "Аҵаулареи амҽхаки" аӡыргараҿы исҳәаз ажәа:
"Бзиара шәымазааит ҳаԥсуа литература згәы азыбылуа аҩызцәа зегьы!
Аҵыхәтәантәи аамҭазы ҳлитература иазҿлымҳау зегьы акыр иаргәырӷьартә иҟоуп Владимир Занҭариа зҭагалара даҿу илитературатә ҽаҩра. Уи адраматургиа ада, алитератураҿы ажанр хадақәа зегьы рҿы аус иуеит қәҿиарала, апоезиа, апроза, акритика, апублицистика, иныбжьаршә-аабжьаршәны ҳгәы ирхаауеит аепиграммақәеи апародиақәеи рыла. Иахьа иӡырааго алитератураҭҵааратә статиақәа еидызкыло арҿиаҩы ишәҟә ҿыц "Аҵаулареи амҽхаки" даара аџьабаа зыдбалан, аԥхӡаша зықәҭәаны иҩу шәҟәуп.
Владимир ибзианы идыруеит ҳаамҭазтәи аԥсуа литература, уи аҭоурых, иара убасгьы ашәҟәы злаатуа астатиаҿы инарҵаулан далацәажәоит аурыс литератураҿы иаԥҵоу аклассикатә ҩымҭақәа иреиӷьӡоу рыхәҭак, ҳбызшәахьы еиҭазгаз ҳпоетцәа ҟазарыла иахьынӡеиҭаргаз, иахьрықәҿиаз, иахьрықәымҿиаз. Уи дазааҭгылоит аҩлитературак рырҿиаратә ԥышәа, аиҿырԥшратә анализ, асахьаркыратә еиныррақәа.
Занҭариа ишәҟәы Адунеи азна азы: иаҳа ацәанырра, аԥсҭазаара аҭаны иалҵызшәа збоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.06.2022
Арадио
Занҭариа ишәҟәы "Адунеи азна" азы: иаҳа ацәанырра, аԥсҭазаара аҭаны иалҵызшәа збоит
Автор хәыц-хәыц иҭиҵааит аиҭагара аус ахы анакыз ҳдоуҳатә культура аҭоурых аҿы зхатә ҭыԥ ду аанызкыло Дырмит Гәлиа дызлахәыз 1912 шықәсазы иҭыҵыз "Аевангелие" инаркны иахьатәи ҳаамҭазтәи ҳашәҟәыҩҩцәа реиҭагамҭақәа рҟынӡа.
Раԥхьаӡа иргыланы аԥсышәала ахьхьаҳәа ицәажәаз аурыс классикцәа иреиуоуп Пушкин, Жуковски, Толстои, Гоголь, Крылов, Некрасов, Кольцов уҳәа ирацәаҩӡаны аурыс литература аеҵәахәқәа.
Абри ашәҟәаҿы Владимир дазааҭгылоит Пушкин еицырдыруа иажәеинраалақәа руак "Я пережил свои желания" Баграт Шьынқәба аԥсшәахь аҵаулареи ахаареи еиқәырханы ишеиҭеигаз:
Сҭаххарақәа схызгеит, иӡит,
Сырцәыхьшәашәеит сгәы зызҭаз.
Агәаҟрақәа сзымҩахыҵит,
Сгәы ҭацәит - уи ауп инхаз…
Слахьынҵа акәзар, ԥшатлакә цәгьала,
Ишәҭуаз арканӡеит сҿара.
Саӡәуп сыҟоуп, лахьеиқәрала,
Сыԥшуп, иааирушь сыҽҳәара?..
Владимир Занҭариа иазгәеиҭоит аурыс классикцәа хаз иҟоу раԥҵамҭақәак хҩы-ԥшьҩы ма инеиҳаны аԥсуа поетцәа ҟазацәа, аиҭагаҩцәа ишеиҭаргахьоу. Иаҳҳәап, ҳпоетцәа нагақәа Дырмит Гәлиа, Ҷыҷыкәа Џьонуа, Владимир Аҵнариа, Таиф Аџьба, Мушьни Лашәриа еиуеиԥшым аамҭақәа раан аԥсшәахь еиҭаргеит Пушкин илирикатә хьыршәыгәқәа ируаку "Зимний вечер". Владимир игәаанагарала, урҭ иахьа уажәраанӡагьы ирылукаартә иҟоуп Ҷыҷыкәа Џьонуа иеиҭагамҭа авариант. Иаҳгәалаҳаршәап алагамҭа:
Асыҭәҳәа еимаҩны жәҩан аҷыҩуеит,
Анаатә ҩынтуеит цәқәырԥаҵас.
Зны гыгшәыгҵас иҟуҵәууеит,
Зных икьаасуеит уи хәыҷҵас.
Владимир ишәҟәаҿы инаҵшьны иазгәеиҭоит асахьаркыратә еиҭагара арҿиара акыраамҭа шҵуа ҟазарыла инапы алакуижьҭеи Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа. Аԥсуа ԥхьаҩ ихшыҩ иалаӷьахьеит аурыс ԥсҭазаара аенциклопедиа ҳәа изышьҭоу Пушкин иажәеинраалоу ироман "Евгени Онегин". Иаагап зегь еицаадыруа раԥхьатәи ацәаҳәақәа:
Саб иашьа зламыс хьӡырҳәагоу,
Ачымазара данакы.
Иҭаххеит ахылаԥшра инагоу,
Изымхәыцт уаҳа даҽакы.
Владимир Занҭариа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2019
Арадио
Занҭариа Владислав изку иажәеинраала ҿыц азы: қәыԥсычҳарак ала иит
Абри ашәҟәы иануп , ҳара ҳагәгьы аладууп аредакциа ажурнал "Алашара" ҳҿаҵамҭала иҩу, ҳлитература аихьӡарақәеи аԥсыҽрақәеи икаххаа ургәылазрыԥшуа Владимир истатиа бзиа "Ҩ-шәышықәсак реигәныҩра иацҳаражәҳәаҩу ҳлитературазы хәыцрақәак" захьӡу акритикатә статиа. Сара сгәы иаанагоит, ҳлитература аҭҵааразы иреиӷьӡоу астатиақәа зныло ашәҟәы мышкызны аӡәыр еидикыларан дыҟазар, абри арҿиамҭа убра аҭыԥ ҷыда аԥшаауеит ҳәа.
Иахьа иӡырааго ашәҟәы ҩ-бызшәак рыла ишьақәыргылоуп, аԥсшәеи аурысшәеи. Анцәа иџьшьаны, автор аҩбызшәак рыла ибзиан дыҩуеит, дхәыцуеит, уи акырӡа аанагоит иара ирҿиараз еиԥш, инеизакны ҳлитература зегьы Аԥсны анҭыҵ аӡыргаразы. Араҟа уи инарҵауланы рырҿиамҭақәа дрылацәажәоит - Кьыршьал Чачхалиа, Баграт Шьынқәба, Фазиль Искандер, Алықьса Лашәриа, Алықьса Гогәуа, Мушьни Лашәриа, Владимир Аҵнариа, Геннади Аламиа, Денис Чачхалиа, Омар Бигәаа, Иури Лакрба, Чингиз Аитматов.
Иааизакны, ашәҟәы ианыԥшуеит ҳаԥсуа литература аҩаӡара акыр ишхалахьоу, ишҭышәынтәалахьоу, уи зхи зыԥси ақәҵан амаҵ азызуаз, иахьагьы иазызуа ҳашәҟәыҩҩцәа ражәа хьыршәыгәҵас ишыԥшӡоу, иҳахьчар - ҳшахьчо, ҳшеиқәнархо, адунеи аҿы амилаҭ рацәа ҳашрыланамырӡуа, азқьышықәсақәа рышьҭахьгьы акаҩ-акаҩҳәа Аԥсны ишықәыҩло ҳбызшәа хаа, изаҳауа зегьы уи аԥшӡарала иршанхо!
Аҵыхәтәан, араҟа азин сымоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, сышәзаԥхьар сҭахуп, иахьа зышәҟәы бзиа ӡырааго ҳпоет, ҳҵарауаҩ, Владимир Занҭариа зынӡа иҿыцу, амала ажәҵыс еиԥш зыҭра ажурнал "Алашараҿ" иҟазҵахьоу иажәеинраалақәа руак:
Ажьаҳәеи аԥсынгьерии рыбжьара
Ажьаҳәеи аԥсынгьерии рыбжьара,
Сара зны сеихаԥсыхәын.
Срыӡрыжәуан, сзықәломызт сшьара,
Исымамызт ԥсыхәа.
Ирҟьон ржьаҳәа дуқәа ажьиҩцәа,
Аихаԥсыхәеиԥш сеиҵырхуан.
Ац сыбжьакын дара ррыҭәа,
Сыԥсахәага ҭырхуан…
Ажьаҳәеи аԥсынгьерии рыбжьара,
Идырџьбарон сгәыжәла.
Иҿаҿаӡа аџыр бӷьыц ианырҵон,
Са сыхьӡ - сара сыжәла…
О, ижәдыруаз, раӡныла сыӡрыжәуп,
Шьҭа ҽыҳәҵәылагьы шәсыжәла.
Сцәеижьоуп, сдоуҳакәӡам мышкызны,
Иҭашәыҳәҳәо нышәла…
Ҳаԥсуа ԥхьаҩцәа ирзеиӷьасшьоит абасеиԥш хшыҩҵак ҵаулала иҭәу, ҳлитератураҿы ицәырҵуа ашәҟәқәа анализ бзиа рзуны, досу ирыхәҭоу ажәа рзызҳәаша, ирзызҩыша аҟазацәа бзиақәа рцәырҵра. Иахьатәи ҳаиԥылара агәра ҳнаргоит усеиԥш иҟоу арҿиаҩцәа ҳлитературахь рымҩахыҵра шнасыԥ дуу".
Вечер пародии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.06.2022
Аԥсны
Лафла иҭәызааит шәыԥсҭазаара
Ажәабжьқәа зегьы
0