Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Башкортосҭанынтәи асасцәа, аоппозициаа реизара ду, абжьгаҩ ҿыц

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит хәажәкыра 27 инаркны мшаԥы 2 рҟынӡа имҩаԥысыз иналукааша ахҭысқәа.
Sputnik
Аԥсны Башкортостан аделегациа ишырԥылаз, анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа, атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рызҵаарақәа рзы ахада иабжьгаҩ ҿыц, апартиа "Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аизара ду, анаркотикқәа раларҵәараз иааныркылаз уҳәа ртәы шәаԥхьа Sputnik аматериал аҿы.

Асасцәа дахьқәа

Ради Хабиров зхадараҿы дыҟоу Башкортосҭантәи аделегациа аофициалла Аԥсны иаҭааит аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини, аиҳабыра рхаҭарнакцәеи аделегациа ирԥылеит аԥсуа-аурыс ҳәааҟны.
Аслан Бжьаниа башкортосҭантәи аделегациа идикылеит аус ахьиуа икабинеҭ аҟны, уа аганқәа атауареикәыршареи атуризми русхкқәа рҟны русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
"Есымшагьы ҳажәларқәа аизыҟазаашьа бзиақәа еиднакылон. Аԥсны жәлар ибзианы иргәалашәоит Башкортосҭан анапхгареи ажәлари еиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы адгылара шҳарҭоз. Ари уаҵәтәи аизыҟазаашьақәа еиқәзырхо, ҳабацәа ишьақәдыргылаз ҭагылазаашьоуп", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Ради Хабиров иажәақәа рыла, Аԥсни Башкортосҭани еиҳа активла реинырра аамҭа ааит. Башкортосҭан ахада иазгәеиҭеит атауареикәыршара аусхк аҟны ареспубликақәа алшара ду шрымоу.
Хәажәкыра 31 рзы Аԥсни Башкортосҭани жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа рынагӡаразы ахәҳаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҟны аусеицуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Иара убас Аԥсни Башкортосҭани аекономикатә усхк аҟны аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озгани Башкортосҭан аекономикатә ҿиареи аинвестициатә политикеи рминистр Рустам Муразови.
Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиеи Аԥсныҟа иаҭааз Ареспублика Башкортосҭан аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Аибулат Хажини рҵараиурҭақәа русеицура иалацәажәеит. Инал Габлиа иколлегацәа жәларбжьаратәи аԥхынтәи ашкол "Ашықәс арҵаҩы" алахәхаразы ааԥхьара риҭеит, иара убас Очамчыратәи ашкол-интернат башкириатәи ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьаша аҭыԥ аҳасабала иахәаԥшырц рыдигалеит.
Аԥсны
Очамчыратәи ашкол-интернат башкириатәи ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьаша ҭыԥхоит

Атуризм аҿиара

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсни Башкортосҭани ртуристтә еилахәырақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳәа аанацҳаит Атуризм аминистрра.
Аԥснытәи атуроператор ИАЕ "Вояж" Башкортосҭантәи атуроператор ИАЕ "Тархани" еиқәшаҳаҭхеит атәыла атуриндустриа аҿиара аҽалархәра, атуристцәа рааира аизырҳараз аҭагылазаашьа маншәалақәа раԥҵара, атуристтә маҵзурақәа раалыҵ аҭира, атәыла атуристтә ресурсқәа атуристцәа дырдырра арҭбаара.
Аԥсны
Аԥсни Башкортосҭани ртуристтә еилахәырақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит
Аԥсны аекономика аминистрраҿы Аԥсни Башкортосҭани рыбжьара ахәҳаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа рызҵаара иалацәажәеит.
Аминистцәа реилазаараҟны иӡырган Башкортосҭан Аԥсны иамоу алшарақәа ртәы. Башкортосҭантәи атуроператорцәа Аԥсныҟа атурқәа рхыԥхьаӡара 20% рыцҵара иазыхиоуп ҳә аҳәамҭа ҟаиҵеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Рустам Муратов.
Иара иажәақәа рыла, башкириатәи аҵараиурҭақәа рҟны Аԥсны атуризми Аҟәатәи аҳаирбаӷәазеи рзы акадрқәа разыҟаҵаразы алшара ыҟоуп.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба уаанӡа абрифинг аҿы иҳәахьан сынтәа Аԥсны атуристтә сезон ҳарак ишазыԥшу.

Ирхынҳәтәхоит

Афедерациатә хеилак аратификациа азнауит иԥсхьаз атәанчаҩцәа шыԥсыз атәы зымҳәаз рыуацәа ироуаз атәанчахәқәа Аԥсны иархынҳәырц зҳәо Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа. Абри атәы еилкаахеит хәажәкыра 29 рзы.
Аилыркаагаҿы ишаҳәо ала, 2015 шықәса инаркны 2022 шықәса рашәара 30 рҟынӡа Аԥсны ииашамкәан иргаз урыстәылатәи атәанчахәқәеи ахарҭәааратә шәарақәеи идыртәеит 24,3 миллион мааҭ (19,6 миллион мааҭ атәанчахәи 4,7 миллион мааҭ ахарҭәаагақәеи).
Урыстәыла
Афедхеилак иԥсхьоу ртәанчахәы архынҳәразы Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа аратификациа азнауит
Арадио Sputnik аинтервиу аҭо, Аԥсны асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иазгәеиҭеит аԥснытәи аган ауснагӡатәқәа шаднакыло атәанчахәқәеи ашәарацҵақәеи риуразы азакәан аилагара аԥыхразы.
Иара иажәақәа рыла 2015 - 2022 шықәсқәа рыҩнуҵҟа зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа рыуацәеи рҭынхацәеи ироуз изакәаншьаҭадоу ашәарақәа 21 миллион мааҭ артәеит. Аминистр ишиҳәо ала, ахсаалагатә система азыхынҳәразы ауаҩы идунеи шиԥсахыз азы аҭаҩраз иҟоу ауадаҩрақәа ӡбтәуп. Уажәазы Апрокуратура хада изакәанымкәа аԥара зауз рышьақәыргылареи аԥара архынҳәреи рус иаҿуп.

Аилазаара ҿыц

Аԥсны Ауаажәларратә палата аилазаара ҿыц шьақәыргылоуп. Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәылацәас атәыла ахада араионқәеи ақалақьқәеи рхаҭарнакцәа алархәны ишьақәирӷәӷәеит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи 11-ҩык.
Аԥсны Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. Азакәан инақәыршәаны Аԥсны ауаажәларратә палата алахәылацәа 13-ҩык атәыла ахада иалихуеит, 11- ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.
Аԥсны
Гәыли Кьычԥҳа Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩыс деиҭалхуп

Ахада иабжьагаҩ ҿыц далхуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи рзы атәыла ахада иабжьгаҩс дҟаиҵеит Рауль Лолуа.
Рауль Лолуа 2012 шықәсазы Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Иҷыдоу аҵакы змоу ацентр напхгара аиҭон, 2014-2015 шш. рзы аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан, Жәлар Реизара афбатәи ааԥхьара дадепутатын.
Аԥсны
Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи рзы атәыла ахада иабжьгаҩ далхуп

"Аԥсны жәлар ракзаара Афорум" аизара ду

Апартиа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа, асасааирҭа "Интер-Сухум" аҿы, хәажәкыра 29 рзы.
Аизара ду аҟны ирыдыркылеит апартиа иахьатәи амчрақәа рҿаԥхьа иқәдыргыло азҵаарақәа ахьарбоу арезолиуциа, урҭ ируакуп Аԥсны аиҳабыра афымцамч ахәԥса ашьҭыхразы ирыдыркылаз аӡбамҭа иашам, ҵаҵӷәык амам ҳәа ргәаанагара.
Дара Апарламент ахь ажәалагала ҟарҵеит аамҭа мгакәа ажәлар ирԥырхагоу ари аӡбамҭа аԥыхра азҵаара рыӡбарц.
Аԥсны
Апартиа "Аԥсны Жәлар ракзаара афорум" аизара ду мҩаԥысит Аҟәа
Арезолиуциаҟны иара убасгьы иазгәаҭоуп Аԥсны аиҳабыра Урыстәыла аҟынтәи 1,5 миллиард мааҭ акредит агаразы рыгәҭакы изызхәыцым шьаҿоуп, ҳтәыла аихамҩатә кредит аиԥш ауадаҩра иҭанаргылоит ҳәа. Аизараҿы иазыршьоит ари акредит ашәахтәшәаҩцәа рыжәҩа иқәлоит ҳәа.
Иара убасгьы ирзааҭгылан аиҳабыра акоронавирус иаҿагыланы имҩаԥыргоз ауснагӡатәқәа. Апартиа алахәылацәа урҭ цқьа иҭҵаамыз, изызхәыцмыз, еиҿагылоз усны имҩаԥган, аиҳабыра рхымҩаԥгашьа ауааԥсыра рыхәҭак рыԥсыҭбарахь икылнагеит ҳәа иазырԥхьаӡоит.
Адокумент аҿы иарбоуп атәыла анапхгара атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа аиҭакра ахьалымшо азы, агхақәа ахьазмыриашо азы, ауаажәларра рыбзазара аиӷьтәраҿы агха ҟазҵаз ауаа аҭакԥхықәра иаҵаргылатәуп ҳәа, атәыла ахада раԥхьа днаргыланы, анагӡаратә мчра ԥхьаҟа атәыла анапхгара рылшом, хатәгәаԥхарала иқәҵыр ауп ҳәа.
Аԥсны
Жәларбжьаратәи ашәарҭарақәеи аҩнуҵҟатәи аилибамкаарақәеи: Жәлар рфорум аҿы излацәажәоз

Раԥхьаӡа акәны иааит

Аԥсныҟа раԥхьаӡа акәны аконтеинертә дәыӷба ааит ҳәа аанацҳаит "Аԥсныеихамҩа" апресс-маҵзура.
62 контеинерла еибарку авагонеиԥшьра иаанагеит 2700 тонн аидара.
Аконтеинертә дәыӷбақәа рныҟәара аидеиа "Аԥсныеихамҩа" анапхгара ирызцәырҵит аидарамҩангара амҽхак аизҳара инадҳәаланы.
Ари авагонеиԥшьра аццакра 800-1000 километра инаӡоит уахыки-ҽнаки рыла. Ари ҩынтә еиҳауп аидарамҩангага дәыӷбақәа рыццакыра аасҭа. Уи адагьы, иарала еиҳа хкырацәала атауар аагара алшоит.

Аҿҳәара ааиаанӡа инагӡоуп

Аԥсны аиҳабыра русԥҟала агыгшәыгқәа – абгақәеи абгалаџқәеи рышьразы апрограмма аус аураны иҟан хәажәкыра 1 инаркны рашәара 1 аҟынӡа.
Ауснагӡатә 500 нызқьмааҭ азоужьын ашәарыцацәа рызшәаразы, 100 нызқьмааҭ – иршьыз агыгшәыгқәа рыжразы.
Абгақәеи абгалаџқәеи рышьразы апрограмма заанаҵы ихыркәшахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ареспублика аветеренартә ҳақьым хада Роман Џьопуа.
Иааидкыланы ашәарыцацәа инаргеит 205 бгалаџи 5 қәыџьмаки: Аҟәа араион – 3 бгалаџк; Гәдоуҭеи Гали араионқәа рҿы – 5-5 бгалаџ, Очамчыра араион аҿы ишьын 177 бгалаџ, 5 қәыџьмак; Гәылрыԥшь араион аҿы– 15 бгалаџ; Тҟәарчали Гагреи араионқәа рҿы акгьы шьымызт.
Аԥсны
Очамчыра ақәыџьмақәеи абгалаџқәеи шындырҵәо

Лыԥсҭазаара далҵит Лили Бганԥҳа

"Ахьӡ-аԥша" аорден II аҩаӡара занашьаз, Аԥснытәи АССР ахәҳаахәҭра аминистр, Аԥсны афинансқәа уаанӡатәи рминистр Лили Бганԥҳа лыԥсҭазаара далҵит ахәаша хәажәкыра 31 рзы.
Лили Дугуж-иԥҳа аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара аиҿкааразы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб идҵала иаԥҵоуп Аҳәынҭқарратә комиссиа, уи напхгара азиуеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. Аԥсыжра ҟалоит мшаԥымза 3 рзы.
Аԥсны
Еснагь Аԥсны аинтересқәа лыхьчон: Лили Бганԥҳа лгәалашәаразы

Арепрессиа иалаӡыз ргәалашәаразы

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа лышәҟәқәа "Харада ахара зыдҵоу", "Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" рӡыргара мҩаԥысит хәажәкыра 28 рзы.
Аӡыргара мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны. Ари аҭыԥ аҿы ауп 1937 шықәсазы 13-ҩык аԥсуа интеллигенциеи аполитикцәеи рганахьала аусӡбара ахьымҩаԥысыз.
Ашәҟәы "Харада ахара зду" рызкуп Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа аҟны аамҭа цәгьақәа рзы - ХХ ашәышықәса 30-40 ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵан идырӡыз ауаа.
"Ахашҭраҟынтә анаӡаӡарахь" ашәҟәы аҟны быжь-қыҭак - Дәрыԥшь, Ҟәланырхәа, Аҷандара, Ӷәада, Тамшь, Кәтол, Џьгьарда рҟынтәи 300-ҩык инарзынаԥшуа рыӡбахәқәа еиҭаҳәоуп. Автор 40 шықәса инарзынаԥшуа аинформациа еизылгон.
Аԥсны
Екатерина Бебиаԥҳа аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ирызку лышәҟәқәа ӡырылгеит

Аус бзиа

Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа хәажәкыра 29 рзы.
Аԥара аизгаразы еиҿкааз ахәылԥаз аан имҩаԥган аукцион, уи аан еизаз иддырхәҳауан аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи аҟазацәеи русумҭақәа. Иара убас имҩаԥган алотереиа, уи аҟны иаиааиз аршаҳаҭгақәа роуан еиуеиԥшым амаҵзурақәеи ма атауар аахәареи рзы алшара рызҭоз.
Асасцәа ирзеиҿкаан аконцерттә программа, икәашеит, ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.
Аԥсны
Афонд "Кьараз" адгыларазы агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥысит Аҟәа
Афонд "Кьарази" Очамчыратәи ареабилитациатә центри ацхыраара рыҭара иазкыз агәыҳалалратә хәылԥазы аҟны еизган 573 600 мааҭ аԥара.
Еизгоу аԥарақәа рҟынтәи 105 000 мааҭ Очамчыратәи ареабилитациатә центр "ОДЮ" иаҭахоит, иаанхаз "Кьараз" имҩаԥнаго апроект зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рыцхраараз ирырҭоит.
Аԥсны
"Кьараз" адгыларазы имҩаԥгаз агәыҳалалратә хәылԥаз аҟны 570 нызқьмааҭ инареиҳаны еизган

Аиубилеи азы аҳамҭа

Баҭал Џьапуа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
"Аҿыханҵатә ҟазара аҿиараҿы илагалеи, акультуратә ҭынха аиқәырхареи, ипрофессионалтә ҟазара аҳаракыреи рзы Џьапуа Баҭал Рушьни-иԥа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵазааит", - ҳәа аҳәоит атәыла ахада иусԥҟаҿы. Уи аԥхьа, хәажәкыра 28 рзы БАҭал Рушьни-иԥа 60 шықәса ихыҵит.
Аԥсны
Баҭал Џьапуа "Аԥсны жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ихҵоуп

Анаркотикқәеи аанкыларақәеи

Амаӡа ҭыԥқәа рыла мҽхакы ҭбаала анаркотикқәа алазырҵәоз Иарославль аобласт аҟны инхо Баимухамед Маллаев даанкылан Аҟәа.
Маллаев идбалан метадон згәылаз 300 еилаҳәыра. Иаанкылоу иажәақәа рыла, иара анаркотикқәа ааихәеит амаӡа ҭыпқәа рыла Аԥсны иалаирҵәарц. Аахәаҩцәеи иареи еимадан Whatsapp ала. Шьҭаҵараҭак азы 1000 мааҭ изыршәон.
Иара убас иаарԥшын Адлеиба амҩаду аҟны ииҵәаххьаз ашьҭаҵарҭақәа хәба. Иааидкыланы имху анаркотикқәа 146, 464 грамм иҟоуп.
Аԥсны
Амаӡа ҭыԥқәа рыла анаркотикқәа алазырҵәоз даанкылоуп Аҟәа
Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа аконтрабанда аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳаит ААЕ апресс-маҵзура. Жәабран 10 рзы аҳазалхыҩцәа ирымаз аоперативтә информациа аус адулараан дааныркылеит шьапыла аҳәаа иахысуаз урыстәылауаҩ. Аԥҳәыс лгәаҭараан илымаз ашәыра рылҭеит, уа иҭан 13 пластина "Неиратин", "Габапентин Канон" 12 пластина, алирика акапсулақәа 42.
Ашьаус хацыркуп.

Аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр

Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа амҩамашәыр ҟалеит ҳәа Аԥсны АҶА ахь аҭел ҟаҵан хәажәкыра 30 асааҭ 8:46 азы.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала ААИ апост ааигәара еиҿасит автомашьынақәа Hyundai, Volkswagen. Амҩан иҟалаз амашәыр аҟны аӡәы дҭахеит, аҽаӡәы аахақәа иоуит.
АҶА амцарцәаратә машьына аҭыԥ ахь инеины абылтәи ахәшеи ықәнаӡәӡәааит. Амцакра ҟамлеит.
Аԥсны
Аԥсҭбара зцыз амҩан амашәыр ҟалеит Приморск ақыҭа иахьаҵанакуа

Ампыл асра

Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига ачемпионат актәи амш.
Аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит ҩ-хәмаррак: "Аӡҩыбжьа" - "Ҷлоу", "Лыхны" - "Аԥсны-2". Даҽа хәмаррак - "Џьгьарда" - "Ешыра" мҩаԥысит астадион "Учхоз" аҿы.
Ахәмаррақәа рылҵшәақәа рыла, "Ешыра" "Џьгьарда" иаиааит 2:5 ҳәа, аӡҩыбжьаа ҷлоуаа ирыҵахеит 1:4 ҳәа, "Лыхны" - "Аԥсны-2" рыхәмарра еиҭахарала ихыркәшахеит 2:2 ҳәа.
Аԥсны
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига ачемпионат аатит Аҟәа
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига - ақыҭа командақәа рыла ишьақәгылоу ачемпионат ауп. Уи иалахәуп 13 команда Аԥсны ахы-аҵыхәаҟынтәи, акоманда қәыԥш, 14-17 шықәса зхыҵуа Аԥсны ачемпионат иалахәыз арԥарцәа злоу "Аԥсны-2"-гьы рылаҵаны.