Аԥсны

Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа

Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, ареволиуционер Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа, лаҵара 1 азы.
Афонтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Нестор Лакоба инысымҩа еиҭарҳәеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын араион ахадара, араионтә еизара адепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, Абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәа.
Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргоит.
Аԥсны
Ахақәиҭра иазықәԥоз: Нестор Лакоба иԥсҭазаареи иҭахареи
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Мызқәак рнаҩс "ажәлар раӷа" ҳәа рылеиҳәеит.
Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь ихьӡ риашан, 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа. Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.