https://sputnik-abkhazia.info/20230501/nestor-lakoba-dyrgaladyrsheit-gdoua-1045579379.html
Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, ареволиуционер Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан. 01.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-01T12:56+0300
2023-05-01T12:56+0300
2023-05-01T12:56+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/01/1045578746_0:120:1280:840_1920x0_80_0_0_97b6eb1ca77a236c32ba96abf1553ce5.jpg
АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа, лаҵара 1 азы.Афонтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Нестор Лакоба инысымҩа еиҭарҳәеит.Аусмҩаԥгатә иалахәын араион ахадара, араионтә еизара адепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, Абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәа.Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргоит.Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон.Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Мызқәак рнаҩс "ажәлар раӷа" ҳәа рылеиҳәеит.Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь ихьӡ риашан, 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа. Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.
https://sputnik-abkhazia.info/20231228/1043362147.html
ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/01/1045578746_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_76823376996ad9d1041fb5908e5e2a74.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
аԥсны, ажәабжьқәа, ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа
Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ, ареволиуционер Нестор Лакоба диит лаҵара 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.
АҞӘА, лаҵара 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны иналукааша аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩ Нестор Лакоба дыргәаладыршәеит Гәдоуҭа, лаҵара 1 азы.
Афонтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Нестор Лакоба инысымҩа еиҭарҳәеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын араион ахадара, араионтә еизара адепутатцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, Абыргцәа рхеилак ахаҭарнакцәа.
Гәдоуҭатәи акультуратә хан аҟны Нестор Лакоба игәаларшәара иазку ахәылԥаз мҩаԥыргоит.
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратә усзуҩын. 1921 шықәса рзы, Аԥсны Асовет мчра анышьақәгыла, Нестор Лакоба активла аԥсҭазаара ҿыц аҽалархәра нап аиркит. Уи еснагь аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа рҟны аиҳабыратә маҵзурақәа ныҟәигон.
Жәабран 17, 1922 рзы Лакоба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Ԥхынҷкәын 28, 1936 шықәсазы Лавренти Бериа Нестор Лакоба Қарҭҟа ааԥхьара иҭаны, иҩны днаганы ашҳам иҭан дишьит. Мызқәак рнаҩс "ажәлар раӷа" ҳәа рылеиҳәеит.
Иосиф Сталин данԥсы ашьҭахь ихьӡ риашан, 1959 шықәсазы Аҟәа иқәдыргылеит ибаҟа. Иахьа уажәраанӡагь еилкааӡам анышә дахьамадоу аҭыԥ.