https://sputnik-abkhazia.info/20251228/1043362147.html
Ахақәиҭра иазықәԥоз: Нестор Лакәаба иԥсҭазаареи иҭахареи
Ахақәиҭра иазықәԥоз: Нестор Лакәаба иԥсҭазаареи иҭахареи
Sputnik Аҧсны
Аԥсны еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакәаба дҭархан ԥхынҷкәын 28 1936 шықәсазы. 28.12.2025, Sputnik Аҧсны
2025-12-28T19:00+0300
2025-12-28T19:00+0300
2025-12-28T19:30+0300
аԥсны
афотосахьақәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/1c/1043363620_0:0:525:296_1920x0_80_0_0_a7404f9296e2a71fd0e54713c313e6b6.png
Нестор Лакәаба диит лаҵарамза 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҟны.Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны иҵарадырра хацыркын, анаҩс ауахәаматә школ аҟны. 1905 шықәсазы, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакәаба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Анцәахаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа дрыцәтәымын, иара изааигәан ареволиуциа иадҳәалаз зегьы.Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакәаба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакәаба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. 1917 шықәсазы иаԥиҵеит "Кьараз". 1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара.Жәабран 17 1922 шықәсазы Лакәаба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930 шықәсазы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс, Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакәаба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит.Нестор Лакәаба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден Асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакәаба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/1c/1043363620_53:0:493:330_1920x0_80_0_0_06d3897d866cb45ee8c5185aa0d584c6.pngSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа
Ахақәиҭра иазықәԥоз: Нестор Лакәаба иԥсҭазаареи иҭахареи
19:00 28.12.2025 (ирҿыцуп: 19:30 28.12.2025) Аԥсны еицырдыруа ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакәаба дҭархан ԥхынҷкәын 28 1936 шықәсазы.
Нестор Лакәаба диит лаҵарамза 1 1893 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҟны.
Лыхнытәи ақыҭатә школ аҟны иҵарадырра хацыркын, анаҩс ауахәаматә школ аҟны. 1905 шықәсазы, 12 шықәса зхыҵуаз Нестор Лакәаба дҭалоит Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа. Анцәахаҵара иадҳәалаз азҵаарақәа дрыцәтәымын, иара изааигәан ареволиуциа иадҳәалаз зегьы.
Усҟантәи аамҭазы Нестор Лакәаба дзықәгәыӷуаз иҩызцәеи иареи ауаажәларра рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра иазкыз азҵаарақәа ирылацәажәон, аҿар рыҩнуҵҟа ареволиуциатә ҟазшьа змаз ажәабжь аладырҵәон, анҵамҭақәа, ашәҟәқәа рнапаҿы ироуртә еиԥш аҭагылазаашьа аԥырҵон.
Қырҭтәыла аменшевикцәа Аԥсны анрымпыҵархала Нестор Лакәаба аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ахаҿы дгылеит. 1917 шықәсазы иаԥиҵеит "Кьараз". 1918 шықәсазы еиҿикааит ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика аҿагыларазы ақәгылара.
Жәабран 17 1922 шықәсазы Лакәаба далырхуеит Аԥсны Жәлар Ркомиссарцәа Рхеилак ахантәаҩыс. Иара убри аамҭазы ареспублика Аекономикатә хеилак дахылаԥшуан. 1930 шықәсазы Аԥсны жәлар ркомиссарцәа рсовет аԥыхын. Анаҩс, Аԥсны Қырҭтәыла аилазаараҟны Автономтә республиканы иҟалеит. Лакәаба Аԥснытәи АССР Анагӡаратә комитет хада ахантәаҩыс далххеит.
Нестор Лакәаба ианашьан Аеҵәа Ҟаԥшь аорден Асовет мчра аҿаԥхьа илшамҭақәа рзы.
Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакәаба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит.

Аԥсуа жәлар рҵеи лаша, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, ареволиуиционер, зыжәлар рхақәиҭра иазықәԥоз Нестор Лакәаба дҭадырхеижьҭеи 89 шықәса ҵит.

Иара диит лаҵарамза 1 1893 шықәсазы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.

Лакәаба илымҳа иаҳаӡомызт аҟнытәи Адагәа ҳәа ишьҭан.

Нестор Лакәаба иқәра шмаҷыз аԥсуа жәлар рсоциалтә ҭагылазаашьа аԥсахра дашьҭалеит.

1911 шықәсазы имҩаԥигоз ареволиуциатә пропоганда иахарҟьаны Тифлистәи адоуҳатә ҵараиурҭа дҭырцоит.

Лакәаба СССР еицырдыруаз аполитикцәа рыгәҭа дыҟан. Асахьаҟны: 1935 шықәса, апартиатә конференциаҟны Нестор Лакәаба, Лавренти Бериа, Агаси Ханджиан

Сергеи Орџьоникиӡе, Семион Будионныи, Георги Пиатаков, Нестор Лакәаба.

Нестор Лакәаба америкатәи амашьынақәагьы рныҟәцара илшон...

... аҳаирплан аԥсҟы акрагьы дацәшәаӡомызт.

Афото аҟны: Сариа Лакәабеи Нестор Лакәаба имашьынарныҟәцаҩи.

Нестор Лакәабеи иԥшәмаԥҳәыс Сариа Џьых-оглыи.

Сариа 15 шықәса шылхыҵуаз лҭаацәа ирыцәӡаны Нестор диццеит.

Нестор даныршь ашьҭахь Сариа лыԥсҭазаара гәымбылџьбарахеит, дахьҭакыз абахҭаҟны дышдыргәаҟуаз лыԥсҭазаара далҵит 1939 шықәсазы.

Нестори Сариеи рԥа Рауфи Сариеи.

Рауф 14 шықәса анихыҵуаз дҭаркит, ашьрагьы иқәырҵеит.

Аҵарауаа ргәаанагарала, Лавренти Бериа Нестор Лакәаба иҩныҟа днаԥхьаны ашҳам иҭан дишьуеит.

Аофицалла ирыларҳәеит аполитик иԥсра агәыхь акәын ҳәа. Афото аҟны: Бериа Нестор Лакәаба иҭоубыҭ даҵагылоуп.

Нестор Лакәаба иԥсра ареспубликаҟны ихьаа дуны ирыдыркылеит. Аԥсуа жәлар рҵеи лаша Нестор Лакәаба иахьагьы, ес-ииуа абиԥарақәа гәыблыла дыргәаладыршәоит.