Аԥсны

2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа алагалоуп

Аратификациа зызу аԥкаанҵа ишьақәнарӷәӷәоит 2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭмаҵзурауаа абжьаратә улафахәы аҵакы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 26 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент ирыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагалараз аԥкаанҵа.
Аԥкаанҵа азырхоуп аиқәшаҳаҭра аҩбатәи аҟәша 3-тәи ахәҭаҷ 6-тәи ахәҭа анагӡара. Уи инақәыршәаны Аганқәа есышықәса рнапы аҵарыҩуеит хаз игоу аԥкаанҵа, Аԥсны аҳәынҭмаҵзурауаа ркатегориақәак абжьаратә улафахәы ахықәкытә ҵакы ашьақәыргылараз.
Аԥкаанҵа иаланагало аиҭакрақәа азырхоуп агәабзиарахьчара, аҵараҵара, аҭҵаарадырра, аспорт, асоциалтә маҵзура аусзуҩцәа 2023 шықәсазы абжьаратә улафахәы ашьақәырӷәӷәара.
Аԥсны
Апарламент Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит