Апарламент Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
13:00 29.12.2022 (ирҿыцуп: 13:59 29.12.2022)
© Sputnik / Томас Тхайцук Заседание в парламенте 29-12-2022
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны афинанстә цхыраара ҟаҵахоит Урыстәыла афедералтә закәан "Афедералтә биуџьет азы" иазыԥхьагәанаҭо абиуџьеттә ԥаразоужьра аҳәаақәа рыла.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар реизара 2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.
Аиқәшаҳаҭра азырхоуп 2022-2025 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара афинанстә цхыраара амҩаԥгарала, 2014 шықәса абҵара 24 азы анапы зҵаҩыз Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ашьаҭала.
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны афинанстә цхыраара ҟаҵахоит:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз,
абиуџьеттә инвистициақәа рынагӡарази аинвистициатә усурақәа рыдгыларази.
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз аԥарақәа рзырхахоит:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ахықәказы "ахәҭа хада" ацхраара;
агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, атәылауаа рсоциалтә маҵзура русхк аҟны аусуҩцәа ркатегориа хадақәа рулафахәы ацԥаразоужьра;
Аԥсны аҵакыраҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәыла атәылауаа хаз иго ркатегориақәак ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи рыла реиқәыршәара;
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа материал-техникала реиқәыршәара, Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русуҩцәа рԥаратә гәазыҟаҵара аиҿкаара;
Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа рԥаратә гәазыҟаҵареи ртәанчахәқәеи рыцҵара.
Абиуџьеттә инвистициақәа рымҩаԥгареи аинвистициатә усура адгылареи рзы ацхыраара абарҭ аныхрақәа ирзырхахоит:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвистициатә программақәа руснагӡатәқәа аԥара рзоужьра;
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Апрограмма аекономика аусхкқәа аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа аԥара рзоужьра.