- Вахтанг, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра аламҭалаз ҳаиҿцәажәара иацаҳҵар сҭахуп. Уара ибзиан ишудыруа еиԥш, аԥсуа ҩыра акырынтә ирыԥсаххьеит, уи алитература ашьақәгылараҿы хымԥада аԥырхага ду анаҭон...
- Амилаҭтә литература аҿиара амҩан имҩаԥысуаз аиҭакрақәа акырӡа иацхраауан 1954 ш. инаркны ҩаԥхьа аурыс графика шьаҭас изауз аԥсуа алфавит ашҟа аиасра. Инамҩатәны иазгәаҭатәуп аамҭа кьаҿк иалагӡаны (1926-1954) аԥсуа ҩыра ԥшьынтә ишырԥсахыз. Ахатәы бызшәеи, алитературеи, амилаҭтә культуреи рырҿиара аус аҟны ари аҭагылазаашьа шаҟа ирԥышькласуаз еилкаауп. Арҭқәа зегьы рыдҳәалан Сталин иаамҭазы Аԥсны аҭыԥ змаз аполитикатә хынҭаҩынҭарақәеи амилаҭ зинқәа рҿаҟәареи. 1938-1954 шш. раан ахархәара аман ақырҭуа графика шьаҭас измаз алфавит. Сталин данԥсы нахыс аԥсуа ҩыра еиҭашьақәыргылахеит. Уи аԥсуа сахьаркыратә литература инарҭбааны иҭышәынтәаланы аҿиара иацхрааит.
- Анцәа иҟынтә, амилаҭ литература иааҵагылаз аинтеллигенциа ахара иԥшуа иалагеит, ирымамкәа ԥсыхәа шрымамыз рбеит рхатә литературатә-уаажәларратә журнал…
- 1950-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭа нахыс, амилаҭтә литература ҽаԥарак иԥартә аҭагылазаашьа маншәала шьақәгылон. 1955 шықәса рзы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ироуит ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иатәу раԥхьатәи алитература-уаажәларратә журнал "Алашара".
Алитературатә ԥсҭазаараҿы ари хҭыс дуны иҟалеит. Ашәҟәыҩҩцәа арҿиара еиҳагьы агәацԥыҳәара рнаҭеит. Д. Гәлиа иеиԥш, ажурнал аиҿкаара рааԥсарақәа адын: Б. Шьынқәба, И. Папасқьыр, А. Џьонуа, Ш. Инал-иԥа, К. Ломиа, И. Ҭарба уҳәа егьырҭгьы. Аҭыжьымҭа ҿыц раԥхьатәи аредакторс даман М. Аҳашба. Анаҩстәи ашықәсқәа раан ажурнал аредакторцәас иҟан: А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьениа, Гь. Гәыблиа, Н. Кәыҵниа, 2004 ш. раахыс уара (А. Лагәлаа - аред.) уахагылеит.
Ажурнал "Алашара", аханатә еиԥш иааиԥмырҟьаӡакәа иҭыҵуеит, алагала дугьы ҟанаҵеит амилаҭтә литература аизырҳараҿы, аӡыргараҿы, аларҵәараҿы. Абри атрадициа бзиа мырӡӡакәа иааргоит уи амаҵ азызуа.
- Аамҭа ҿыц анааи, иааӡатәын ауаагьы ҿыцла, еиҳаракгьы ахәыҷқәа, урҭгьы ирмоур ауамызт дара рдунеи иазааигәаз ахәыҷтәы журнал…
Аизара ду анымҩаԥгаха нахыс, Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ҿыц апленум мҩаԥысит. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ахантәаҩыс далхын Иван Ҭарба, аусбарҭа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс – Кәымф Ломиа. Аизара ду аҟны ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа акырӡа иацхрааит арҿиаратә усура арцыхцыхраҿы.жьымҭа инанагӡоз аусура еицырдыруеит. "Амцабз" раԥхьаӡа аредакторс даиуит К. Ломиа, еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы напхгара арҭон: М. Аҳашба, А. Гогәуа, С. Ҭаркьыл, А. Мықәба, В. Кәаӷәаниа, 2007 шықәса инаркны редакторс дамоуп И. Аҳашба.
50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны аԥсуа литература даҽа ҩаӡарак ахь ашьҭыҵраҿы аҿиара ахԥатәи апериод акәны амҩа ылнахит. Апоезиеи апрозеи ржанрқәа рҟны аҩымҭа ҿыцқәа цәырҵуан. Убасҟан ашәҟәҭыжьра аусгьы еиӷьны еиҿкаахеит, иҭыҵуаз ашәҟәқәагьы рхыԥхьаӡара иацлон. Зышәҟәқәа ҭыҵуаз иреиуоуп: Ӡ. Дарсалиа, Ш. Ҵәыџьба, Қь. Агәмаа, С. Қәычбериа, Б. Шьынқәба, А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, М. Лакрба, Кь. Чачхалиа, И. Ҭарба, В. Анқәаб, Ш. Ҷкадуа, А. Лашәриа, А. Гогәуа, П. Бебиа, А. Возба, Гь. Гәыблиа уҳәа егьырҭгьы. Инамҩатәны иазгәаҭазар ахәҭоуп еиуеиԥшым ашықәсқәа раан ишҭыҵуаз аизгақәа, альманахқәа, ажурналқәа, агазеҭқәа.
- Ҳлитература еиҳа-еиҳа аҽарҭбааун, ицәырҵит ажанрқәа зегьы рыхкы. Ҳашәҟәыҩҩцәа аамҭа рҽаҵадырхар рҭахымызт, ҳаԥсуа ԥхьаҩгьы хәыҷы-хәыҷла илаԥшҳәаа ҭбаахон…
- Ааи, апоезиаҿы, ажәеинраалақәа реиԥш, аҽышьақәнарӷәӷәеит апоема ажанр, апрозаҿы акәзар, ажәабжьқәа инарывагылеит аповестқәеи ароманқәеи.
30-тәи, 40-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны иҭаркыз Ш. Ҵәыџьбеи М. Лакрбеи дыриашеит, рыхгьы иақәиҭыртәит.
1954-1960 шш. ирыбжьанакыз аамҭа кьаҿк мацара иалагӡаны аурысшәахь еиҭаганы Москва иҭыжьыз ашәҟәқәа иреиуоуп: "Аԥсуа поезиа антологиа" (1958), иара убас рышәҟәқәа ҭыҵит: Д. Гәлиа ("Иалкаау иажәеинраалақәа", 1954), Б. Шьынқәба ("Аҿатә уаа", 1958, "Ажәеинраалақәа" 1959), И. Папасқьыр ("Аԥҳәыс лыпату", 1958-1959), М. Лакрба ("Аԥсуа новеллақәа", 1957), И. Ҭарба ("Аеҵәақәа", 1957), Кь. Чачхалиа ("Агәы цәажәоит", 1959) уҳәа.
Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә хеидкыла акәзар, Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳәа ахьӡ анышьақәгыла нахыс, 1959 ш. ианвар мзазы С.И. Чанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны ҩымш имҩаԥысуан аизара ду. Аԥсны анапхгара реиԥш, аизара ду иалахәын асасцәа.
"Аԥсуа литература аҭагылазаашьеи аԥхьаҟатәи ауснагӡатәқәеи" захьӡыз аҳасабрбатә ажәахә ала дықәгылеит Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ахантәаҩы Иван Ҭарба. Агәаҭаратә комиссиа аҳасабрбатә ажәахә ҟаиҵеит Сандро Сангәлиа.
Аизара ду анымҩаԥгаха нахыс, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ҿыц апленум мҩаԥысит. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусбарҭа ахантәаҩыс далхын Иван Ҭарба, аусбарҭа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩс – Кәымф Ломиа. Аизара ду аҟны ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа акырӡа иацхрааит арҿиаратә усура арцыхцыхраҿы.
1959 ш. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аԥхьа иқәыргылан ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы С. Ҷанба ибиуст. Аҟәа, амшын аԥшаҳәа иаԥну апаркқәа руак аҟны иаартын апоет-қәрахьымӡа И. Коӷониа ибаҟа (1965), Очамчыра араион Кәтол аҷыҭан иаартхеит апоет А. Лашәриа ибаҟа (1969).
Алитература иааннакылоз аҭыԥ ашьақәырӷәӷәараҿы цхыраагӡақәаны иҟалеит ажурналқәа "Алашареи" "Амцабзи". Аԥхьаҩцәа рааӡараҿы, алитература радԥхьалараҿы, агәыбылра дыркраҿы ирылшозгьы рацәан. Адоуҳатә культура арҿиара амҩан есааира ицәырҵуан алитература иаҵагылоз ахьӡ ҿыцқәа. Убас ишьақәгылон ашәҟәыҩҩцәа рабиԥара ҿыцқәа. Абарҭқәа рхеибарҭәаара иабзоураны ахатәы бызшәа ахархәара, аӡыргара ахьышьҭра иқәлеит. Абжьаратәи иреиҳауи аҵараиурҭақәа рҟны еиҿыркаауаз акружокқәа реиԥш, алитература азхьаԥшра, аӡыргара иацхраауан аурыси егьырҭ амилаҭқәеи рлитературақәа реимадара, алитературатә еиԥыларақәа, Алитература амшқәа рымҩаԥгара, Аԥсны еиԥш, анҭыҵгьы.
50-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа инаркны зымҽхак зырҭбааз аԥсуа сахьаркыратә литература иаланагалон аҩымҭа ҿыцқәа. Апоезиаҟны рҩымҭақәа цәырҵуан: Б. Шьынқәба, И. Ҭарба, А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, Кь. Чачхалиа, Н. Ҭар-ԥҳа, К. Ломиа, Гь. Гәыблиа, А. Аџьынџьал, П. Бебиа, Б. Гәыргәлиа, Н. Кәыҵниа, М. Лашәриа уҳәа егьырҭгьы.
Аиҭарҿиара амҩа ианылахьаз аԥсуа сахьаркыратә литератураҟны ишьақәгылахьаз атрадициа бзиақәа реихаҳара еиҳагьы иацнаҵеит 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭа инаркны. Аҵарауаа излазгәарҭахьоу ала, ҵабыргыҵәҟьаны, амилаҭтә литература аҿиара иасакьаҳәымҭан. Ари ҳдоуҳатә культуразы зеиԥш ыҟамыз еихьӡаран. Есааира зхыԥша шьҭыҵуаз аԥсуа литература иаҵагылеит уи зырбеиоз апоетцәеи апрозаикцәеи. Аизҳара амҩа иацнаҵон ԥыхьатәи Асовет Еидгыла хыбгалаанӡа, насгьы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993) ҵысаанӡа.
Апрозаҿы ицәырҵит, ажәабжьқәеи аповестқәеи инарҷыданы, аԥсҭазаара инарҵауланы иаазырԥшуаз, ахаҿсахьа ҿыцқәа, ҳәарада, урҭ рыҩнуҵҟа иҟан асоциализм аамҭа ӡырызгозгьы. Инеизакны аԥхьаҩ изнаргон аԥсуа иҩнуҵҟатәи идунеи, ижәытә-иҿатә, ихатә бзазашьа, егьырҭ дызларыламҩашьоз иҟазшьақәа, ихатә цәаҩа. Абарҭқәа зегьы аадырԥшуан иҵоуроуи иҵоурами ахаҿсахьақәа ирымаданы.
- Апрозаҿгьы ицәырҵит аҩымҭа бзиақәа, еиҳаракгьы ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи, ипсихологиатә хәыцшьа аазырԥшуаз, игьама ҳаразкуаз, иацтәии иахьатәии еиҿырԥшны, иреиӷьу аҩымҭа иара ихаҭа аилкаашьа дақәшәартә…
- Уаанӡа Д. Гәлиа, И. Папасқьыр уҳәа рҩымҭақәа рҟны зышьаҭа ркхьаз апсихологиатә проза ирҿиеит, еихеиҳаит, бла ҿыцла дазнеит А. Гогәуа, иажәабжьқәеи, иповестқәеи, ироманқәа "Аҽыкәаҳаи" "Асдуи" рҟны.
Аԥсуа прозаҟны лагала дуны рҭыԥ ааныркылеит Б. Шьынқәба ироманқәа: "Ацынҵәарах", "Ахаҳә еиҩса". Урҭ рҟны мҽхакы ҭбаала иаарԥшуп ажәлар рлахьынҵа, изхысыз, изҭагылаз, ԥхьаҟатәи рԥеиԥшгьы уазхьаирԥшуеит. Ажәлар рдоуҳа уасхырс иамоу раԥсуареи, рдунеихәаԥшреи, ари адунеи аҟны ҭыԥс иааныркылои инарҵауланы ургәылаирԥшуеит.
Апроза ажанрқәа акыр идырҿиеит иара убас ашәҟәыҩҩцәа: Шь. Аџьынџьал, А. Џьениа, Џь. Аҳәба, В. Амаршьан, М. Миқаиа, Д. Занҭариа уҳәа егьырҭгьы.
Асовет аамҭазы ҳажәлар рыҩнуҵҟа имҩаԥысыз ахҭысқәа, асоциал-економикатә еиҭакрақәа, рдоуҳа зықәгылоу ауасхыр уҳәа еилыхха, инарҵауланы, инарҭбааны иаадырԥшуеит И. Ҭарба, М. Папасқьыр, Ш. Ҷкадуа, Н. Ҳашыг, Т. Ҷаниа, П. Бебиа, Н. Кәыҵниа, А. Возба, С. Кәыҵниа, В. Басариа уҳәа рҩымҭақәа рҟны.
Алитератураҿы ахатә ҭыԥ ааннакылеит асатира. Аханатә уи ашьаҭа ркит Д. Гәлиеи Л. Лабахәуеи, нас – 50-тәи ашықәсқәа рзы еихеиҳаит Кь. Чачхалиа. Асатира арҿиараҿы рҽалыркаауан иара убас: Шь. Аџьынџьал, Ш. Ҷкадуа, А. Возба, В. Амаршьан, З. Быҭәба уҳәа егьырҭгьы.
Аԥсны жәлар рпоет Д. Гәлиа даараӡа деигәырӷьон аԥсуа сахьаркыратә литература ҩаԥхьа аҿиарамҩа иахьаныз, ахьӡ ҿыцқәа ахьцәырҵуаз, ашәҟәыҩҩцәа рабиԥарақәа ахьеиҵагылоз. Агәра игон иус ԥшьа иацызҵашаз, еихазҳашаз абаҩхатәрацәа цәырҵраны ишыҟаз. Ишдыру еиԥш, Д. Гәлиа иԥсҭазаара далҵит 1960 шықәса рзы. 1963 шықәса рзы акәзар, Аҟәа анышә дахьамадаз аҭыԥ аҿы иқәыргылан ибаҟа.
1966 шықәса рзы иаԥҵахеит Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, иахьа ари апремиа ранаршьоит алитературеи, аҟазареи, архитектуреи рҟны иалкаахо. Раԥхьаӡа акәны Аҳәынҭқарратә премиа ранашьан: Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы И. Папасқьыр, Аԥсны жәлар рпоет Б. Шьынқәба. Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан алитературазы Аҳәынҭқарратә премиа ранашьоуп: И. Ҭарба, Ҷ. Џьонуа, Гь. Гәыблиа, А. Гогәуа, Гь. Гәлиа, Ш. Салаҟаиа, Шь. Аџьынџьал, А. Џьонуа, С. Зыхәба, Хә. Бӷажәба, Ш. Инал-иԥа, Џь. Аҳәба, Ш. Ҵәыџьба, В. Аҵнариа, С. Лакоба, Т. Аџьба, С. Делба, Ф. Искандер, М. Чкәоту, В. Амаршьан, Н. Ҭар-ԥҳа, М. Лашәриа, И. Лакербаи, А. Аргәын, П. Бебиа, Р. Смыр, А. Лагәлаа, Г. Сақаниа, Гә. Кәыҵниа, Р. Қапба, В. Аԥҳазоу, В. Занҭариа, Д. Наҷҟьебиа, Д. Чачхалиа, Б. Барцыц.
Аханатә еиԥш, алитератураҿы аԥыжәара аман апоезиа. Ицәырҵуаз ахьӡ ҿыцқәа иреиуоуп: А. Лашәриа, К. Ломиа, Г. Гәблиа, В. Анқәаб, Н. Ҭарԥҳа, А. Аџьынџьал, П. Бебиа, К. Герхьелиа, Б. Гәыргәлиа, Н. Кәыҵниа, М. Лашәриа уҳәа егьырҭгьы.
Асахьаркыратә литература аҿиара амҩан шьарда рыҵанакуеит 60-80-тәи ашықәсқәа. Алитератураҿы иҟаз аихьӡарақәа еиҳараӡак рыҽцәырыргеит алирикатә фырхаҵа ихаҿала, апроза еиднакыло ажанрқәа рҟны акәзар, аперсонажқәеи, урҭ рԥсихологиеи, рыҩнуҵҟатәи рдунеии раарԥшрала.
Арҭ ашықәсқәа раан алитератураҿы акыр аиҭакрақәа мҩаԥысуан, арҿиараҿы еиԥш, алитературатә процесс иацыз аиҿкааратә усура аганахьалагьы.
Амилаҭтә литература алшарақәа рыҽшдырҭбаауаз шьақәдырӷәӷәоит иҟаз аихьӡарақәа. Миха Лакрба иновеллақәа аԥхьаҩцәа ирылаҵәеит. Б. Шьынқәбеи А. Гогәуеи рпрозатә ҩымҭақәа реиԥш, зажәабжьқәеи, зповестқәеи, зроманқәеи ҭыҵхьаз иреиуоуп: М. Аҳашба, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр, Ҷ. Џьонуа, А. Аџьынџьал, Шь. Аџьынџьал, Н. Ҭар-ԥҳа, А. Аргәын, Ш. Аҟәысба, Г. Гәыблиа, Б. Ҭыжәба, Н. Ҳашыг, П. Бебиа, Н. Кәыҵниа, Т. Ҷаниа, М. Папасқьыр, Шә. Ԥачалиа, Ш. Ҷкадуа, Р. Џьопуа, В. Басариа, С. Кәыҵниа, еиҵоу абиԥара ахьтә: А. Лагәлаа, Д. Наҷҟьебиа уҳәа егьырҭгьы.
- Ҳаԥсуа поезиаҿ хыԥхьаӡарала еиҳа ирацәаҩын ахаангьы иҩуаз, арҿиара знапалакыз. Иҟан зны-зынла апрозахьгьы ииасуаз, аха аӷьыраҩык апоезиа "ашҭа" иҭагылан!..
- Апоезиаҿы акәзар, Д. Гәлиа, И. Коӷониа, Л. Кәыҵниа, Л. Лабахәуа, Б. Шьынқәба, А. Џьонуа, Кь. Чачхалиа, Ш. Ҵәыџьба, И. Ҭарба, А. Аџьынџьал, К. Ломиа, Г. Гәыблиа, В. Анқәаб рырҿиамҭақәа рыла амилаҭтә литература дырбеион. Урҭ инарылагылеит М. Лашәриа, М. Миқаиа, Т. Аџьба, С. Ҭаркьыл, П. Бебиа, Б. Гәыргәлиа, Т. Ҷаниа, Н. Кәыҵниа, В. Амаршьан, В. Ахьиба, В. Касланӡиа, анаҩстәи абиԥара: Р. Смыр, Г. Аламиа, Р. Лашәриа, В. Занҭариа, И. Аҳашба, Л. Тәанԥҳа, Б. Барцыц, И. Хәарцкьиа, В. Ҷыҭанаа, В. Аԥҳазоу, С. Агындиа, Е. Ажьиба, А. Лагәлаа, Г. Сақаниа, Гә. Кәыҵниа, З. Ҭҳаиҵыкә, И. Ҳаџьымԥҳа, хымԥада, арахь даҵанакуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, абаҩхатәра злаз апоет С. Делба.
Уаанӡа еиԥшымкәа, 60-80-тәи ашықәсқәа раан хыԥхьаӡара рацәала ажәеинраалақәеи, абалладақәеи, апоемақәеи, иажәеинраалоу ароманқәеи еидызкылаз рышәҟәқәа ҭыҵит апоетцәа: Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, И. Ҭарба, К. Ломиа, В. Анқәаб, Г. Гәыблиа, М. Миқаиа, П. Бебиа, К. Гьерхьелиа, Ш. Ԥлиа, Б. Гәыргәлиа, Т. Ҷаниа, С. Ҭаркьыл, Н. Кәыҵниа, В. Ахьиба, Н. Ҭар-ԥҳа, В. Аҵнариа, М. Лашәриа, В. Амаршьан, Р. Лашәриа, В. Касланӡиа, Б. Барцыц, В. Занҭариа, И. Аҳашба, В. Ҷыҭанаа, И. Хәарцкьиа, Л. Тәанԥҳа, В. Аԥҳазоу, А. Лагәлаа, Е. Ажьиба, В. Кәаӷәаниа уҳәа егьырҭгьы.
Алитература аҿиара шьақәнарӷәӷәон, ахьӡ ҿыцқәа рцәырҵра иацхраауан злагала маҷмыз аҿар рҩымҭақәа реизга "Еҵәаџьаа". 1979—1982 шш. раан иҭыҵыз аиқәыршәаҩс дамоуп апоет Г. Аламиа, анаҩсгьы иҭыжьын В. Занҭариеи А. Лагәлааи еиқәдыршәақәаз.
Апоезиаҿы алирика ажанртә формақәа шьақәгылеит алитература иаҵагылоз арҿиаҩцәа рабиԥарақәа ирыбзоураны. Алитература иаланагалеит инеиҵыху аҩымҭақәагьы маҷымкәа.
Апоезиеи апрозеи иадкыланы уахәаԥшуазар, еиҵахон амилаҭтә драматургиа. Аха араҟагьы акыр аиҭакрақәа мҩаԥысит. Ашәҟәыҩҩцәа раԥхьатәи рабиԥара иаԥырҵаз адраматә ҩымҭақәа рлагала бзиа ҟарҵеит адраматургиеи атеатртә ҟазара арҿиареи рус аҟны. Ицәырҵхьаз атрадициа (С. Ҷанба, М. Лакрба, Ӡ. Дарсалиа уҳәа рҩымҭақәа) формалагьы, ҵакылагьы ихадырҭәааит Ш. Ҷкадуа, Р. Џьопуа, А. Мықәба, А. Аргәын, иара убас Шь. Аџьынџьал, А. Гогәуа, Џь. Аҳәба, Н. Ҭарԥҳа, Г. Гәыблиа уҳәа егьырҭгьы рырҿиамҭақәа. Урҭ рахьтә иҟоуп, Аԥсны еиԥш, анҭыҵгьы асценатә ԥсҭазаара зоухьоу.
- Ҳара иҳамоуп ахәыҷтәы литература бзиа. Уи макьана ишахәҭоу иҭыжьӡам, ҳаԥхьаҟа иҵегьы аҳәынҭқарра алшарақәа ҟалар, хымԥада иахьатәи аамҭеи иахьатәи ахәҷқәеи ргьама иақәшәартә иҭыжьтәуп…
- Амилаҭтә литература аҿиараҿы шьарда аҵанакуеит ахәыҷтәы литература. Уаанӡа акырӡа еиҵахозҭгьы, арҭ ашықәсқәа рзы аҩымҭа ҿыцқәа маҷымкәа иаланагалеит. Апоетцәеи апрозаикцәеи аӡәырҩы рҩымҭақәа ахәыҷтәы журнал ианылон, хазгьы рышәҟәқәа ҭыҵуан. Ари иаҳнарбоит, иналаршә-ааларшәны акәзаргьы, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рықәра иаҵанакуа аҩымҭақәа ишрызхьаԥшуаз: И. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба, Ш. Ҵәыџьба, Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, Б. Шьынқәба, К. Ломиа, Н. Ҭарба, Н. Ҭарԥҳа, Т. Аџьба, А. Гогәуа, Џь. Аҳәба, П. Бебиа, Т. Ҷаниа, С. Ҭаркьыл, Н. Кәыҵниа, В. Амаршьан, Н. Ҳашыг, Р. Смыр, Р. Лашәриа, Г. Аламиа, С. Кәыҵниа, И. Аҳашба, Е. Ажьиба, А. Лагәлаа уҳәа.
Хаз шәҟәқәаны иҭыҵхьан И. Папасқьыр, Џь. Ҭапаӷәуа, Н. Бараҭелиа, Н. Оҭырба, Т. Аџьба, А. Гогәуа, Н. Ҭар-ԥҳа, П. Бебиа, Т. Ҷаниа, Г. Аламиа, Р. Лашәриа уҳәа рпоезиатәи рпрозатәи рҿиамҭақәа.
- Ҳлитератураҿы ажанр хадақәа иаарыҵамхо ҳашәҟәыҩҩцәа есымшагьы иазхьаԥшуан апублицистика. Аамҭа аҿахәы еиҳа иаарласны, еиҳа иаартны излоуҳәаша аформақәа ируакуп иара. Амала иҳәатәуп, уи анкьатәи аамҭақәа раасҭа иахьа еиҳа ишыԥсыҽхаз, ажанр "ааԥсамҭа" иақәшәазар ҟалап…
- Д. Гәлиа, С. Ҷанба, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба уҳәа зуасхыр шьҭарҵахьаз амилаҭтә публицистика аҿиара еиҳаракгьы изыдҳәалоу агазеҭ "Аԥсны" ("Аԥсны ҟаԥшь") ауп, уи нахыс – журнал "Алашара". Алитературатә бызшәа ашьақәгылараан абызшәа иаланагалоз атермин ҿыцқәа аԥсышәала раԥхьаӡа иахьеиҭаргоз агазеҭ "Аԥсны" аредакциаҿы акәын. Ари аганахьала аҭыжьымҭа шьарда алнаршеит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи рахьтә аӡәырҩы араҟа аус рухьан аԥышәа бзиа дырҳахьан, иҟан зыԥсҭазаара зегьы ажурналистика иадҳәалахаззгьы.
60-80-тәи ашықәсқәа раан аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рахьтә лассы-лассы апублицистика иазхьаԥшуан: М. Аҳашба, Ӡ. Дарсалиа, М. Лакрба, Ҷ. Џьонуа, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, К. Ломиа, И. Ҭарба, А. Гогәуа, Т. Аџьба, Ш. Ҷкадуа, Ш. Ԥлиа, Џь. Аҳәба, П. Бебиа, Б. Гәыргәлиа, Г. Гәыблиа, Т. Ҷаниа, Б. Ҭыжәба, С. Ҭаркьыл, Н. Кәыҵниа, В. Амаршьан, Н. Ҳашыг, Р. Лашәриа, Г. Аламиа, В. Басариа, В. Занҭариа, В. Аԥҳазоу, А. Лагәлаа, С. Агындиа уҳәа егьырҭгьы.
- Иҭабуп, Вахтанг, ҳаиҿцәажәаразы, сынтәа 90 шықәса зхыҵуа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭоурыхи иахьатәи арҿиаратә процесси ртәы ҳауаажәлар иааигәаны ирдырыртә алшара ахьҳауҭаз азы.