https://sputnik-abkhazia.info/20230523/ashagylarei-ariarei-ryma-asny-ashytsa-reidgyla-90-shysa-akhyueit-1045783734.html
Ашьақәгылареи арҿиареи рымҩа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵуеит - I ахәҭа
Ашьақәгылареи арҿиареи рымҩа: Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵуеит - I ахәҭа
Sputnik Аҧсны
Сынтәа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵуеит. Апоет Анатоли Лагәлаа диҿцәажәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу. Уи дазааҭгылеит... 23.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-23T17:00+0300
2023-05-23T17:00+0300
2023-06-03T17:57+0300
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103040/85/1030408560_0:44:2000:1169_1920x0_80_0_0_6353ae06883ffd118c54b3bdc127abdb.jpg
- Вахтанг, иахьа маҷк ҳалацәажәар сҭахуп иаарласны 90 шықәса зхыҵуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭоурых, уи ашьақәгылашьа, аҿиашьа, адунеи аӡбахә рылаҵәартә иҟазҵаз ҳаиҳабыратә абиԥара рырҿиара шымҩаԥысуаз, уи иацыз ауадаҩрақәа, аҭагәҭасырҭақәа, аха нас урҭ зегьы ирылҵәрааны ашьапы ишықәгылаз. Нас, ԥыҭрак ашьҭхь даҽазнык имҩаԥаагар сҭахуп ҳаиҿцәажәара, усҟан ҳалацәажәап иахьатәи ҳлитературатә процес, иахьа арҿиара знапы алаку ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи зыхьӡаз, изхьымӡаз, ҳлитературатә ԥсҭазаара аҭагылазаашьа. Ажәакала, иахьа, иацтәи аҭоурых маҷк ҳагәылалап!- "Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит". Д. И. Гәлиа иҳәамҭаны иаҳзаанхаз арҭ иажәақәа рыла агәрагара шимаз аабоит зуасхыр шьҭеиҵаз аԥсуа сахьаркыратә литература. Ҵабыргны, жәлар рҵеи лаша хара дыԥшуан, илаԥшҳәаа ҭбаан, алитература ду шьақәгылеит, аҿиара амҩагьы иануп. Ишаабац еиҧш, алитература зырҿио ажәлар рдоуҳатә культура ҵаулоуп, иҭбаауп, рхатә дунеи аарԥшраҿы маругас ирымоуп. Ара арҿиара ҳәаа змаӡам адунеихәаԥшра акәша-мыкәша аҭыԥ ааннакылоит, ахаҿра шьақәнаргылоит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, лабҿаба ҳазлагылоу инаркны афилософиатә гәҭахәыцрақәа рҟынӡа. Зхатә ҳәынҭқарреи зхатәы бызшәеи змоу ажәлар алитература рымамзар ауам, уи ргәеисыбжь иацуп. Аԥсуаа ракәзар, ари амҩа иануп, атрадициа бзиақәагьы рҭыԥ ылырххьеит. Алитература ҳажәлар рыҿиара амҩан иалнаршахьоу, иҟалап макьаназы инагӡаны иҭҵаамзар. Аха еилкаауп, уи ҳажәлар рдоуҳатә культура, рмилаҭ хдырра, рыԥсадгьыл ахь абзиабара уҳәа ишрызнарҳаз. 20-тәи ашәышықәса алагамҭаз иааиуаз аамҭа ҿыц Аԥснынӡагьы иааӡеит. Гәынхәҵысҭала акәзаргьы, аԥсуа интеллигенциа иреиуаз уи рбарҭан, еиҳаракгьы ареволиуциа амҽхак аҽарҭбаауа ианалага нахыс. Иазгәаҭатәуп, ҳажәлар рхаҭарнакцәа акырӡа заа аҵаралашара рыҽшазыркхьаз. Аха амилаҭтә ҩыра шьаҭас иаиуртә алитература шьақәымгылацызт. Аамҭа дцәырнагеит, дӡырнагеит аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа. Уанӡа днеиаанӡа уи аҵара иҽазикит, ивагылаз, дымҩақәызҵаз ҟалеит, дышнеи-шнеиуаз аԥсуа алфавит аԥҵараҟынӡа днеит. Убас иразҟы иалан – аԥсуа рҵаҩы ихаҭа алитература дазхьаԥшит, аҩымҭақәа раԥҵараҿгьы иҽԥишәон. Ԥсабарала ҟәыӷара згымыз арккаҩы доуҳатә мчык иҵгәеит, ихы агәрагарагьы инаҭеит. Убри нахыс аԥсҭазаараҿы ауааԥсыра рыбзазара аганқәа ируакны алитература хацыркхеит, ишнеи-шнеиуаз жәлар рдоуҳа иахәҭакхеит. Аамҭа ҿыц ааира иацны ицәырҵыз, ашьақәгылара амҩа ианылоз амилаҭ литература аԥсҭазаараҿы цхыраагӡаны иҟалеит аҵаралашарахь зхы зырхаз ҳажәлар рзы, хымԥада, рмилаҭ хдыррагьы иазнарҳауан.- Ҳара ҳлитература традициа дук амамызт, зегьы ҿыц иаԥҵатәын, акызаҵәык изҿыԥшуа иҟаз аурыс литературеи, адунеитә литературеи ракәын. Насгьы еиҿкаатәын ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, уахь инаԥхьатәын зԥышәа маҷыз, аха абаҩхатәра змаз, ҿыц аҩра иалагаз аҿар. Убри зегьы Дырмит Гәлиеи уи иааикәыршан иаацәырҵыз аинтеллигенциа қәыԥш ирылдыршар акәын.-Ишдыру еиԥш, Февральтәи (1917) ареволиуциа ашьҭахь Урыстәылан, уи иаҵанакуаз атәылаҿацәқәа рҟны ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым алитературатә гәыԥқәа, аиҿкаарақәа. 1918 ш. рзы иаԥҵахеит апоетцәа Урыстәылазегьтәи Реидгыла (1918-1929). Уи нахыс ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылақәа рыхьӡқәа аамҭа-аамҭала рҽырыԥсахуан. Уаанӡа иаԥҵаз (1921) апролетартә шәҟәыҩҩцәа Урыстәылазегьтәи Реидгыла шьақәгылеит (1925) анхацәа рышәҟәыҩҩцәа Урыстәылазегьтәи реидҵа акәны. Убасҟан Аҟәагьы иаԥшьыргеит ашәҟәыҩҩцәа реилазаара аԥҵара, аха, изыхҟьазаалакгьы, агәҭакы зынагӡамхеит. Хара имгакәа апролетартә шәҟәыҩҩцәа Урыстәылатәи рассоциациа ҳәа еиҿкаахеит. 1928 ш. азы акәзар, Москва раԥхьатәи аизара ду мҩаҧнагеит. Уи иашьашәалаз ахеидкыла Аԥсынгьы ишьақәгылеит. 1932 шықәса апрель 23 рзы акәзар, ВКП (б) Ацентртә Комитет иаднакылеит алитература-сахьаркыратә еиҿкаарақәа реиҭакразы ақәҵара (акьыԥхь ианылеит апрель 24 рзы). Убасҟан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵаразы А. М. Горки хадас дзауз аиҿкааратә комитет СССР ашәҟәыҩҩцәа Зегьеидгылоутәи 1-тәи реизара ду азырхиара напы аркын. 1932 ш. Аԥсынгьы ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵаразы С. И. Ҷанба хадас даманы аиҿкааратә хеилак шьақәыргылан, ашықәс анҵәамҭаз аизарагьы мҩаԥнагеит. 1933 ш. Аԥснытәи асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵан (ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳәа ишьақәгылоит). Уи аилазаарахь иалалеит шамахамзар Аԥсны иҟаз ашәҟәыҩҩцәа зегьы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан С. И. Ҷанба (1933-1937). (С. И. Ҷанба харада ахара идҵаны Бериа имаҵуцәа даныршь ашьҭахь, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс далхын Л. Б. Кәыҵниа (1938-1939). Анаҩстәи ашықәсқәа раан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩцәас иҟан: Г. Д. Гәлиа (1940-1945), Хә. С. Бӷажәба (1945-1948), И. К. Ҭарба (1948-1953, 1958-1979), Б. У. Шьынқәба (1953-1958), М. Т. Лашәриа (1979-1986), А. Н. Џьонуа (1986-1989), А. Н. Гогәуа (1989-1997), Б. А. Гәыргәлиа (1997-2002), Г. Шь. Аламиа (2002-2004), Н. Ҭ. Кәыҵниа (2004-2010), Т. М. Ҷаниа (2010-2011), А. Кә. Мықәба (2011-2016). Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩцәас иҟаз иреиуоуп: Хә. Бӷажәба, А. Лашәриа, К. Ломиа, В. Занҭариа, Н. Ҳашыг, С. Ҭаркьыл, А. Мықәба, В. Аԥҳазоу. 1934 ш. август 17 – сентиабр 1 рзы Москва имҩаҧысит асовет шәҟәыҩҩцәа актәи Зегьеидгылоутәи реизара ду. Абраҟа ишьақәрӷәӷәан арҿиаратә хеидкыла ду – СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла (ашьҭахь – СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳәа ишьақәгылаз) аԥҵара. Аԥснынтәи делегатс аизара ду далахәын С. И. Ҷанба. Аԥсны дахаҭарнакны уи СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аревизиатә комиссиа аилазаарахь далхын. Агәыҵҟәыл ҷыда змаз Д. И. Гәлиа 1892 ш. Аҟәатәи ашьахарыуаа ршкол ахылаԥшҩы К. Д. Маҷавариани дицырхырааны "Аԥсуа нбан" еиқәиршәеит, егьҭыҵит аурыс графика шьаҭас иаманы. Уи нахыс далахәын адин литература аԥсшәахь аиҭагаразы акомиссиа, арҵаҩратә усура мҩаԥигон еиуеиҧшым ақыҭа школқәа рҟны. 1910-1920 шш. раан ирҵаҩратә усура иациҵоит Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы, ашьҭахь аус иуан Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол, Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа, Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа рҟны. Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы еиҿикааз алитературатә кружок иалан аҵаҩцәа М. Аҳашба, И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр уҳәа егьырҭгьы, аԥшьгаҩс даман анапылаҩыратә журнал "Ашарԥы-еҵәа". 1919 ш. февраль 27 рзы аҭыҵра иалагеит ихаҭа аԥшьгаҩыс дызмаз, редақторсгьы дзауз агазеҭ "Аԥсны". Аха Д. И. Гәлиа 1900-тәи ашықәсқәеи 1910 ш. аналагамҭеи рзы "Ааԥын", "Аҳы, сышәҟәы уеиҵамхан", "Ауаҩы", "Ахшыҩ, адырра, амч", "Ажәытәраан" уҳәа ихатәы жәеинраалақәа иҩит. Абасала алитературахь дымҩахыҵит. Жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа шьаҭас иаҭаны иаԥиҵоз аҩымҭақәа раԥхьатәи реизга "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" ҭижьит 1912 ш. рзы. Адырҩашықәсан – "Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы". Д. И. Гәлиа ибон акультура ахкқәа шырҿиатәыз, аха аԥхьа иргыланы алитература ада ԥсыхәа шыҟамыз. Уи ирҿиамҭақәа инарышьҭарххны С. Ҷанба иҩымҭақәа акьыԥхь иананыла, игәырӷьара ҳәаа амамызт.- Дырмит ду ивагылаз аҿар даара дрықәгәыӷуан, урҭ зегьы аҵара лашара иазгәаҟуан, амца рҿықәыҳәҳә иҟан. Даара иааџьоушьаратә иҟоуп шықәсқәак ирылагӡаны урҭ ирылдыршаз.- 1920-тәи ашықәсқәа ралагамҭа индыркны алитературахь раԥхьатәи ршьаҿақәа еихыргон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа иҭаз иреиуаз: И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр, М. Лакрба, М. Аҳашба уҳәа егьырҭгьы. Урҭ рҩымҭақәа аԥхьа иркьыԥхьуан агазеҭ "Аԥсны" ("Аԥсны ҟаԥшь") адаҟьақәа рҟны. Ишдыру еиԥш, 1930-тәи ашықәсқәа инаркны аҵаралашара аҽарҭбаауан. 1930 ш. иаартын Аԥсуа милаҭтә театр, амузыкатә ҵараиурҭа, аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа, 1932 ш. – Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, иара убас аусура хацнаркит аԥсуа радио. Абри аамҭазы амилаҭтә литература аҿиара амҩа иацнаҵеит, есааира ишьақәгылон, аҽышьақәнарӷәӷәон. 1933 ш. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анаԥҵаха нахыс алитературатә ԥсҭазаара аҽарҭбаауан. Ахеидкыла алитература аҿиара аус аҟны ицхыраагӡахеит. Абарҭ ашықәсқәа раан алитература иаҵагылаз арҿиаҩцәа ҿарацәа иреиуоуп Л. Кәыҵниа, Л. Лабахәуа, урҭ рнаҩс – Қь. Агәмаа, Б. Шьынқәба, В. Агрба, С. Қәычбериа, М. Ақаҩба уҳәа егьырҭгьы. Д. Гәлиа иҩымҭақәа реиҧш, 30-тәи ашықәсқәа раан еиҵагылоз арҿиаҩцәа рабиԥара зҿыԥшуаз аҩымҭақәа аланагалахьан алитература, иаагозар С. Ҷанба ирҿиамҭа "Ашьха ҭыԥҳа" (1925), идрама "Амҳаџьыр" Аԥсуа театр аҟны иқәдыргылахьан (1928, 1929). Инамҩатәны ргәаларшәара ахәҭоуп иара убас акомедиа "Аҩы иашьыз иԥсцәа иҵәыуон", апиеса "Аԥсны-Ҳаным", прозала иҩу ажәеинраалақәа "Ашәҭ ҟаԥшь зҿоу аҵла", "Адәыӷба №6", ажәабжьқәа "О, аллаҳ, аллаҳ", "Сабду ихәшҭаара ахаҳә", апиеса "Анцәа Саваоф", аповест "Сеидыҟ".- Апоезиеи апрозеи ржанрқәа роуп раԥхьа ицәырҵыз, еиҳа, ус уҳәар ауазар ҳашәҟәыҩҩцәа ирласны "ишьҭырԥааз!" Уаҟа иааиз аамҭа ҿыцгьы амҵәыжәҩа рнаҭеит, рбаҩхатәра аӡрыжәит.- Апоезиаҿы ахьӡ ҿыцқәа рцәырҵра абзоурала, апоезиаҿы еиҧш, апрозаикцәа инеиҵыху рҩымҭақәа ҭыҵуан. Алитератураҿы ицәырҵхьаз Д. Гәлиа раԥхьатәи иажәабжь "Атәым жәҩан аҵаҟа" аԥхьаҩцәа ирылаҵәахьан. И. Папасқьыр раԥхьатәи ироман "Ҭемыр" (1937) аҭыҵра ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа проза аԥеиҧш бзиа шазыԥшыз. Зымҵәыжәҩақәа еиҵызхуаз амилаҭтә литература есааира амҽхак иазҳауан, алшарақәа удыргәырӷьартә амҩа ианын. Аха 1937 ш. инаркны, залымдарала ауаа дырӡуа ианалага, ӷәӷәала изхьысыз аԥсуа интеллигенциа иреиуан ашәҟәыҩҩцәагьы. Харада ахара рыдҵаны идырӡит: С. Ҷанба, Л. Лабахәуа, В. Агрба. Алитература ашьақәгылараан иаиуз ааха арҿиаратә процесс акырӡа ишьақәнаҟьеит, иаԥырхагахеит. 30-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны иреиӷьыз аҵеицәа ахьдырӡуаз азмырхакәа, 1937 ш. аԥсуа алфавит ақырҭуа шьаҭа змаз алфавит ахь ииаргеит. 1954 ш. азынӡа акьыԥхь зегьы ақырҭуа графика ала иҭыҵуан. Ари даараӡа ааха ду анаҭеит аҵаралашара, амилаҭтә литература, адоуҳатә культура зегьы. Аԥсуа школқәа адыркит, аҵара ақырҭуа бызшәахь ииаган. Арҿиаратә еилазаарақәагьы русура бжамҽамхеит.- Ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа мацара "ирзаанхартә", уаҳа даҽа уск иаламцәажәартә ахаангьы уи аҩыза аразҟы рмоуцызт, иахьагьы ирымам. Есымша рыжәлар ирхьааз даргьы ирхьаан, аԥсҭазаара реиҳа иахьеилашуаз агәҭаҵәҟьа иалагылазар акәын.- Аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩцәа убрахь иналаҵаны, ари изанышәомызт. Рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылар шауазгьы, Қырҭтәыла имҩаԥнагоз амилаҭеилыхратә политика аргама иаҿагылон, Асовет Еидгыла анапхгара рахь ашәҟәқәа рыҩуан. Урҭ иреиуоуп Г. Ӡиӡариеи, Кә. Шьаҟрыли, Б. Шьынқәбеи (1947), Ҭ. Шьаҟрыли Е. Шьаҟрыли (1952), Г. Ӡиӡариеи Б. Шьынқәбеи (1953), Д. Гәлиа (1957) уҳәа егьырҭгьы. Хара имагакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) ҵысит. Уи еиҳагьы алитература аҭагылазаашьа иахьысит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рахьтә имаҷҩымкәа Аԥсадгьыл ахьчара ицеит, урҭ еиуеиԥшым афронтқәа рҟны аӷа иҿагыланы еибашьуан. Аԥсадгьыл ахьчараан иҭахеит абаҩхатәра злаз арҿиаҩцәа: Л. Кәыҵниа, С. Қәычбериа, М. Гочуа, алитераторцәа ҿарацәа: К. Хәырцлаа, Ш. Ҭориа, Р. Џьопуа, В. Ҷиҷериа, В. Қапба, С. Ҵабриа уҳәа егьырҭгьы. Ахәрақәа рыманы, ргәабзиара акыр иҵшәааны ихынҳәит: Қь. Агәмаа, А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, С. Сангәлиа, Ш. Сангәлиа, Ш. Аҟәсба уҳәа егьырҭгьы. Ихәрақәа изынрыжьыз ачымазара иахҟьаны 1955 ш. рзы иԥсҭазаара ҿахҵәеит абаҩхатәра ҷыда злаз Қь. Агәмаа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иргаз Аиааира абзоурала маҷ-маҷ аҭынч ԥсҭазаара шьақәгылон. Аибашьра иалҵыз ашәҟәыҩҩцәа еиуеиҧшым ажанрқәа ирыҵанакуа аҩымҭақәа маҷымкәа иаԥырҵеит. Афырхацәа ирызкны ирҿиамҭақәа цәырҵит Д. Гәлиа. Уахь иалоуп, ҳәарада, Б. Шьынқәба уҳәа егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәагьы. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа акыр ауадаҩрақәа шацызгьы, амилаҭтә литература аиҭарҿиара амҩа ианын. Аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылараан ҳажәлар рыҩнуҵҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа, Д. Гәлиа аԥхьа днаргыланы, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа ирныԥшуан. Аԥхьатәи абиԥара ирышьҭанеиуаз Б. Шьынқәба, И. Ҭарба, А. Лашәриа уҳәа аӡәырҩы иҭыҵуаз рҩымҭа ҿыцқәа рыла алитература аҿиара апроцесс еиԥҟьомызт, иаԥышьклаҳәуаз шмаҷмызгьы. Аԥхьаҩцәа еицгәарҭахьан Б. Шьынқәба ипоезиа, И. Папасқьыр ипроза, егьырҭ арҿиаҩцәа рҩымҭақәа. Амала, изӡатәузеи, арҭ ашықәсқәа раан иҭыҵыз ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара рацәам. Абри аҭагылазаашьа аныԥшит аиҭагара аусгьы. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьыз иреиуоуп: И. Папасқьыр ироман "Ҭемыр" ("К долгои жизни" (1948), Д. Гәлиа ишәҟәқәа "Иалкаау" (1950), "Иалкаау аҩымҭақәа" (1953), "Ҳқыҭаҿы. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа" (1953), Б. Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Аҿатә уаа" (1953). Сталин данԥсы нахыс, аамҭа ҿыц иабзоураны аиҭагара аусгьы амҽхак арҭбаауан.- Алитература аҽырҭбаан иҿиарцаз, усҟан иааиҵагылаз ашәҟәыҩҩцәа аиҭагарагьы напаларкыр акәын. Ҳаԥхьаҩцәа ирдыруазар акәын, дара рбызшәала еиҭаган ирырҭар руалԥшьан адунеи зыӡбахә ахыҵәахьаз арҿиамҭақәа рыхәҭак.- Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рылаԥшҳәааҿы иҟан аурыс сахьаркыратә литература аҟнытә аклассикцәа, урҭ рҩымҭақәа а аԥсшәахь реиҭагара ауасхыр азышьҭаҵан 1930-тәи ашықәсқәа инадыркны. Араҟа рыӡбахә мҳәакәа иузныжьуам: Д. Гәлиа, Ӡ. Дарсалиа, М. Ҷоҷуа, Л. Кәыҵниа, Б. Шьынқәба, И. Ҭарба, Қь. Агәмаа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, К. Шьаҟрыл, А. Амқәаб, М. Аҳашба, И. Ҷоҷуа, Хә. Бӷажәба, В. Маан, И. Папасқьыр, Ш. Инал-иҧа, Н. Патеиԥа, И. Аӡынба, З. Гәылариа, В. Ҷиҷериа, И. Папасқьыр, П. Ҷкадуа уҳәа егьырҭгьы. Хымԥада, аиҭагақәа идырбеион ҳдоуҳатә культура. Ахархәара змаз ақырҭуа нбан, Сталин данԥсы ашьҭахь, 1950-тәи ашьықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны кириллица ашьаҭала аԥсуа алфавит ҩаԥхьа ишьақәыргылан. Убри нахыс ҳажәлар рдоуҳатә культура, аԥсуа литература аҿиараҿы етап ҿыцк ашьақәгылара хацыркхеит.- Иҭабуп Вахтанг иахьатәи ҳаиҿцәажәаразы. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, сара исҭахуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра аламҭалаз уи аҭоурыхи иахьатәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә процесси алацәажәара иҵегь инарҭбаан иацаҳҵарц. Избанзар, уаҵәы игыло аҿар ирдыруазароуп ҳдоуҳатә хәшҭаара дуқәа ируаку ҳаԥсуа литература, усҟан ауп, урҭ рҭоурыхгьы, рыԥсадгьылгьы, рбызшәагьы ргәыбылра аныркуа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230314/asny-ashytsa-reidgyla-2023-shysa-asua-literatura-iamshny-irylanaeit-1044617998.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200822/Asny-Ashytsa-reidgyla-iakhati-asazaasha-Vakhtang-Aazou-itsazhara-1030793418.html
https://sputnik-abkhazia.info/20200724/Daur-Naebia-zsakhayra-zyshy-zbyzsha-patu-ryzymo-azhlar-eish-rymaam-1030590762.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103040/85/1030408560_171:0:1948:1333_1920x0_80_0_0_52f3bd452f6b5369bb31cf6b0aa07d9e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Анатоли Лагәлаа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103047/18/1030471891_0:0:924:924_100x100_80_0_0_977704efbe9eb1e91e362586be724fb0.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
- Вахтанг, иахьа маҷк ҳалацәажәар сҭахуп иаарласны 90 шықәса зхыҵуа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҭоурых, уи ашьақәгылашьа, аҿиашьа, адунеи аӡбахә рылаҵәартә иҟазҵаз ҳаиҳабыратә абиԥара рырҿиара шымҩаԥысуаз, уи иацыз ауадаҩрақәа, аҭагәҭасырҭақәа, аха нас урҭ зегьы ирылҵәрааны ашьапы ишықәгылаз. Нас, ԥыҭрак ашьҭхь даҽазнык имҩаԥаагар сҭахуп ҳаиҿцәажәара, усҟан ҳалацәажәап иахьатәи ҳлитературатә процес, иахьа арҿиара знапы алаку ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи зыхьӡаз, изхьымӡаз, ҳлитературатә ԥсҭазаара аҭагылазаашьа. Ажәакала, иахьа, иацтәи аҭоурых маҷк ҳагәылалап!
- "Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит". Д. И. Гәлиа иҳәамҭаны иаҳзаанхаз арҭ иажәақәа рыла агәрагара шимаз аабоит зуасхыр шьҭеиҵаз аԥсуа сахьаркыратә литература. Ҵабыргны, жәлар рҵеи лаша хара дыԥшуан, илаԥшҳәаа ҭбаан, алитература ду шьақәгылеит, аҿиара амҩагьы иануп. Ишаабац еиҧш, алитература зырҿио ажәлар рдоуҳатә культура ҵаулоуп, иҭбаауп, рхатә дунеи аарԥшраҿы маругас ирымоуп. Ара арҿиара ҳәаа змаӡам адунеихәаԥшра акәша-мыкәша аҭыԥ ааннакылоит, ахаҿра шьақәнаргылоит, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, лабҿаба ҳазлагылоу инаркны афилософиатә гәҭахәыцрақәа рҟынӡа. Зхатә ҳәынҭқарреи зхатәы бызшәеи змоу ажәлар алитература рымамзар ауам, уи ргәеисыбжь иацуп. Аԥсуаа ракәзар, ари амҩа иануп, атрадициа бзиақәагьы рҭыԥ ылырххьеит. Алитература ҳажәлар рыҿиара амҩан иалнаршахьоу, иҟалап макьаназы инагӡаны иҭҵаамзар. Аха еилкаауп, уи ҳажәлар рдоуҳатә культура, рмилаҭ хдырра, рыԥсадгьыл ахь абзиабара уҳәа ишрызнарҳаз. 20-тәи ашәышықәса алагамҭаз иааиуаз аамҭа ҿыц Аԥснынӡагьы иааӡеит. Гәынхәҵысҭала акәзаргьы, аԥсуа интеллигенциа иреиуаз уи рбарҭан, еиҳаракгьы ареволиуциа амҽхак аҽарҭбаауа ианалага нахыс. Иазгәаҭатәуп, ҳажәлар рхаҭарнакцәа акырӡа заа аҵаралашара рыҽшазыркхьаз. Аха амилаҭтә ҩыра шьаҭас иаиуртә алитература шьақәымгылацызт. Аамҭа дцәырнагеит, дӡырнагеит аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр азышьҭазҵаз, Аԥсны жәлар рпоет Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа. Уанӡа днеиаанӡа уи аҵара иҽазикит, ивагылаз, дымҩақәызҵаз ҟалеит, дышнеи-шнеиуаз аԥсуа алфавит аԥҵараҟынӡа днеит. Убас иразҟы иалан – аԥсуа рҵаҩы ихаҭа алитература дазхьаԥшит, аҩымҭақәа раԥҵараҿгьы иҽԥишәон. Ԥсабарала ҟәыӷара згымыз арккаҩы доуҳатә мчык иҵгәеит, ихы агәрагарагьы инаҭеит. Убри нахыс аԥсҭазаараҿы ауааԥсыра рыбзазара аганқәа ируакны алитература хацыркхеит, ишнеи-шнеиуаз жәлар рдоуҳа иахәҭакхеит. Аамҭа ҿыц ааира иацны ицәырҵыз, ашьақәгылара амҩа ианылоз амилаҭ литература аԥсҭазаараҿы цхыраагӡаны иҟалеит аҵаралашарахь зхы зырхаз ҳажәлар рзы, хымԥада, рмилаҭ хдыррагьы иазнарҳауан.
- Ҳара ҳлитература традициа дук амамызт, зегьы ҿыц иаԥҵатәын, акызаҵәык изҿыԥшуа иҟаз аурыс литературеи, адунеитә литературеи ракәын. Насгьы еиҿкаатәын ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, уахь инаԥхьатәын зԥышәа маҷыз, аха абаҩхатәра змаз, ҿыц аҩра иалагаз аҿар. Убри зегьы Дырмит Гәлиеи уи иааикәыршан иаацәырҵыз аинтеллигенциа қәыԥш ирылдыршар акәын.
-Ишдыру еиԥш, Февральтәи (1917) ареволиуциа ашьҭахь Урыстәылан, уи иаҵанакуаз атәылаҿацәқәа рҟны ицәырҵуа иалагеит еиуеиԥшым алитературатә гәыԥқәа, аиҿкаарақәа. 1918 ш. рзы иаԥҵахеит апоетцәа Урыстәылазегьтәи Реидгыла (1918-1929). Уи нахыс ашәҟәыҩҩцәа рхеидкылақәа рыхьӡқәа аамҭа-аамҭала рҽырыԥсахуан. Уаанӡа иаԥҵаз (1921) апролетартә шәҟәыҩҩцәа Урыстәылазегьтәи Реидгыла шьақәгылеит (1925) анхацәа рышәҟәыҩҩцәа Урыстәылазегьтәи реидҵа акәны. Убасҟан Аҟәагьы иаԥшьыргеит ашәҟәыҩҩцәа реилазаара аԥҵара, аха, изыхҟьазаалакгьы, агәҭакы зынагӡамхеит. Хара имгакәа апролетартә шәҟәыҩҩцәа Урыстәылатәи рассоциациа ҳәа еиҿкаахеит. 1928 ш. азы акәзар, Москва раԥхьатәи аизара ду мҩаҧнагеит. Уи иашьашәалаз ахеидкыла Аԥсынгьы ишьақәгылеит. 1932 шықәса апрель 23 рзы акәзар, ВКП (б) Ацентртә Комитет иаднакылеит алитература-сахьаркыратә еиҿкаарақәа реиҭакразы ақәҵара (акьыԥхь ианылеит апрель 24 рзы). Убасҟан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵаразы А. М. Горки хадас дзауз аиҿкааратә комитет СССР ашәҟәыҩҩцәа Зегьеидгылоутәи 1-тәи реизара ду азырхиара напы аркын. 1932 ш. Аԥсынгьы ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵаразы С. И. Ҷанба хадас даманы аиҿкааратә хеилак шьақәыргылан, ашықәс анҵәамҭаз аизарагьы мҩаԥнагеит. 1933 ш. Аԥснытәи асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла аԥҵан (ашьҭахь – Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳәа ишьақәгылоит). Уи аилазаарахь иалалеит шамахамзар Аԥсны иҟаз ашәҟәыҩҩцәа зегьы. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩыс дыҟан С. И. Ҷанба (1933-1937). (С. И. Ҷанба харада ахара идҵаны Бериа имаҵуцәа даныршь ашьҭахь, ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс далхын Л. Б. Кәыҵниа (1938-1939). Анаҩстәи ашықәсқәа раан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩцәас иҟан: Г. Д. Гәлиа (1940-1945), Хә. С. Бӷажәба (1945-1948), И. К. Ҭарба (1948-1953, 1958-1979), Б. У. Шьынқәба (1953-1958), М. Т. Лашәриа (1979-1986), А. Н. Џьонуа (1986-1989), А. Н. Гогәуа (1989-1997), Б. А. Гәыргәлиа (1997-2002), Г. Шь. Аламиа (2002-2004), Н. Ҭ. Кәыҵниа (2004-2010), Т. М. Ҷаниа (2010-2011), А. Кә. Мықәба (2011-2016). Еиуеиҧшым ашықәсқәа раан ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла амаӡаныҟәгаҩцәас иҟаз иреиуоуп: Хә. Бӷажәба, А. Лашәриа, К. Ломиа, В. Занҭариа, Н. Ҳашыг, С. Ҭаркьыл, А. Мықәба, В. Аԥҳазоу. 1934 ш. август 17 – сентиабр 1 рзы Москва имҩаҧысит асовет шәҟәыҩҩцәа актәи Зегьеидгылоутәи реизара ду. Абраҟа ишьақәрӷәӷәан арҿиаратә хеидкыла ду – СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла (ашьҭахь – СССР ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ҳәа ишьақәгылаз) аԥҵара. Аԥснынтәи делегатс аизара ду далахәын С. И. Ҷанба. Аԥсны дахаҭарнакны уи СССР асовет шәҟәыҩҩцәа Реидгыла Аревизиатә комиссиа аилазаарахь далхын. Агәыҵҟәыл ҷыда змаз Д. И. Гәлиа 1892 ш. Аҟәатәи ашьахарыуаа ршкол ахылаԥшҩы К. Д. Маҷавариани дицырхырааны "Аԥсуа нбан" еиқәиршәеит, егьҭыҵит аурыс графика шьаҭас иаманы. Уи нахыс далахәын адин литература аԥсшәахь аиҭагаразы акомиссиа, арҵаҩратә усура мҩаԥигон еиуеиҧшым ақыҭа школқәа рҟны. 1910-1920 шш. раан ирҵаҩратә усура иациҵоит Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿы, ашьҭахь аус иуан Аҟәатәи ашьхарыуаа рышкол, Аҟәатәи ареалтә ҵараиурҭа, Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа рҟны. Аҟәатәи арҵаҩратә семинариаҿы еиҿикааз алитературатә кружок иалан аҵаҩцәа М. Аҳашба, И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр уҳәа егьырҭгьы, аԥшьгаҩс даман анапылаҩыратә журнал "Ашарԥы-еҵәа". 1919 ш. февраль 27 рзы аҭыҵра иалагеит ихаҭа аԥшьгаҩыс дызмаз, редақторсгьы дзауз агазеҭ "Аԥсны". Аха Д. И. Гәлиа 1900-тәи ашықәсқәеи 1910 ш. аналагамҭеи рзы "Ааԥын", "Аҳы, сышәҟәы уеиҵамхан", "Ауаҩы", "Ахшыҩ, адырра, амч", "Ажәытәраан" уҳәа ихатәы жәеинраалақәа иҩит. Абасала алитературахь дымҩахыҵит. Жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа шьаҭас иаҭаны иаԥиҵоз аҩымҭақәа раԥхьатәи реизга "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" ҭижьит 1912 ш. рзы. Адырҩашықәсан – "Арԥызбеи аԥҳәызбеи рышәҟәы". Д. И. Гәлиа ибон акультура ахкқәа шырҿиатәыз, аха аԥхьа иргыланы алитература ада ԥсыхәа шыҟамыз. Уи ирҿиамҭақәа инарышьҭарххны С. Ҷанба иҩымҭақәа акьыԥхь иананыла, игәырӷьара ҳәаа амамызт.
- Дырмит ду ивагылаз аҿар даара дрықәгәыӷуан, урҭ зегьы аҵара лашара иазгәаҟуан, амца рҿықәыҳәҳә иҟан. Даара иааџьоушьаратә иҟоуп шықәсқәак ирылагӡаны урҭ ирылдыршаз.
- 1920-тәи ашықәсқәа ралагамҭа индыркны алитературахь раԥхьатәи ршьаҿақәа еихыргон Аҟәатәи арҵаҩратә семинариа иҭаз иреиуаз: И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр, М. Лакрба, М. Аҳашба уҳәа егьырҭгьы. Урҭ рҩымҭақәа аԥхьа иркьыԥхьуан агазеҭ "Аԥсны" ("Аԥсны ҟаԥшь") адаҟьақәа рҟны. Ишдыру еиԥш, 1930-тәи ашықәсқәа инаркны аҵаралашара аҽарҭбаауан. 1930 ш. иаартын Аԥсуа милаҭтә театр, амузыкатә ҵараиурҭа, аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа, 1932 ш. – Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт, иара убас аусура хацнаркит аԥсуа радио. Абри аамҭазы амилаҭтә литература аҿиара амҩа иацнаҵеит, есааира ишьақәгылон, аҽышьақәнарӷәӷәон. 1933 ш. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла анаԥҵаха нахыс алитературатә ԥсҭазаара аҽарҭбаауан. Ахеидкыла алитература аҿиара аус аҟны ицхыраагӡахеит. Абарҭ ашықәсқәа раан алитература иаҵагылаз арҿиаҩцәа ҿарацәа иреиуоуп Л. Кәыҵниа, Л. Лабахәуа, урҭ рнаҩс – Қь. Агәмаа, Б. Шьынқәба, В. Агрба, С. Қәычбериа, М. Ақаҩба уҳәа егьырҭгьы. Д. Гәлиа иҩымҭақәа реиҧш, 30-тәи ашықәсқәа раан еиҵагылоз арҿиаҩцәа рабиԥара зҿыԥшуаз аҩымҭақәа аланагалахьан алитература, иаагозар С. Ҷанба ирҿиамҭа "Ашьха ҭыԥҳа" (1925), идрама "Амҳаџьыр" Аԥсуа театр аҟны иқәдыргылахьан (1928, 1929). Инамҩатәны ргәаларшәара ахәҭоуп иара убас акомедиа "Аҩы иашьыз иԥсцәа иҵәыуон", апиеса "Аԥсны-Ҳаным", прозала иҩу ажәеинраалақәа "Ашәҭ ҟаԥшь зҿоу аҵла", "Адәыӷба №6", ажәабжьқәа "О, аллаҳ, аллаҳ", "Сабду ихәшҭаара ахаҳә", апиеса "Анцәа Саваоф", аповест "Сеидыҟ".
- Апоезиеи апрозеи ржанрқәа роуп раԥхьа ицәырҵыз, еиҳа, ус уҳәар ауазар ҳашәҟәыҩҩцәа ирласны "ишьҭырԥааз!" Уаҟа иааиз аамҭа ҿыцгьы амҵәыжәҩа рнаҭеит, рбаҩхатәра аӡрыжәит.
- Апоезиаҿы ахьӡ ҿыцқәа рцәырҵра абзоурала, апоезиаҿы еиҧш, апрозаикцәа инеиҵыху рҩымҭақәа ҭыҵуан. Алитератураҿы ицәырҵхьаз Д. Гәлиа раԥхьатәи иажәабжь "Атәым жәҩан аҵаҟа" аԥхьаҩцәа ирылаҵәахьан. И. Папасқьыр раԥхьатәи ироман "Ҭемыр" (1937) аҭыҵра ишьақәнарӷәӷәеит аԥсуа проза аԥеиҧш бзиа шазыԥшыз. Зымҵәыжәҩақәа еиҵызхуаз амилаҭтә литература есааира амҽхак иазҳауан, алшарақәа удыргәырӷьартә амҩа ианын. Аха 1937 ш. инаркны, залымдарала ауаа дырӡуа ианалага, ӷәӷәала изхьысыз аԥсуа интеллигенциа иреиуан ашәҟәыҩҩцәагьы. Харада ахара рыдҵаны идырӡит: С. Ҷанба, Л. Лабахәуа, В. Агрба. Алитература ашьақәгылараан иаиуз ааха арҿиаратә процесс акырӡа ишьақәнаҟьеит, иаԥырхагахеит. 30-тәи ашықәсқәа раан харада ахара рыдҵаны иреиӷьыз аҵеицәа ахьдырӡуаз азмырхакәа, 1937 ш. аԥсуа алфавит ақырҭуа шьаҭа змаз алфавит ахь ииаргеит. 1954 ш. азынӡа акьыԥхь зегьы ақырҭуа графика ала иҭыҵуан. Ари даараӡа ааха ду анаҭеит аҵаралашара, амилаҭтә литература, адоуҳатә культура зегьы. Аԥсуа школқәа адыркит, аҵара ақырҭуа бызшәахь ииаган. Арҿиаратә еилазаарақәагьы русура бжамҽамхеит.
- Ҳашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа мацара "ирзаанхартә", уаҳа даҽа уск иаламцәажәартә ахаангьы уи аҩыза аразҟы рмоуцызт, иахьагьы ирымам. Есымша рыжәлар ирхьааз даргьы ирхьаан, аԥсҭазаара реиҳа иахьеилашуаз агәҭаҵәҟьа иалагылазар акәын.
- Аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, ашәҟәыҩҩцәа убрахь иналаҵаны, ари изанышәомызт. Рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭанаргылар шауазгьы, Қырҭтәыла имҩаԥнагоз амилаҭеилыхратә политика аргама иаҿагылон, Асовет Еидгыла анапхгара рахь ашәҟәқәа рыҩуан. Урҭ иреиуоуп Г. Ӡиӡариеи, Кә. Шьаҟрыли, Б. Шьынқәбеи (1947), Ҭ. Шьаҟрыли Е. Шьаҟрыли (1952), Г. Ӡиӡариеи Б. Шьынқәбеи (1953), Д. Гәлиа (1957) уҳәа егьырҭгьы. Хара имагакәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945) ҵысит. Уи еиҳагьы алитература аҭагылазаашьа иахьысит. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рахьтә имаҷҩымкәа Аԥсадгьыл ахьчара ицеит, урҭ еиуеиԥшым афронтқәа рҟны аӷа иҿагыланы еибашьуан. Аԥсадгьыл ахьчараан иҭахеит абаҩхатәра злаз арҿиаҩцәа: Л. Кәыҵниа, С. Қәычбериа, М. Гочуа, алитераторцәа ҿарацәа: К. Хәырцлаа, Ш. Ҭориа, Р. Џьопуа, В. Ҷиҷериа, В. Қапба, С. Ҵабриа уҳәа егьырҭгьы. Ахәрақәа рыманы, ргәабзиара акыр иҵшәааны ихынҳәит: Қь. Агәмаа, А. Џьонуа, Ҷ. Џьонуа, С. Сангәлиа, Ш. Сангәлиа, Ш. Аҟәсба уҳәа егьырҭгьы. Ихәрақәа изынрыжьыз ачымазара иахҟьаны 1955 ш. рзы иԥсҭазаара ҿахҵәеит абаҩхатәра ҷыда злаз Қь. Агәмаа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аан Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иргаз Аиааира абзоурала маҷ-маҷ аҭынч ԥсҭазаара шьақәгылон. Аибашьра иалҵыз ашәҟәыҩҩцәа еиуеиҧшым ажанрқәа ирыҵанакуа аҩымҭақәа маҷымкәа иаԥырҵеит. Афырхацәа ирызкны ирҿиамҭақәа цәырҵит Д. Гәлиа. Уахь иалоуп, ҳәарада, Б. Шьынқәба уҳәа егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәагьы. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа акыр ауадаҩрақәа шацызгьы, амилаҭтә литература аиҭарҿиара амҩа ианын. Аҭынч ԥсҭазаара ашьақәыргылараан ҳажәлар рыҩнуҵҟа имҩаԥысуаз ахҭысқәа, Д. Гәлиа аԥхьа днаргыланы, егьырҭ ашәҟәыҩҩцәа рырҿиамҭақәа ирныԥшуан. Аԥхьатәи абиԥара ирышьҭанеиуаз Б. Шьынқәба, И. Ҭарба, А. Лашәриа уҳәа аӡәырҩы иҭыҵуаз рҩымҭа ҿыцқәа рыла алитература аҿиара апроцесс еиԥҟьомызт, иаԥышьклаҳәуаз шмаҷмызгьы. Аԥхьаҩцәа еицгәарҭахьан Б. Шьынқәба ипоезиа, И. Папасқьыр ипроза, егьырҭ арҿиаҩцәа рҩымҭақәа. Амала, изӡатәузеи, арҭ ашықәсқәа раан иҭыҵыз ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара рацәам. Абри аҭагылазаашьа аныԥшит аиҭагара аусгьы. Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьыз иреиуоуп: И. Папасқьыр ироман "Ҭемыр" ("К долгои жизни" (1948), Д. Гәлиа ишәҟәқәа "Иалкаау" (1950), "Иалкаау аҩымҭақәа" (1953), "Ҳқыҭаҿы. Ахәыҷқәа рзы ажәеинраалақәа" (1953), Б. Шьынқәба иажәеинраалоу ироман "Аҿатә уаа" (1953). Сталин данԥсы нахыс, аамҭа ҿыц иабзоураны аиҭагара аусгьы амҽхак арҭбаауан.
- Алитература аҽырҭбаан иҿиарцаз, усҟан иааиҵагылаз ашәҟәыҩҩцәа аиҭагарагьы напаларкыр акәын. Ҳаԥхьаҩцәа ирдыруазар акәын, дара рбызшәала еиҭаган ирырҭар руалԥшьан адунеи зыӡбахә ахыҵәахьаз арҿиамҭақәа рыхәҭак.
- Аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рылаԥшҳәааҿы иҟан аурыс сахьаркыратә литература аҟнытә аклассикцәа, урҭ рҩымҭақәа а аԥсшәахь реиҭагара ауасхыр азышьҭаҵан 1930-тәи ашықәсқәа инадыркны. Араҟа рыӡбахә мҳәакәа иузныжьуам: Д. Гәлиа, Ӡ. Дарсалиа, М. Ҷоҷуа, Л. Кәыҵниа, Б. Шьынқәба, И. Ҭарба, Қь. Агәмаа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, К. Шьаҟрыл, А. Амқәаб, М. Аҳашба, И. Ҷоҷуа, Хә. Бӷажәба, В. Маан, И. Папасқьыр, Ш. Инал-иҧа, Н. Патеиԥа, И. Аӡынба, З. Гәылариа, В. Ҷиҷериа, И. Папасқьыр, П. Ҷкадуа уҳәа егьырҭгьы. Хымԥада, аиҭагақәа идырбеион ҳдоуҳатә культура. Ахархәара змаз ақырҭуа нбан, Сталин данԥсы ашьҭахь, 1950-тәи ашьықәсқәа рҽеиҩшамҭа инаркны кириллица ашьаҭала аԥсуа алфавит ҩаԥхьа ишьақәыргылан. Убри нахыс ҳажәлар рдоуҳатә культура, аԥсуа литература аҿиараҿы етап ҿыцк ашьақәгылара хацыркхеит.
- Иҭабуп Вахтанг иахьатәи ҳаиҿцәажәаразы. Хыхь ишысҳәаз еиԥш, сара исҭахуп Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра аламҭалаз уи аҭоурыхи иахьатәи ашәҟәыҩҩцәа рырҿиаратә процесси алацәажәара иҵегь инарҭбаан иацаҳҵарц. Избанзар, уаҵәы игыло аҿар ирдыруазароуп ҳдоуҳатә хәшҭаара дуқәа ируаку ҳаԥсуа литература, усҟан ауп, урҭ рҭоурыхгьы, рыԥсадгьылгьы, рбызшәагьы ргәыбылра аныркуа.