Инна Аҳашԥҳа: "Амцабз" ҳхәыҷра хазырҭәааз, ҳлитература ҳазхьазырԥшыз журналуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы журнал "Амцабз"
Ахәыҷтәы журнал Амцабз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахəыҷтəы журнал "Амцабз" ҭыҵит лаҵарамзазы, 1957 шықəса рзы. Уи аҭоурыхи иахьатəи аԥсҭазаареи Ахәыҷқәа рыхьчара амш аҽны дырзааҭгылоит аредактор хада Инна Аҳашԥҳа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсуа хəыҷтəы журнал "Амцабз" ахəыҷкəа реиԥш, адуцəагьы бзиа ибаны ирыдыркылоит.  Иара анҭыҵыз амш инаркны иахьа уажəраанӡа ахәыҷқəа рҟазара аӡыргараҿы, ииашаҵəҟьаны, мцабзҵас илашоит, аԥхарра ахылҵуеит.

"Ахəыҷқəа даара бзиа ирбо журналуп "Амцабз".  Атираж 4000 цыра ыҟоуп, Аԥсны иҭыҵуа ажурналқəа зегьы иреиҳауп тиражла. Ҳара ҳаӷəӷəаӡа ҳаҟоуп, аԥхьаҩцəагьы ҳамоуп, ахəыҷқəагьы  бзиа ҳарбоит, излаҳалшо алагьы аҭыжьра ҳаҿуп. Ҳҽи ҳкəадыри ааиқəҵаны ирзызшогьы ҳара ҳауп, Дырмит Гəлиа иуардын днақəтəаны ишишоз еиҧш", - ҳəа азгəалҭоит Инна Аҳашԥҳа.

Ажурнал "Амцабз" сахьа ԥшӡала иҩычоуп,  анҵамҭа лыԥшаахқəа рыла еиқəыршəоуп. Аҳəыҷкəа зызҿлымҳахаша, хшыҩзышьҭра зырҭаша аматериалқəа маҷым.

Ахәыҷтәы журнал Амцабз Инна Ҳашԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аҳашԥҳа: ажурнал "Амцабзи" ашколхәыҷқәеи ремадара шьҭыхтәуп

"Ахəыҷтəы журнал  "Амцабз" ҭыҵит 1957 шықəа рзы, лаҵарамзазы. Ажурнал аус адырулон аԥсуа шəҟəыҩҩцəа, ҳинтеллигенциа ӡəыр дыҟазар убри ҵакыс иамаз, ахəыҷқəа иахьынӡарыхəоз азгəаҭаны, рҽеизганы амаҵ азыруан.  Аус руан Мушьни Аҳашба, Кəымф Ламиа, Платон Бебиа, Ҷыҷыкəа Џьонуа уҳəа аӡəырҩы", - лҳəеит Инна Аҳашԥҳа.

Ажурнал "Амцабз" аусзуцəа ирыԥгылоу уадаҩрақəак ыҟазаргьы, рхы аҵамырхакəа рус нарыгӡоит, аԥхьаҩцəа хəыҷкəа ргəалаҟазаара ашьҭыхра иашьҭоуп.

"Транспортла ҳаиқəшəаӡам, аредакциа аҩнуҵҟа уадаҩрак ҳамазаргьы, анҭыҵ иҳанҳарҧшӡом, аредакциа аҩнуҵҟа иаанхоит. Ҳҳəынҭқарра беиазар, ҳарҭгьы ҳбеиахон, ҳуалафахəы маҷуп.  Ҳпатриотцəами, аус ҳуеит аӷьараҳəа, ҳгəы каҳажьуам, ҩнапыкала ҳ-Амцабз ҳашьҭоуп", - ҳəа азгəалҭоит ажурнал аредактор хада.

Ажурнал "Амцабз" ианыло анҵамҭақəа ракəзар, урҭ аусзуцəа ҷыдала ирызнеиуеит. Насгьы, ажурнал иамоу аҵакы ахəыҷқəа рзы акырӡа ицхыраагӡоуп ҳəа ирыҧхьаӡоит.

Раԥхьатәи ахәыҷтәы журнал Амцабз - Sputnik Аҧсны
Ажурнал аредактор хада: "Амцабз" амца аԥхарра иаднаԥхьалоит ахәыҷқәа

"Аиҵбыратə школқəа ирыҵаркуа ахəыҷқəа рырҵаҩцəеи ҳареи аимадара ҳамоуп. Зны ҭелла ҳҽеимаҳдоит, зны ус аиԥыларақəа мҩаԥаҳгоит, убас ала ахəыҷқəа еиҳа иалыркаауа аҩымҭақəа змоу аанарго ыҟоуп, дара ахəыҷқəа ианаарго ыҟоуп. Нас, ҳаицəажəоит, аҩымҭақəа ҳрыцхрааны, "Аԥра" ҳəа ажурнал аҩнуҵҟа аномер ҳамоуп, рпартреҭ хəыҷқəа анҵаны рҩымҭақəа ҭҳажьуеит. Аԥсуа хəыҷы исахьа ибар, иҩымҭа ибар, аԥхьара агəыбылра икуеит, убас хəыҷы-хəыҷла аԥхьаҩцəагьы арҳауеит, зҩымҭақəа аазгогьы рацəаҩхо иалагеит", - лҳəеит Инна Аҳашԥҳа.

Аҩразы агəаҳəара змоу, абаҩхатəра злоу ахəыҷкəа рзы еснагь ашəқəа аартуп ахəыҷтəы ԥсҭазаара арҿиаратə хəышҭаара "Амцабз" аредақциа.

"Аҧсуа  бызшəа агəыбылра днаркыр, аԥхьара днарҵар, рҵарамҩаҿы, аԥсшəа рҵараҿы, ҳмилаҭ ркультура, рдоуҳа, иааимаданы зегьы рцəыргашьа иақəшəар, убри ҳара ҳзы иааира дууп, ирыҩуа аҵкысгьы, убри хшыҩзышьҭра аҳҭоит, убри аҟны хəыҷык иҳақəҿиазаргьы ҟалап ҳəа сақəгəыӷуеит", - лҳəеит Аҳашԥҳа.

Ажурнал "Амцабз" атехникатə персонал налаҵаны жəаҩык ауаа аус адырулоит. Хаҭала, Инна Аҳашԥҳа ажурнал редактор хадас аус луеижьҭеи 12 шықəса ҵуеит.

"Ҳара ҳхəыҷра зегьы харҭəааны абызшəа аганахь абзиабара ҳазҭаз, аҧхьара ҳгəазырԥхаз, ҳлитература ҳазхьаԥшуазар, ҳазхьаԥшуа ҳҟазҵаз ажурнал "Амцабз" ауп.  Ахəыҷкəа зегьы убри иазхьаԥшларц сҭахуп, иаԥхьаларц сҭахуп. Ҳара иаҳаҩуа гхак амазар, убри агха азгəаҭаны, иҵегьы еиӷьны аԥхьаҟа иҭрыжьырц азеиӷьашьара сымоуп, убас иҟазарц сҭахуп ахəыҷқəа", - ҳəа азгəалҭоит ажурнал "Амцабз" аредақтор хада Инна Аҳашԥҳа.

Ажурнал  "Амцабз"  бзанҵы ҿыцəаара ақəымзааит! Ахəыҷқəа рырҿиаратə дунеи аизҳара ақəзааит! Ҽааныбзиала!

Ажәабжьқәа зегьы
0