Аԥсны

"Ҳара иаҳқәашьхеит даҽа иааирак азы ақәԥара": аветеран Игор Кокоев иҭоурых

30 шықәса раԥхьа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага Аахыҵ-Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьра иааз, "Агәымшәараз" амедал занашьоу Игор Кокоев диҿцәжәеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.
Sputnik
Ари санҵамҭа зызку хатәгәаԥхарала Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы еибашьуаз иахьа дынхоит Нхыҵ- Уаԥстәыла, аха 30 шықәса рышьҭахь арахь данаауаз Цхьынвал дынхон, ихыҵуан 23 шықәса.
Игор Кокоев 1992 шықәсазы ақырҭуа агрессор Аԥсны данақәлоз иман аибашьратә ԥышәа. Аахыҵ - Уаԥстәылатәи аибашьра аамҭазы иара акомендантә взвод акомандирс дыҟан.
Игорь Кокоев, Лиалиа Чамагәуаԥҳа, Владимир Коцоев
"Ҳара ҳавзвод Урыстәылатәи абжьаҟазаратә архәҭа иалан. Ииашаҵәҟьан, 1991 шықәсазы ҳаԥсадьыл аҿы аибашьра аналага, иҳахьчар акәхеит, аибашьратә ԥышәа ҳмоур ада ԥсыхәас иҳамааз?", - иҳәоит Игор.
Аветеранцәа зегь реиԥш, уамак аибашьраҿтәи ахҭысқәа рылацәажәара иҭахымызт Кокоев, аха ус акәзаргьы дсырцәажәеит изласылшоз ала.

"Сара арахь сзааз атәы сҳәозар, усҟан сызлаз ҳара ҳгәыԥ аҿы иӡбаны ишьҭырхит хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа аара. Цхьынвал ахьчаҩцәа ааизан ирыдыркылеит аӡбамҭа. Аԥышәа ҳамамзи , ҳашьцәа аԥсуаа ҳрыдгылароуп ҳәа еицҿакны ирҳәеит. Ҳара ӷас иҳамаз аӡә иакәын, ҳаӷацәа хәыцырҭас ирымазгьы акакәын – аԥсуааи ауаԥсқәеи шындырҵәашаз. Аԥсны аԥсуаа рыда рымҳәоз? Абри ауп ҳара арахь иҳахоз. Даҽа хәыцырҭак ҳамамызт. Ҳахшыҩ иҳаҵанаҳәеит ицатәуп ҳәа", – абас ахҳәаа азиуеит Игор хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа дара ргәыԥ здәықәлаз.

Игор Кокоев ишиҳәо ала командирс дрыман Алан Џьиоев – ианаауаз уа Цхьынвалгьы иара иакәын ԥхьагылас ирымаз.
"Аԥшыхәыҩцәа, аминаршәыҩцәа, артиллеристцәа уҳәа, иҳамаз еиҳа иазыҟаҵаз ауаа шьҭаҳхит. Еиҳа иқәыԥшцәаз. Иаарц зҭахыз рацәаҩын, аха Алан ус имуит, зегь ҳцар нас ара инхода, араҟагьы ихьчатәуп иҳәеит. Ирымгаз ҳхыбауан арахь аара ҳара иахьаҳқәашьхаз. 75 –ҩык Аахыҵ-Уаԥстәылантәи иҟан. Ҳашьҭыԥраан Гәдоуҭа Бомбора ҳәа иахьашьҭоу аҳаирбаӷәазаҿы ҳтәеит", – иажәа иациҵоит аветеран.
Игор ишиҳәо ала, иааз шьҭахьҟа аӡәгьы дымгьежьӡеит, уи адагьы акомандир Алан Џьиоев ргәыԥ аҿы еизигеит зхала иаахьаз ауаԥсқәа зегьы.
"Урҭ еиуеиԥшым архәҭақәа рҿы иҟан, иахьынӡасгәалашәо 20-ҩык раҟара ыҟан. Ара мызкаԥхьа иаахьан иара убас Нхыҵ-Уаԥстәылатәи аибашьцәа. Урҭ ҩышәҩык раҟара ыҟан. Урҭ аԥсшьарҭа ҩны "Осетия" иҩнан. Аҽазыҟаҵарақәа ирхысуан аԥсуа архәҭақәеи дареи рҽеидкыланы. Нас, ҳара ҳанаа зегь ҳаилалеит "Ауаԥс баталион" ахьӡын уи", - абас игәалаиршәоит Игорь усҟантәи ахҭысқәа.
Аԥсны
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп
Аветеран еиҭеиҳәоит дара рбаталион ажәыларақәа рахь ишцоз аԥсуа арратә напхагара рыдҵала шакәыз.
"Ҳара Алан Џьиоев иакәын командирс иҳамаз, аха уи аԥхьа ҳара ҳаанӡа ауаԥсқәа ргәыԥ аказак генерал Бимболат Ӡуцев иакәын акоманда рызҭоз, ҳара ҳанааи аибашьра адәаҿтәи командирс Алан дҟалеит. Ӡуцеви аԥсуа командаҟаҵаҩцәеи апланқәа шьақәдыргылон, ажәыларахьы ҳанцоз ҳаԥхьа игылоз Алан иакәын", - ҳәа ажәабжь еиҭеиҳәоит Игор.
Аԥсны ақырҭқәа анақәла, хатәгәаԥхарала арахь ҳадгылаҩцәа анаа, ҳажәлар акыр ргәы шьҭанхит, уи иаман аҵак ду. Игор уи дара ируалны иԥхьаӡоит.
"Ҳашьцәа ҳрыдгыларц ҳааит. Угәы ахьухо ауп уахьцо. Ҳара ҳазгәыдууп аԥсуаа рахь ҳшьаҿа ахьеихаҳгаз. Аиаша шәасҳәоит, убри зегь ибзоуран Владислав Арӡынба. Уи ибжьы Кавказ зегь иахыҵәеит. Ашьхаруаа зегь еилыркааит аӷа ишиҿагылатәыз. Уи аԥсуаа реиқәырхаразы ииз уаҩуп. Ажәакала зегь ҳаидикылеит. Кавказ иқәынхоз ажәларқәа зегь рҽеидыркылеит Владислав иԥхьагыларатә ҟазшьақәа ирыбзоураны",– абас игәышьҭыхгоу ахәыцрақәа рыла дсацәажәоит аветеран.
Игор исиҭаз аинформациа ала 16-ҩык хатәгәаԥхарала еибашьуаз ауаԥсқәа ҭахеит.
"Аибашьра ԥсыҭбарада изыҟалом, ирацәаҩуп сыла иабаз агәымшәара аазырԥшуаз афырхацәа, аха аӡә далкааны исҳәарц сҭахым. Иарбан жәылазаалакгьы - гәымшәаран шьаҭас иамаз аԥсуаа реибашьцәа рхықәкы", -агәаанагара иҳәоит Игор.
Иуадаҩыз ажәыларақәа рҟынтә, Игор иаликаауеит аӡәырҩы злацәажәахьо ахәы Цугәыровка рырхәҭа анхалозтәи арратә операциа.
"Ақәа леиуан, ҳәынҵәаран. Ахалара уадаҩын. Ԥсабарала ус иҟоуп урҭ аҭыԥқәа. Ҳаҷкәынцәа ахьҭа рылалеит. Нас ҳгьежьыр акәхеит. Ихәыз даара ирацәаҩын. Аԥсуаа роуп еиҳарак иҭахаз. Ҳара иџьаҳшьон урҭ ирызҭаз агәаӷь…", – абас иҳәоит уи амш игәаларшәо ауаԥс еибашьҩы.
Игори сареи ҳалацәажәон хатәгәаԥхарала иҭахоз аҷқәынцәа рыԥсыбаҩқәа рыԥсадгьыл ахь ианнарагалак ранацәа рҭагылазаашьа.
"Сынтәа март 5 рзы Леонид Лакербаиа напхагара зиҭоз аделегациа Нхыҵ-Уаԥстәыла иҟан. Дара иҭахаз рҭаацәа ирҭаауан, ирацәажәон. Анацәа азгәыдууп Аԥсны Аиааира дара рыҷкәынцәа рыхәҭа ахьало. Ҳәарада, рыхшара рҭахара ргәы днархьуеит, аамҭа зегь ахәшәтәуеит рҳәоит, аха акгьы ахәшәтәӡом. Ихьанҭоуп рҭагылазаашьа, аха аԥсуа делегациа рбара ианнеи иҭабуп ҳәа рарҳәеит иахьыргәалашәо азы", - абас саҭеикит Игор.
Аветеран Тигиев: сҩызцәа рыбжеиҳараҩык аибашьра иқәнахит
Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра анхыркәшаха маҷк инахыкны Игор Кокоев Нхыҵ-Уаԥстәылаҟа нхара диасит, иҭаацәа Цхьынвал иҟазаргьы. 20 шықәса ҵуеит Владикавказ дынхоижьҭеи, уажәы ихыҵуеит 54 шықәса.
"Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы аусра салагеит уа. Ҩышықәса ҵуеит тәанчара сцеижьҭеи. Асолдаҭ изы зегь иреиҳау арратә ҳамҭа сымоуп Аԥсны сахьеибашьуаз азы – "Агәымшәараз" амедал. Стәанчаҩуп, аха ауаажәларратә усқәа снапы рылакуп иахьагьы, аԥсшьара сыгәгьы иҭам", - иҳәоит Игорь макьана аԥсҭазаара агәазыҳәара шимоу ҳардыруа.
Аветеран адныҳәалара ҟаиҵеит Аиааира 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы: "Ҭаацәацыԥхьаӡа ирзеиӷьасшьоит аманшәалара, ақәҿиарақәа Аԥсны иқәынхо зегьы, иара убас ҷыдала – аибашьра аветеранцәа".