Аветеран Тигиев: сҩызцәа рыбжеиҳараҩык аибашьра иқәнахит

Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатә гәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз Сергеи Тигиев
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатә гәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз Сергеи Тигиев - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлари ауаԥс жәлари еицырзеиԥшу аҭоурыхтә мҩа еицанысхьеит, еицырзеиԥшу лахьынҵак еиднакылоит. Уи амҩа, хақәиҭратә мҩоуп.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Зыԥсҭазаараҿы изныкымкәа аибашьрақәа зхызгахьоу ауаԥсаа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, аԥсуа жәлар рыхьчаразы бџьаршьҭыхла игылеит. Усҟан дара рҿаԥхьа иқәдыргылаз рыдҵа нарыгӡеит, фырхаҵарыла рашьцәа рыжәҩахыр рыдырҵеит, ҳзеиԥш аӷа иҿагыланы иабашьит. Иҟоуп зқәыԥшра аҳәаақәа ирҭымскәа зыԥсҭазаара ҿахҵәаз, аӷа ихымца изацәымцаз.

Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатә гәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз Сергеи Тигиев, игәалаиршәоит иҩызцәеи иареи арахь амҩа ишықәлаз.

"Нанҳәа 16 рзы, сара сҩызак иҳәоны исаҳаит аибашьра ахьыҟалаз Аԥсныҟа ҳцароуп ҳәа. Нанҳәа 17 рзы ицарц зҭахыз ҳҽеидаҳкылеит, адырҩаҽны Цхинвал ақалақь аҟны иҟаз ахәыҷбаҳчаҿы ирацәаҩны ҳаизеит. Нанҳәа 18 рзы, ашьыжь асааҭ ааба рыбжа рзы сара схаҭа саннеи, сааигәа-сигәа инхоз рыбжеиҳараҩык зегьы еизахьан. Зынӡа 60-ҩык рҟынӡа ҳаҟан. Нанҳәа 18 рзы, Цхинвалынтә амҩа ҳақәлеит, нанҳәа 21 рзы Аԥсны ҳаҟан", — ҳәа азгәеиҭоит аибашьра аветеран.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Сергеи Тигиев излаиҳәо ала, раԥхьатәи ажәылара рхы аладырхәит нанҳәа 23 рзы.

"Ауаԥстәи аҳаракыра" ҳәа иахьашьҭоу аҭыԥаҿы имҩасуан ажәылара. Аԥсҭбарақәа иҟалаз зегьы нанҳәа мза 27 рзы ауп ҳанақәшәа. Ацамаз Маргиев, Роберт Петров, Џьамал Сиукаев, Аԥсны ҳаннеи ԥшьымш ааҵуаны иҭахеит", — иҳәеит Сергеи Тигиев.

Сима Шхагошева - Sputnik Аҧсны
Сима Шхагошева: сыҷкәын сара сзы дышқәыԥшыз даанхеит

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы, Ацамаз Маргив иҭахара раԥхьатәи ԥсҭбаран иҟалеит. Иара иҭаацәа Аԥсныҟа еибашьра дшааз рыздырӡомызт. Ианеилыркаа, аҩныҟа иԥсыбаҩ анрызнарга ауп. Иани иаби ргәыӷрақәа здырҳәалоз ҵеи заҵәын. Ацамаз иан, Нора Маргиева, ҳанлыҿцәажәоз илҭаххеит лыҷкәын изы ажәақәак лҳәар, аха лхьаақәа лиааиуан. Ус шакәызгьы иазгәалҭеит:

"Сара сыҷкәын дмыԥсӡеит, иԥсы ҭоуп. Исзынхаз ифырхаҵараз Аԥсны ианаршьаз аҳамҭақәеи, исахьақәеи роуп. Дыгәхьаазгоит…", — анаҩс, лылаӷырӡқәа дыдмырцәажәеит аибашьҩы иан.

Аԥсни Аахыҵ- Уаԥстәылеи Ареспубликақәа рҿы фырхаҵак иаҳасабала иӡбахә рҳәоит аибашьраҿы иҭахаз Роберт Петров-Какоев.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Џьамал Сиукаев ифырхаҵара, егьырҭ иҩызцәа реиԥш аҭоурых иануп. Иара дахьынхоз иҩны аҿаԥхьа акәын иахьеизоз раԥхьа хатә гәаԥхарала Аԥсныҟа еибашьра иааз ауаԥсаа. Џьамал иан, Матрона Сиукаева, хҩык лыхшара анышә иалҭахьеит, ҩыџьа лԥацәеи, лыԥҳаи. 

"Сара сзы аԥсҭазаара хаарак аҵам, аԥсра сагьацәшәом, слахьынҵа цәгьахан адунеи сықәхеит,сылақәа ааԥшуеит умҳәозар… Исзаанхаз ҩыџьа смаҭацәа роуп лашарас исымоу. Зны-зынла сгәы камыжькәагь аԥсҭазаара сҽазысшәоит, адгьыл сықәаарыхуеит. Убриала исзынхаз саамҭа уадаҩ схызгоит. Ҳазшаз ус исаҭәеишьеит, сзииааиуам. Аԥснаа, шәаргьы ҳаргьы уаҳа еибашьра ҳабла иамбааит", — луанытә дқәыԥсычҳауа дцәажәон аԥҳәыс бырг.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ауаԥс арԥарцәа, Цхинвал анышә иахьамадоу, ҩаԥхьа аӷа ихымҭа изацәымцеит. Аахыҵ- Уаԥстәыла аибашьра анцоз, ақырҭқәа, рҳаҭгәынқәа ирхагылоу абаҟақәа, ахҭыԥ иадыргеит.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа: ҳаҷкәынцәа рфырхаҵара аҭоурых иануп

"Сара даара исцәыуадаҩуп арҭ арԥарцәа рзы ажәа аҳәара. Сҩызцәа рыбжеиҳараҩык аибашьра иқәнахит, аԥсҭазаара схы анахызбаауа ыҟоуп. Анцәа иџьшьаны, иахьа, Аԥсни Аахыҵ- Уаԥстәылеи адгьылқәа рҿы ишьақәыргылоуп аҭынчра", — дҳацәажәон аибашьра аветеран Сергеи Тигиев.

Аибашьра аамҭа иалҵны, аҭынч ԥстазаараҿы инхо ауаԥс жәлар агәра ргоит уаҵәтәи амш агәыӷра лашақәа шырзаанаго. Уи азы икаҭәоуп ашьа, иахҭынҵоуп ауаатәыҩса рыԥсҭазаара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0