https://sputnik-abkhazia.info/20230516/aakhy-uastylanti-khatgakharala-eibashuaz-rmedala-akh-asha-amuzei-amas-iaoup-1045835587.html
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп
Валери Хубулови Алан Џьиоеви Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуан. 16.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-16T16:00+0300
2023-05-16T16:00+0300
2023-05-16T16:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/10/1045832277_0:256:2730:1792_1920x0_80_0_0_86499e1fc3124d4678b519fbcc4f72cb.jpg
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Валери Хубулови Алан Џьиоеви рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп. Амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа ҭабуп ҳәа ралҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа, иазгәалҭеит Валери Хубулови Алан Џьиоеви рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иахьаиуз акрызҵазкуа усны ишылшьо. "Даара ҳзеигәырӷьаз усуп. Ари гәрагароуп. Ҳҽазаҳшәоит ишахәҭоу апату ақәаҳҵап ҳәа", - лҳәеит Беиаԥҳа. Валери Хубулов Аахыҵ Уаԥстәыла раԥхьатәи Атәылахьчара аминистрс дыҟан, 1991 шықәсазы ақырҭуа агрессиа иаҿагылоз ауаажәлар рнапхгаҩцәа дреиуан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраангьы ацхыраараз иааз раԥхьа дгылан. Хубулов игәыԥ Гагреи Гәымсҭеи ахырхарҭақәа рҿы еибашьуан. Леон иорден ианашьан. Хубулов зхаҭара шьақәыргылам шьоукы дыршьит 1998 шықәсазы. 2010 шықәсазы аԥсрашьҭахь аорден “Уацамонга” ианашьан. Алан Џьиоев - 1991 шықәсазы ақырҭуа агрессиа даҿагылан, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 1993 шықәса аԥхынразы 120-ҩык хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа ацхыраараз амҩа иқәлаз ргәыԥ далахәын. Деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҿы. 1993 шықәса абҵарамзазы машәырла дҭахеит. 1991 шықәсазы иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аорден “Уацамонга” ианашьан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/10/1045832277_0:0:2730:2048_1920x0_80_0_0_2a63f21c936499ad374d32534a6feff6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп
16:00 16.05.2023 (ирҿыцуп: 16:01 16.05.2023) Валери Хубулови Алан Џьиоеви Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала иааны еибашьуан.
АҞӘА, лаҵара 16 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Валери Хубулови Алан Џьиоеви рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп.
Амедалқәа “Уацамонга” (Аахыҵ Уаԥстәыла иреиҳау аҳәынҭқарратә ҳамҭа) Аахыҵ Уаԥстәыла Атәылахьчара аминистрра аԥшьгамҭала Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иаҭоуп. Ари амиссиа неигӡеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Игор Какоев.
Амузеи адиректор Мзиа Беиаԥҳа ҭабуп ҳәа ралҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахаҭарнакцәа, иазгәалҭеит Валери Хубулови Алан Џьиоеви рмедалқәа Ахьӡ-аԥша амузеи ҳамҭас иахьаиуз акрызҵазкуа усны ишылшьо.
"Даара ҳзеигәырӷьаз усуп. Ари гәрагароуп. Ҳҽазаҳшәоит ишахәҭоу апату ақәаҳҵап ҳәа", - лҳәеит Беиаԥҳа.
Валери Хубулов Аахыҵ Уаԥстәыла раԥхьатәи Атәылахьчара аминистрс дыҟан, 1991 шықәсазы ақырҭуа агрессиа иаҿагылоз ауаажәлар рнапхгаҩцәа дреиуан. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраангьы ацхыраараз иааз раԥхьа дгылан.
Хубулов игәыԥ Гагреи Гәымсҭеи ахырхарҭақәа рҿы еибашьуан. Леон иорден ианашьан. Хубулов зхаҭара шьақәыргылам шьоукы дыршьит 1998 шықәсазы. 2010 шықәсазы аԥсрашьҭахь аорден “Уацамонга” ианашьан.
Алан Џьиоев - 1991 шықәсазы ақырҭуа агрессиа даҿагылан, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын. 1993 шықәса аԥхынразы 120-ҩык хатәгәаԥхарала Аԥсныҟа ацхыраараз амҩа иқәлаз ргәыԥ далахәын. Деибашьуан Гәымсҭатәи афронт аҿы. 1993 шықәса абҵарамзазы машәырла дҭахеит. 1991 шықәсазы иааирԥшыз афырхаҵареи агәымшәареи рзы Аахыҵ Уаԥстәыла аорден “Уацамонга” ианашьан.