АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. "Даараӡа ибзиоуп" иҳәеит Аԥсны аекологиаз аҳәынқарратә маҵзура ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа хьархьла ааха зырҭаз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла аҭагылазаашьа ахәшьара аҭо. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Сгәанала, уажәшьа акагьы ахьыр ахәҭаӡам. Ҳара аҵла аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит, ахәшәтәраз ахәшә акәармалашьҭыга аҩбатәи ахәҭа макьана ихыркәшаӡам. Даҽа 2-3 мчыбжь аҭаххоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла аԥсы аиқәырхаразы иахылаԥшуеит ақыҭа анапхгареи анхацәеи, иара убас аҭәаҵла аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы аекологиаз амаҵзура ирзыназыцҳауа Риҵатәи амилаҭ парк абнахылаԥшцәеи.
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла хьархьла ааха арҭеит ахаша, мшаԥы 5 ауха.
Аҵла изакәанымкәа иԥырҟеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иааныркылеит ҩыџьа атәылауаа – Ираклии Даури Багаҭелиаа. Ари ахҭыс даҽа џьоукгьы алахәуп ҳәа ирҳәоз аҿаԥнаҽит атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Гәдоуҭатәи араионтә усӡбарҭа Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп.