Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа Лыхнашҭа аҭәаҵла аҭагылазаашьазы: ишьахәуп, иссируп

Ҷыҭанаа Лыхнытәи аҭәаҵла аҭагылазаашьазы: ишьахуп, иссируп
Анапаҵаҩра
Изеиԥшроузеи иахьа Лыхнашҭа аҭәаҵла аҭагылазаашьа, уи аԥсы аҭаҵаразы иарбан усурақәоу имҩаԥысуа иахьагьы, иарбан хылаԥшроу иамоу, абри атәы арадио Shutnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аекологиаз аҳәынқарратә маҵзура ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Хымз инарзынаԥшуа аԥсуа екологцәа Лыхнашҭа аҭәаҵла аиқәырхаразы аусурақәа мҩаԥыргоит. Иахьагьы Киатаинтәи иаагаз ахәшә аҩынтә раан аҟаҵара иаҿуп.
Ҷыҭанаа арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит аханатә имҩаԥгаз аусурақәа ртәы, иҳәеит аҭәаҵла аиқәырхаразы иаднагалаз ауаа шырацәаз, алҵшәа бзиагьы шыҟоу.
"Уажәшьҭа акгьы амыхьроуп. Атәаҵла аҭеиҭыԥш шьахәуп, иссируп. Китаитәи ахәшә атәы ансаҳа, аԥхьа афантастика иаҩызан, иаразнак иудукылартә иҟамызт. Аха иаҳцәагои, иҟало аабап ҳәа ҳалагеит. Ари аметод атәы ҳаздырӡомызт, аӡбахәгьы ҳмаҳацызт. Анаҩс аҵарауаа дуқәагьы, Германиантәи, китаитәи ахәшә шаҭаху анырҳәа, усҟан агәыӷра ҳазцәырҵит", - иҳәеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Лыхнашҭа аҭәаҵла хьархьла ааха арҭеит мшаԥы 5 ауха.
Аҵла изакәанымкәа иԥырҟеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иааныркылеит ҩыџьа атәылауаа – Ираклии Даури Багаҭелиаа. Ари ахҭыс даҽа џьоукгьы алахәуп ҳәа ирҳәоз аҿаԥнаҽит атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Гәдоуҭатәи араионтә усӡбарҭа Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0