Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҷыҭанаа Лыхнашҭатәи аҭәаҵла аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит

© SputnikЛыхненский храм и древняя липа. Архивные кадры
Лыхненский храм и древняя липа. Архивные кадры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.06.2023
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла хьархьла иԥырҟеит мшаԥы 5 2023 шықәсазы.
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. "Даараӡа ибзиоуп" иҳәеит Аԥсны аекологиаз аҳәынқарратә маҵзура ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа хьархьла ааха зырҭаз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла аҭагылазаашьа ахәшьара аҭо. Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.

"Сгәанала, уажәшьа акагьы ахьыр ахәҭаӡам. Ҳара аҵла аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит, ахәшәтәраз ахәшә акәармалашьҭыга аҩбатәи ахәҭа макьана ихыркәшаӡам. Даҽа 2-3 мчыбжь аҭаххоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, шәышықәсеи бжаки зхыҵуа аҭәаҵла аԥсы аиқәырхаразы иахылаԥшуеит ақыҭа анапхгареи анхацәеи, иара убас аҭәаҵла аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы аекологиаз амаҵзура ирзыназыцҳауа Риҵатәи амилаҭ парк абнахылаԥшцәеи.
Ҷыҭанаа Лыхнашҭа аҭәаҵла аҭагылазаашьазы: ишьахәуп, иссируп - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.06.2023
Арадио
Ҷыҭанаа Лыхнашҭа аҭәаҵла аҭагылазаашьазы: ишьахәуп, иссируп
Лыхнашҭатәи аҭәаҵла хьархьла ааха арҭеит ахаша, мшаԥы 5 ауха.
Аҵла изакәанымкәа иԥырҟеит ҳәа гәҩарас иҟаҵаны иааныркылеит ҩыџьа атәылауаа – Ираклии Даури Багаҭелиаа. Ари ахҭыс даҽа џьоукгьы алахәуп ҳәа ирҳәоз аҿаԥнаҽит атәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура.
Гәдоуҭатәи араионтә усӡбарҭа Иракли Багаҭелиа иганахьала ашьаус иахәаԥшраны иҟоуп.
Липа на Лыхнашта  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.06.2023
Аԥсны
Аӡбарҭа Лыхнашҭа игылоу аҭәаҵла ԥызҟаз иус иахәаԥшраны иҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0