Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Дочиа: Тҟәарчал апарк хада аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихыркәшахоит

Тҟәарчал апарк хада аиҭашьақәыргылараз аԥара азоужьуп аҭыԥантәии ареспубликатәии абиуџьетқәа рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа Тҟәарчал апарк хада аиҭашьақәыргылара хара имгакәа ихыркәшахоит ҳәа азгәеиҭеит.
Иара иҳәеит 2022 шықәсазы излагаз аусурақәа иарбаз аамҭала уажәшьҭа ихдыркәшахьазр шакәыз.
"Иҟаз агхақәа азгәаҭаны иҳаӡбеит аус аҵыхәтәанынӡа инаҳагӡарц", - ҳәа иҳәеит иара.
Дочиа иажәақәа рыла, апарк аҿы ахаҳәҟьаԥс шьҭаҵоуп, иаахәоуп ахәыҷтәии аспорттәии плошьадкақәа, аԥқьаҭасразы астолқәа, иргылоуп афымцатәшьаҟақәа.
Араион ахада иҳәеит ишазгәаҭоу аӡыршә. Уи асовет аамҭақәа раахысгьы ихыркәшамкәа инханы иҟоуп.
Араион ахадара иазԥхьагәанаҭоит Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30-шықәса рхыҵра амшаз иаадыртырц. Аусурақәа рыхәԥса 35 миллион мааҭ итәоит. Тҟәарчал апарк хада аиҭашьақәыргылараз аԥара азоужьуп аҭыԥантәии ареспубликатәии абиуџьетқәа рҟынтәи.