Аԥсны

Sputnik амчыбжь: иԥшьоу аҟәырҷаха, Москваҟа аусутә ныҟәара, “Князь Владимир” аара

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит рашәара 19-25 рзы ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Иаҳхысыз амчыбжь азы Мрагыларатәи Аԥсны амшцәгьа иахҟьаны ааха аиуит, атәыла ахада усутә ныҟәарыла Москваҟа дцеит, Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит.
Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Симон Канатәи иҟәырҷаха

Агәыҳалалратә фонд Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Вонифати Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа Симон Канатәи иҟәырҷаха ҳамҭас ианаҭеит ашәахьа, рашәара 19 рзы.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиа иҳәеит, аҟәырҷаха аныхабаа аҭара - ҳтәылаҿ аиашахаҵара ныҟәызго зегь рзы ишгәырӷьара дуу.
Аԥсны
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит

Аиааира аиубилеи азы

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәса ирызкыз аусмҩаԥгатә еиҿкаан Гәдоуҭа рашәара 20 рзы. Акультура ахан аҿы еиҿкаан агәалашәаратә хәылԥази аконцерти. Аконцерт ашьҭахь Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аҿы иаадыртит ацәыргақәҵа "Аԥҳәызба ар рымаҭәа зшәу" захьӡыз, уа ицәырган аибашьра иалахәыз аҳәса зну 200 фотосахьа.

Москваҟа усутә ныҟәарыла

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа аусутә еилацәажәарақәа рзы дцеит рашәара 20 рзы, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Урыстәыла аҳҭнықалақь аҿы Аслан Бжьаниа ахада иусбарҭеи аиҳабыреи рҿы аилацәажәарақәа иоураны дыҟоуп.

“Ласточка” хынҳәит

Афымцадәыӷба "Ласточка" Гаграҟа аныҟәара еиҭахацыркхеит рашәара 20 инаркны. Рашәара 14 рзы иҟалаз амшцәгьа аихамҩа ианаҭаз аԥхасҭа иахҟьаны аамҭала афымцадәыӷбақәа рныҟәарақәа аанкылан.

Апарламентбжьаратә усеицура

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Пиотр Толстоии реиԥылара мҩаԥысит Москва, рашәара 21 рзы.
Лаша Ашәбеи Пиотр Толстоии апарламентбжьаратә усеицура иалацәажәеит.
Пиотр Толстои иазгәеиҭеит Виачеслав Володин Аԥсныҟа иаареи апарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи ԥхьаҟатәи аусқәа ишрышьагәыҭу.
Аԥсуа ган Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра азҵаара шьҭырхит.
Аԥсны
Лаша Ашәбеи Пиотр Толстоии апарламентбжьаратә усеицура иалацәажәеит
Дара иара убас, Аԥсни Урыстәылеи рзакәанԥҵарақәа реишьашәалара иадҳәалоу азҵаарақәеи иҟоу аҩганктәи аиқәшаҳаҭра-зинтә база аҿиара иазкны апарламенттә усеицура азҵаарақәеи ирзааҭгылеит.

“Князь Владимир” аара

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" аҟәатәи абаӷәаза иҭалеит ԥышәарак аҳасабала рашәара 23 рзы. Акруизтә лаинер "Князь Владимир" 600-700-ҩык апассаџьырцәа ныҟәнагоит. Аԥышәаратә реис аан иара иаанагеит 54 пассаџьыр – аекскурсиатә хырхарҭақәа ҭызҵаауеи, атуристтә еилахәырақәа рхаҭарнакцәеи, 96-ҩык аекипажи.
Аӷба аекипажи апассаџьырцәеи Аԥсны иҟан рашәара 24 рҟынӡа.
Сынтәа аӷба ареисқәа мҩаԥыслоит Шәача-Аҟәа-Шәача амҩатә хырхарҭала. Зынӡа еиҿкаахоит 11 круиз рашәара 29 инаркны цәыббра 11 рҟынӡа. Акруиз хәымш имҩаԥысуеит, урҭ рҟынтәи хымш – Аҟәа иҟазаауеит.
Аԥсны
"Князь Владимир" аҟәатәи абаӷәаза ԥышәарак аҳасабала иҭалеит

Уаҵәтәи аԥеиԥш

Гагра ақалақь Абазгаа рымҩаҿы еиҭашьақәыргылоу ахәыҷбаҳча ашықәс нҵәаанӡа ахәыҷқәа аднакылараны иҟоуп ҳәа лҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Ахәыҷбаҳча асовет аамҭақәа раангьы аус ауан. Уажәы уа шьаҭанкыла арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. Гәынԥҳа лажәақәа рыла, ари ахыбра иавадыргылоит аизарҭатә зали ахәыҟаҵарҭеи. Иақәхарџьхоит 58 миллион мааҭ.
Аҽа 42 миллион мааҭ рықәхарџьхоит Бзыԥтәи актәии аҩбатәии абжьаратә школқәеи, Пицундатәи актәи абжьаратә школи.

Очамчыратәи ауадаҩрақәа

Рашәара 22-23 руха илеиз ақәаршҩы Очамчыра араион ф-қыҭак аԥхасҭа рнаҭеит.
Ақыҭақәа Тамшь, Лашькьындар, Акәасқьа, Баслахә, Лабра, Кәтол ахатәыҩнқәа аӡы рыҵалеит, ацҳақәа агеит.
Аиқәырхаҩцәа аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыцхраауан- ауадақәа дрыцқьеит, аҩнымаҭәеи атехникеи дәылыргеит.

"Самшитовая роща" АШәМ азы

Пицундатәи апансионат "Самшитовая роща" амазара анапхгараҭаразы Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура иаҭоуп.
Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аԥсны аминистрцәа реилазаара.
Аҳәынҭмазараз аилак анапы ианҵоуп ақәҵара ахылаԥшреи анагӡареи.

Амчхарақәа рыцҵара

Аҵыхәтәантәи аҩышықәса рыҩнуҵҟа Гагра араион аҿы афымцамчхара 130 мегаватт рҟынӡа иацырҵеит. Ари иақәхарџьын 630 миллион мааҭ Аинвестпрограммеи ареспубликатә биуџьети рҟынтәи.
Аенергетикцәа ишырҳәо ала амчхара аизырҳара иалнаршоит трансформаторк дырцәар ма иаангылар егьи аусура аларгара. Аӡыни аԥхыни атрансформаторқәа рыҩбагьы аус рулоит.

Аҭыԥҷыда ҿыц

Рашәара 23 рзы Афон ҿыц иаадыртит анаԥшааԥшырҭа "Grand Tower". Аура - 27 метра иҳаракуп. Хыхьынӡа ахалара алшоит амардуан ала ма алифт ала. Иара аҳаԥы ааигәа идыргылеит. Уантәи иубарҭоуп Афон ашьха, аҳаԥы, аберҭыԥ, амшын. Иҟоуп здашьма саркьалыху абарҵақәа хәба.

Амилаҭтә лига аихшьаалақәа

Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лигаҿ аиааира ргеит Кәтолтәи акоманда "Бзана". Аҩбатәи аҭыԥ иаԥсахеит пицундатәи "Кьараз", ахԥатәи - Уарча ақыҭа ашьапылампыласцәа. Алига алахәылацәа аҳамҭақәа ранаршьеит аҟәатәи астадион "Динамо" аҟны. Аиааира згаз ахраҿақәеи амедалқәеи ранаршьеит.