https://sputnik-abkhazia.info/20230619/simon-kanati-iyrakha-aati-akafedralt-nykhabaa-amas-iareit--1046413198.html
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Sputnik Аҧсны
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит палестинатәи Аимператор аиашахаҵаратә еилазаара аԥшьгарала. 19.06.2023, Sputnik Аҧсны
2023-06-19T13:19+0300
2023-06-19T13:19+0300
2023-06-25T23:08+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/13/1046408908_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_be1af61f613baf976ec0eeb0c64ac174.jpg
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Агәыҳалалратә фонд Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Вонифати Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа Симон Канатәи иҟәырҷаха ҳамҭас ианаҭеит ашәахьа, рашәара 19 рзы."Ҳара ҳзымҵаныҳәо, ҳзымҵахырхәо Ацқьацәа рҟәырҷахак анҳауа, аиашахаҵара дин ныҟәызго зегь рзы ӷәырӷьара дууп. Ари аҭоурыхтә хҭысуп. Симон Канатәи иԥсыбаҩ Афонҽыц аҵәахырҭаҿ иҳамоуп, аха уи иҟәырҷаха ара Персиатәи аҳра аныҟаз Домаскҟа иган, уантәи Европаҟа", - ҳәа иҳәеит иара.Агәыҳалалратә фонд Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Вонифати аиҳабы Наталиа Мезенцева иазгәалҭеит, уажәшьҭарнахыс ауахәама иаҭаауа зегьы алшара шрымоу ари аҟәырҷаха ахькьысра."Иахьа иԥшьоу Аԥсны жәҩан ахылаԥшҩы дахьаҭааз даара ҳгәы иаахәоит. Иара зегьы дрыцхраауеит, дырхылаԥшуеит. Арахь иааиуа зегьы алшара рымоуп Ацқьа имҵаныҳәарц, имҵахырхәарц", - ҳәа лҳәеит лара.Иара убас, Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иаҭан Третиаков ихьӡ зху Ихьԥшым аҭҵаарадырра-аҭҵааратә експертиза аиҳабы Александр Чвала иҟны иҵәахыз "Ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи" амедальон. Италиа иҟаҵоу ахьӡы зхьаршоу араӡны медальон инықәырԥшны XVII ашәышықәса аҵыхәтәантәи абшьбараки -XVIII ашәышықәса алагамҭеи рыҵанакуеит.Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа иааит ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәии. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиашахаҵаратә дин рыларҵәаразы ддәықәлеит, Симон Канатәи иакәзар, Ԥсырӡха даангылеит.Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала, Симон даныршь ашьҭахь, иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа иааиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220523/atsarazha-agarasra-zdyzkylaz-ishou-simon-kanati-igalashara-amsh-1039181359.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/06/13/1046408908_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_34bfa75d0cae1a33c135f52ede64d80e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
13:19 19.06.2023 (ирҿыцуп: 23:08 25.06.2023) Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит палестинатәи Аимператор аиашахаҵаратә еилазаара аԥшьгарала.
АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Агәыҳалалратә фонд Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Вонифати Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа Симон Канатәи иҟәырҷаха ҳамҭас ианаҭеит ашәахьа, рашәара 19 рзы.
Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахада Виссарион Аԥлиа иҳәеит, аҟәырҷаха аныхабаа аҭара - ҳтәылаҿ аиашахаҵара ныҟәызго зегь рзы ишгәырӷьара дуу.
"Ҳара ҳзымҵаныҳәо, ҳзымҵахырхәо Ацқьацәа рҟәырҷахак анҳауа, аиашахаҵара дин ныҟәызго зегь рзы ӷәырӷьара дууп. Ари аҭоурыхтә хҭысуп. Симон Канатәи иԥсыбаҩ Афонҽыц аҵәахырҭаҿ иҳамоуп, аха уи иҟәырҷаха ара Персиатәи аҳра аныҟаз Домаскҟа иган, уантәи Европаҟа", - ҳәа иҳәеит иара.
Агәыҳалалратә фонд Агәаҟраԥсра здызкылаз Ацқьа Вонифати аиҳабы Наталиа Мезенцева иазгәалҭеит, уажәшьҭарнахыс ауахәама иаҭаауа зегьы алшара шрымоу ари аҟәырҷаха ахькьысра.
"Иахьа иԥшьоу Аԥсны жәҩан ахылаԥшҩы дахьаҭааз даара ҳгәы иаахәоит. Иара зегьы дрыцхраауеит, дырхылаԥшуеит. Арахь иааиуа зегьы алшара рымоуп Ацқьа имҵаныҳәарц, имҵахырхәарц", - ҳәа лҳәеит лара.
Иара убас, Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иаҭан Третиаков ихьӡ зху Ихьԥшым аҭҵаарадырра-аҭҵааратә експертиза аиҳабы Александр Чвала иҟны иҵәахыз "Ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи" амедальон.
Италиа иҟаҵоу ахьӡы зхьаршоу араӡны медальон инықәырԥшны XVII ашәышықәса аҵыхәтәантәи абшьбараки -XVIII ашәышықәса алагамҭеи рыҵанакуеит.

Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит

Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит

Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Симон Канатәи иҟәырҷаха Аҟәатәи Акафедралтә ныхабаа ҳамҭас иарҭеит
Ацқьа Ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи Иаса Қьырса иҵаҩцәа 12-ҩык дыруаӡәкуп.
Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа иааит ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәии. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиашахаҵаратә дин рыларҵәаразы ддәықәлеит, Симон Канатәи иакәзар, Ԥсырӡха даангылеит.
Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала, Симон даныршь ашьҭахь, иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа иааиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.