АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Аҟәатәи аӡбарҭа акапиталтә ргыларазы 2009 шықәса абҵара 12 азтәи Ақалақьтә еизара аӡбамҭақәа №126, №127 аус руам ҳәа шьақәнаргылеит. Абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа апресс-маҵзура.
Аӡбамҭа №126 инақәыршәаны амшынԥшаҳәаҿы акапиталтә ргыларақәа рымҩаԥгаразы азин аннакылон -амшынбаӷәаза инаркны Ацҳа ҟаԥшь аҟынӡа; амшын инаркны Имам Шамиль, Лакоба рымҩақәа рҟынӡа, Аҭынчра апроспект аҟынӡа.
Аӡбамҭа №127 инақәыршәаны иарбоу аҵакырақәа рҿы 16 метра аиҳа иҳараку ахыбрақәа рыргылара ԥнакуан.
Аҳҭнықалақь аҿы ахыбра ҳаракқәа рыргылара атема актуалхеит жәабранмзазы, активистцәа Коӷониа имҩаҿы зыргылара иаҿу ахыбрақәа зегьы ирылыҳәҳәо иахьыҟалаз алацәажәара ианалага. Дара ргәаанагарала ари амшынԥшаҳәа аҭоурыхтә хәҭа ауникалтә ҟазшьа ԥхасҭанатәуеит.
Асоциалтә ҳақәа рҟны икьыԥхьын Аҟәатәи ақалақьтә еизара 2009 шықәса абҵара 12 азы ирыдыркылаз аӡбамҭа, уи инақәыршәаны ақалақь аплан хада шьақәнарӷәӷәаанӡа, ақалақь ахадара амшынԥшаҳәа ахьынӡанаӡааӡо 16 метра еиҳау ахыбрақәа рыргыларазы азин рыҭара аанкылан.
Ақалақь ахадара Ақалақьтә еизара аӡбамҭа иашам ҳәа ишьаны аӡбарҭахь иашшит.