Аԥсны

Sputnik амчыбжь: агәаҭаратә ныҟәарақәеи жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи

Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ԥхынгәы 17-23 рыҩнуҵҟа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ииасыз амчыыбжь азы атәыла ахада ареспублика араионқәа дырҭааит, Аԥсны аделегациа Никарагуа иаҭааит, аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, Аԥсны иаазгәарҭеит Аҳәынҭқарра абираҟ Амш.
Sputnik

Ашықәсыбжа аихшьаалақәа

Ииасыз амчыбжь азы атәыла ахада ареспублика араионқәа дырҭааны рҭагылазаашьақ́әа ибеит.
Гал ақалақь аҿы ахада даҭааит апарк хада аҟны аусурақәа шцо ибаразы. Апарк аӡы ахьҭатәоз иахҟьаны иажәхьаз аӡцарҭақәа рыԥсахит, ацәхыԥқәа шьҭарҵеит, алашарбагақәа дыргылеит, ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵеит, атәарҭақәеи агәамсамҭаԥсарҭақәеи дыргылеит. Уажәы аусурақәа ахыркәшарахь анеира иаҿуп.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аслан Бжьаниа Гал агәаны апарк аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит
Ахада дазыӡырҩит 2023 шықәса актәи азыбжазы аусурақәа реихшьаалақәа. 2023 шықәса раԥхьатәи афымз рзы Гал араион абиуџьет ахашәалатә хәҭаа ахатә лагалақәа рыхәҭа 31,1 миллион мааҭ ыҟоуп.
Аплан инақәыршәаны абиуџьет 21,7 миллион мааҭ аиур акәын. Ари аплан 143% рыла инагӡоуп.
Ииасыз ашықәс абри аамҭахҵәаха иаҿырԥшны арҭ арбагақәа 8,5 миллион мааҭ рыла иеиҳауп, ажьырныҳәаахыс араион абиуџьет 90 миллион мааҭ ареспубликатә биуџьет аҟынтәи иаланагалеит, аҳәынҭқарра ахада ирезервтә фонд аҟынтәи ироуз 200 000 мааҭгьы налаҵаны.
Абиуџьет аныхратә хәҭа 101,8% рыла инагӡоуп. Ишьақәырӷәӷәаз 115,2 миллион мааҭ рҟынтәи иныхуп 117,2 миллион. Аиҳарак аԥарақәа абиуџьеттә усзуҩцәа руалафахәы, араионтә уснагӡатәқәа, аматериалтә цхыраара ирзырхоуп.
Араион ашәахтә маҵзура аиҳабы Роберт Жьиба иажәақәа рыла, азеиԥш лагала 32 миллион мааҭ ыҟоуп планла 22 миллион ахьарбааз.
Аԥсны
Гал араион анхацәа афымцамч азы 40 миллион мааҭ ауал рықәуп
Ԥхынгәы 17 азы ахада Тҟәарчал араион аҿы дыҟан. Тҟәарчал араион ахатәы биуџьет 2023 шықәса азбжазтәи аплан ахыхь инагӡоуп 3% рыла, абри азы адырра ҟалҵеит араион ахадара афинанстә ҟәша аиҳабы Лиудмила Киселиова, Аслан Бжьаниа имҩаԥигаз аилацәажәараан.
Лара лажәақәа рыла, фымз рыла ахатәы рҳамҭақәа 16,9 миллион мааҭ ҟалеит планла иарбаз 16,4 миллион рҭыԥан.
Зынӡа араионтә биуџьет иаланагалеит 106,4 миллион мааҭ. Урҭ рахьтә 30 - дотациақәоуп, даҽа 59,2 миллион - ареспубликатә биуџьет аҟынтәи асубсидиақәа.
Фымз рыла абиуџьет иартәеит 107,6 миллион мааҭ, 87 миллион урҭ рахьтә ауалафахәы иазоужьын. Аиҿкаарақәа русзуҩцәа хәымз рзоуп изрырҭаз лҳәеит Кисилиова.
Аԥсны
Тҟәарчал араион ахатәы биуџьет аплан ахыхь инагӡоуп
Очамчыра араион ааааааҿтәи аилацәажәараҟны ахада изеиҭарҳәеит Очамчыра араион 2023 шықәса актәи азыбжазы ахатә лагалақәа 33,8% рыла ишынагӡоу.
Планла иарбаз 126,2 миллион рҟынтәи 42,6 миллион мааҭ роуит. Ари иззыԥшыз аасҭа 83,5 миллион рыла еиҵахеит.
Уи адагьы фымз рыла араион дотациа ҳасабла иаланагалеит 18 миллион, субсидиа ҳасабла - 68 миллион.
Араион абиуџьет аныхрақәа 143 миллион мааҭ ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 72,1 миллион аҵара иазырхоуп, 20 миллион – азеиԥшҳәынҭқарратә зҵаарақәа рыӡбара, 20,2 миллион - анхарҭа-коммуналтә нхамҩа.
Аԥсны
Очамчыра араион аҿы алашараз 127 миллион мааҭ иреиҳаны ирымшәаӡеит

Акриминалтә авторитет ишьра

Акриминалтә авторитет Ҭемыр Аҳәба, Динрид ҳәа еиҳа еицырдыруаз Гәдоуҭа араион аҿы дыршьит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада ԥхынгәы 19 рзы.
Иара убри амш азы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ацәгьоура иалахәыз иаанкыларазы адҵа рыҭоуп.

Ахада Жәларбжьаратәи афорум аҟны

Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Нальчик имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи атурист-патриоттә ҿартә форум "Иаку Кавказ" афорум алахәхаразы дцеит.
"Жәларбжьаратәи афорум "Иаку Кавказ" - аҿартә политика аусхк аҟны аусеицуреи аидеиақәа реимадареи рзы зеиӷьыҟам ҭыԥуп, уи ахықәкқәа рынагӡара иахьыԥшуп Кавказ уаҵәтәи ахаҿра - уи аҿиареи, аԥсадгьыл абзиабареи, агәыла ааигәацәа рыбжьара аиашьаратә еизыҟазаашьақәеи реизырҳара иадыргахоит", - иҳәеит Бжьаниа.
Иара инаҵшьны иҳәеит Аԥсны еснагь ишазхиоу ҳаиашьаратә Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика иаԥшьнаго аҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәра.
Аԥсны
Бжьаниа Нальчик афорум "Иаку Кавказ" аартраан дықәгылеит

Аԥсни Никарагуеи

Аԥснытәи аделегациа Никарагуа иаҭааит ԥхынгәы 18 рзы Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭара алахәхаразы.
Аԥсни Никарагуеи 2023 шықәсазтәи ауснагӡатәқәа Рпрограмма рнапы аҵарҩит.
Адокумент абарҭ аусхкқәа рҟны аусеицура азԥхьагәанаҭоит:
акультура,
аспорт,
аҵарадырра,
аҿартә политика.
Апрограмма рнапы аҵарҩит Аԥсны Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи, Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндреси.
Аделегациа Никарагуа рыҟазаара хыркәшахеит ԥхынгәы 22 рзы.
Аԥсны
Аԥсуа делегациа алахәылацәа Никарагуа русутә ныҟәара хдыркәшеит

Аԥхьатәи аихшьаалақәа

Гагра араион аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа аусура актәи аетап хнаркәшеит.
Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 рзы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны иҟаз аӡхыҵра аԥхасҭа рынаҭеит 1219 ҩны. 406 ҩны аӡқәа рыҩналеит, ӷәӷәала аԥхасҭа рынаҭеит. Егьырахь агәари аандақәеи ԥхасҭахеит.
Акомиссиа аусура аҩбатәи аетап азы реиҳа аԥхасҭа зауз алыркаауеит, раԥхьа игылоуп хыҵакырҭада иаанхаз ауааԥсыра.
Аԥсны
Гагра араион аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа аусура актәи аетап хнаркәшеит

Алшара ҿыцқәа

Аҟәатәи 10-тәи ашкол аҿы IT-класс аадыртит ԥхынгәы 17 рзы.
IT-класс аартразы ари ашкол аушьҭымҭа, Адәныҟатәи аусқәа римнистр Инал Арӡынба ацхыраара ҟаиҵеит.
IT-класс ахьазгәаҭаз ауада аремонт азыруит. Иара 20 ҭыԥ амоуп. Иаахәоуп аноутбукқәа.

Уажәшьҭарнахыс акорпоративқәа рыда

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи акорпоративқәа рыхә ашәара азин рымнахит.
"Абиуџьеттә хархәагақәа еихызшои урҭ зауеи иалдмыршароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи ироуа аԥара иахыхны агәырӷьаратә хәылԥазқәа (акорпоративқәа) рымҩаԥгара, урҭ аԥарақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа риубилеитә рыцхәқәа рымҩаԥгара иазырхамзар", - ҳәа ануп аусԥҟаҿы.
Ари аусԥҟа анагӡашьа иахылаԥшроуп Аԥсны Афинансқәа рминистрра.

Аԥснытәи афотомозаика

Еиқәаҵәоу-ишкәакәоу афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы" аадыртит Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы ԥхынгәы 19 рзы.
Еиқәаҵәоу-ишкәакәоу аҭыхымҭақәа рҿы иубоит 1970-1980-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны аполитикатәи ауаажәларратәи ҭагылазаашьақәа зныԥшуа ахҭысқәа - Фазиль Искандер СССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь депутатс иалхра, 1989 шықәсазы Лыхны иҟаз ажәлар реизара ду, ақырҭуа студентцәа рықәгылара, Александр Шервашиӡе-Чачба иԥсыбаҩ Аԥсны анышә амадара, Владислав Арӡынба, Мушьни Хәарцкьиа, Зураб Ачба, Гиви Смыр, Адгәыр Инал-иԥа, Даур Занҭариа рфотосахьақәа, акаҳуажәырҭа "Амра" аҭааҩцәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, археологцәа.
Аԥсны
Аҟәа иаатит Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭа иазку афотоцәыргақәҵа

Абираҟ Амш

Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 31 шықәса.
Аԥсны
Иаарту амаҿа зну: ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ажәлар ирыдиныҳәалеит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы ирыдыркылаз ҳбираҟ ҳара ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рзы ақәԥара ишасимволхаз.
"Абираҟ анышьақәырӷәӷәаха анаҩс хымчыбжьа ааҵуаны, аибашьра иалагеит, ҳажәлар рзы иԥышәара хьанҭаны иҟалаз. Ауадаҩрақәа зегьы ириааины урҭ ирылшеит ахьыԥшымра ахьчара, аибашьраҿы аиааира агара", - ҳәа ануп адныҳәалара атекст аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш аҳаҭыр азы имҩаԥган авто, амото, амаланыҟәақәа рыла аиԥхныҩлара.
Аԥсны Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿартә политика аҟәша аиҳабы Идрис Кара-Осман-оӷлы иажәақәа рыла, акциа иалахәуп 200-ҩык инареиҳаны ауаа - Альфард-клуб, амотоцикл арныҟәцаҩцәа рклубқәа "Абрек", "Аинар", амаланыҟәарныҟәцаҩцәа.
Аԥсны
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азы имҩаԥган авто, амото, амаланыҟәақәа рыла аиԥхныҩлара
Аиԥхныҩлара иалагеит Ахақәиҭра ашҭаҟынтә, раԥхьа акциа алахәылацәа ашәҭқәа шьҭарҵеит Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба имемориал аҿы, анаҩс Кәтол ақыҭан абираҟ автор Валери Гамгьиа иҳаҭгәын аҿы.
Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Аԥсуа драмтеатр аҟынтәи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭанӡа аҽыуаа мҩасит. 1200 шықәса реиҳа зхыҵуа Аԥсны аҭоурых аазырԥшуа аԥсуа бираҟқәа 16 кны аҽқәа ирықәтәан ииасит аҽыбӷаҟазара-спорттә школ "Леон" ааӡамҭацәа, аспортсменцәа, акәашацәа, активистцәа.
Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы имҩаԥысит агәырӷьаратә концерт, уа иқәгылеит аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа, Аҳәынҭқарратә ансамбль ахор, акәашаратә ансамбльқәа "Кавказ", "Абаза", адауласцәа рансамбль "Адаул", аҭыԥҳацәа рфольклортә ансамбль "Гәында".
Аԥсны
Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш