Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра араион аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа аусура актәи аетап хнаркәшеит

© SputnikЗатопленная Гагра. Вид с верху
Затопленная Гагра. Вид с верху - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.07.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 22 - Sputnik. Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 рзы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны иҟаз аӡхыҵра аԥхасҭа рынаҭеит 1219 ҩны, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы иаԥҵоу акомиссиа алахәылацәа русура актәи аетап хдыркәшеит. 406 ҩны аӡқәа рыҩналеит, ӷәӷәала аԥхасҭа рынаҭеит. Егьырахь агәари аандақәеи ԥхасҭахеит", - лҳәеит лара.
Гәынба лажәақәа рыла, акомиссиа аусура аҩбатәи аетап азы реиҳа аԥхасҭа зауз алыркаауеит, раԥхьа игылоуп хыҵакырҭада иаанхаз ауааԥсыра.
"Раԥхьа иргыланы ацхыраара рыҭахоит зыҩны изыҩнамло, аԥхасҭа ӷәӷәаны изауз ауаа. Урҭ реиҳараҩык ртынхацәа, ргәылацәа рҟны инхоит, иара убас иҟоуп ауадақәа амхны инхогьы. Анаҩсан, акомиссиа аӡбамҭа инақәыршәаны аматериалтә цхыраара рыҭахоит зегьы", - лҳәеит Гәынԥҳа.
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.07.2023
Аԥсны
Аӡхыҵрақәа рышьҭахь Гагра араион аҿы атуристтә обиектқәа зегьы еиҭашьақәыргылоуп
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа лажәақәа рыла, аӡхыҵра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа цоит ақыҭақәа Лӡаа, Алаҳаӡы рҟны.
Гагра араион аҿы ԥхынгәы 8-9 рзы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны зқьыла аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Лӡаа ақыҭаҿы 120 хыбра аԥхасҭа аиуит. Аԥхасҭа роуит Алаҳаӡи Баӷрыԥсҭеи ақыҭақәагьы. Ақалақь аҿы Гьечба, Султан Сосналиев, Баграт Шьынқәба рымҩақәа, Аҟәатәи амҩаду еиҳа ааха роуит.
Президент Абхазии Аслан Бжания с инспекционной поездкой в Гагрском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2023
Аԥсны
Аӡхыҵраан аԥхасҭа зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгарҭа ҭыԥқәа аадыртит
Ажәабжьқәа зегьы
0