Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2023
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 31 шықәса.
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш ажәлар ирыдиныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Бжьаниа иазгәеиҭеит ԥхынгәы 23 1992 шықәса рзы ирыдыркылаз ҳбираҟ ҳара ҳхақәиҭреи ҳхьыԥшымреи рзы ақәԥара ишасимволхаз.
"Абираҟ анышьақәырӷәӷәаха анаҩс хымчыбжьа ааҵуаны, аибашьра иалагеит, ҳажәлар рзы иԥышәара хьанҭаны иҟалаз. Ауадаҩрақәа зегьы ириааины урҭ ирылшеит ахьыԥшымра ахьчара, аибашьраҿы аиааира агара", - ҳәа ануп адныҳәалара атекст аҿы.

Ахада иазгәеиҭеит "Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ - ари ҳҳәынҭқарра аԥшӡара згым символны мацара иҟаӡам, раԥхьа иргыланы, зхы иақәиҭу атәылаҟны анхара-анҵыра, ахәыҷқәа рааӡаразы, аизҳазыӷьаразы иҳауз аҭагылазаашьазы дарбанзаалак аҭакԥхықәра шҳаднаҵо ҳдыруазароуп" ҳәа.

"Ҳарҭ зегьы иаҳзеиԥшу уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы иҳалшо зегьы аҟаҵара", - иҳәеит ахада.

Аслан Бжьаниа ауаажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, акзаара.
Ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы, Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны, 1978 шықәсатәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аусура аанкыларази 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа аиҭашьақәыргыларази аӡбара анрыдыркыла ашьҭахь.
Аескиз азирхиеит аԥсуа сахьаҭыхыҩ Валери Гамгьиа. Абираҟ рӡахуан Аҟәатәи "Амодақәа рыҩны" аҟны.
День флага Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2023
Аԥсны
Иаарту амаҿа зну: ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ аҭоурых
Ажәабжьқәа зегьы
0