АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа "Аԥхынтәи агалереиа" аатит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хадаҿы, нанҳәа 9 рзы.
"Аԥхынтәи агалереиа" хышықәсоу иааҳартуеижьҭеи. Избан аԥхынраз? Избанзар ҳаамҭазтәи аҟазара амузеи ҳамаӡам, асахьатә галереиагьы аус ауӡом. Аԥхынра Аԥсны акультура- ҭҵааратә маршрутқәа иреиуахоит", - лҳәоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵатә зал хада адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
Аекспозициа шьақәгылоуп иалкаау темак амацараҿы аус зымуа асахьаҭыхыҩцәа рырҿиамҭақәа рыла. Ара иҟоуп аграфика, аскульптура, аҿыханҵа.
Ишьақәгылахьоу традициак аҳасабала ацәыргақәҵа нанҳәаз иаадыртуеит. Аусумҭа ҿыцқәа реиԥш уаанӡа ицәыргаз аусумҭақәагьы ыҟоуп, урҭ раахәарагьы алшоит.
"Аусумҭақәа раахәара ҟалоит ахатәы ма аҽакытә коллекциақәа рзы. Аҵыхәтәантәи ҳцәыргақәҵақәа иаадырԥшит ахатә коллекциақәа ирымоу аҵакы", - лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.
Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит ацәыргақәҵа аздырхионаҵы атәыла ауааԥсыреи асасцәеи изныкымкәа уи аинтерес кны ишазҵаахьаз, аартра ишазыԥшыз.