Аԥсны

Аԥсны иаԥырҵеит ауаажәларратә еиҿкаара "Доброволец"

Ауаажәларратә еиҿкаара ҿыц ахықәкқәа иреиуоуп – аҿар арра-патриоттәи аҭоурых-культуратәи ааӡара рыҭара, аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿы ацхыраара зҭаху рзы агуманитартә цхыраара аизгареи ашьҭреи.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иаԥҵоуп Ҟрым, Донбасс, аветеранцәеи, аволонтиорцәеи, хатәгәаԥхарала еибашьуа, арратә операциа ҷыда иалахәу, аибашьратә еиҿагыларақәа ирылахәыз еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаара "Доброволец".
"Раԥхьа иргыланы исҳәар сҭахуп 15 шықәса раԥхьа Аахыҵ Уаԥстәыла уцәа уҭазырӡыӡо ахҭысқәа шыҟаз. Ауаа рацәа ҭахеит, аиҳарак аҭынч уааԥсыра – ахәыҷқәа, абыргцәа. Ари Михаил Саакашвили инапхгаралоуп ишыҟалаз. Урҭ еснагь рхы дубеиа ирбон. Иахьагьы ус ауп. Иаҳгәалаҳаршәап харада индырҵәаз ауаа", - ҳәа иҳәеит аиҿкаара ҿыц ахантәаҩы Вадим Мироненко.
Урыстәыла
Медведев: 2008 шықәса нанҳәамзазы аиԥш иахьагьы Урыстәыла аӷацәа ԥыхха иқәҵахоит
Минуҭктәи аҿымҭра ашьҭахь аиҿкаара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Роман Риазанцев еиҭеиҳәеит аиҿкаара хықәкқәас иамоу, усқәас имҩаԥнагараны иҟоу ртәы.
"Аиҿкаара иахықәкуп хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аволонтиорцәа, аветеранцәа реидкылара, рҭаацәа ацхыраара рыҭара, асоциалтә ҵакы змоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара – аҭоурых-культуратәи арра-патриоттәи налаҵаны", - иҳәеит Риазанцев.
Уи адагьы аиҿкаара имҩаԥнагалоит ауаа рацәа злахәу акультуратә, аспортә уснагӡатәқәа, агуманитартә зҵаарақәа рыӡбара, аибашьра ахьцо аҭыԥқәа рҿи Аԥсни ацхыраара зҭаху рзы агуманитартә цхыраара аизгара, адгылара рыҭара.