Аԥсны

Аҟәа иаатит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы алагер

Алагер аадыртит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭеилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә Центрқәеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡбеи раԥшьгарала.
Sputnik
АҞӘА, нанҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы алагер "Ахьышьҭрахь" аадыртит нанҳәа 11 рзы. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Аԥсныҟа иааит 12 - 16 шықәса зхыҵуа 79-ҩык ахәыҷқәа Ҭырқәтәыла, Иорданиа, Ливан, Ҟарачы-Черқьестәыла рҟынтәи.
Ҳаразиа иҳәеит алагер апандемиа ҟалаанӡа есышықәса ишеиҿыркаауаз, 2020, 2021 шықәсқәа раан ахәыҷқәа шзымааз. Ҵыԥх ареспубликахь иааз Ҟабарда-Балкариеи Ҟарачы-Черқьесски рҟынтәи ахәыҷқәа шракәуз.
"Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет азеиԥшнхарҭаҿы иҟоуп ахәыҷқәа. Ауснагӡатәқәа зегь азырхиоуп: аҭыԥ ԥшӡарақәа дырбара, аҭыԥантәи ахәыҷқәа рԥылара, аԥсабарахь ԥсшьара ҳәа аратәи аԥсуа хәыҷқәа рыцны ргара", - иҳәеит Ҳаразиа.
Арадио
Еныкьԥҳа еиҭалҳәеит Џьырхәа аԥхынтәи алагер аҟны ахәыҷқәа раамҭа шырхырго атәы
Вадим Ҳаразиа иҳәеит аԥхынтәи алагер аусуразы адырра шрымоу Аԥсны АҶА, Агәабзиарахьчара аминистрра, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Арҭ аусбарҭақәа русзуҩцәа иаҭаххар ацхыраара ҟарҵалоит.
"Алагер аартра шәыдысныҳәалоит. Ахәыҷқәа арахь иааит рыгәқәа хыҭхыҭуа, рцәаныррақәа аарԥшуа. Аилак аусзуҩцәа зегьы иалшо зегь ҟарҵалоит урҭ арантәи ианцалак ашьҭахьгьы ргәаҿы ара ирбаз-ираҳаз аанхарц", - ҳәа иҳәеит Ҳаразиа.
Актәи амш аҽны ахәыҷқәа 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟахьы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит, иаҭааит амҳаџьырқәа рбаҟа.
Дара наргараны иҟоуп Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ибаҟахьы. Алагер аус ауеит нанҳәа 22 рҟынӡа.
Аԥсны
Аԥсуа бызшәа гәцаракрыла иахьазнеиуа ҽынлатәи алагер аадыртуеит Аҟәа