Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсуа бызшәа гәцаракрыла иахьазнеиуа ҽынлатәи алагер аадыртуеит Аҟәа

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДети из ЛНР на отдыхе в Крыму
Дети из ЛНР на отдыхе в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.06.2023
Анапаҵаҩра
Хадаратәла аԥсуа бызшәа агәцаракра ахьамоу, быжьба инаркны жәаха шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы хәыда-ԥсада алагер аус ауеит рашәара 19 инаркны нанҳәа 11 рҟынӡа.
АҞӘА, рашәара 13- Sputnik. Аҟәа "Альфа" ашкол аҩнуҵаҟа аԥсуа бызшәа гәцаракрыла иахьазнеиуа ҽынлатәи алагер аадыртуеит. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ашкол аиҳабы Фатима Дауҭиаԥҳа.
"Альфа" аҟны есышықәса аиԥш зеиԥшу алагер ашкол аҵаҩцәа зегьы рзы еиҿнакаауан. Сынтәа апроект нагӡахоит Аҵара аминистрра ахылаԥшрала, афинанстә цхыраара зегьы ахахьы иагоит Асоциалтә ԥгаԥсеи аџьа ахьчареи рфонд.

"Аиқәшаҳаҭра анапы аҵеиҩуп Аҟәа ақалақь аҟынтәи 640-ҩык ахәыҷқәа ԥшь-сменакны ишҳадаҳкыло рашәара 19 инаркны нанҳәа 11 рҟынӡа азы. Иара убасгьы раионк аҟынтәи аӡәыр ирҭаххар алшара рымоуп Аҟәа рыуацәақәа рыҟны иаангыло алагер аҭаара", - хәа лҳәеит Фатима Дауҭиаԥҳа.

Алагер ҽынлатәиуп, иара шьақәгылоуп адырреи аԥсшьареи хеибазырҭәаауа апрограммала. Ахықәкы хада - аус зуа аҭаацәа рхәыҷқәа рзы хра аланы аԥсшьараамҭа рзеиҿкаара.
Апрограмма даара ибеиоуп, аԥсуа бызшәа дырҵара анаҩсгьы ахәыҷқәа жәамш рыҩнуҵаҟа ироуеит алшара асахьаҭыхра, адизаин, архитектура, ашәаҳәара, аԥсуеи ҳаамҭазтәи акәашарақәеи, аспорт хәмаррақәа, ашашка асра уҳәа разыҟаҵара. Убри аан акружокқәа зегь рыҟны арҵаҩцәа игәарҭоит рбызшәа адырра аҩаӡара.
"Ахәыҷқәа аԥсышәала еицәажәаратә аҭагылазаашьа рзаԥаҳҵоит, иаҳҭахуп зегьы ацәажәараҿ еилибакаар", - ҳәа азгәалҭеит Дауҭиаԥҳа.
Аԥсуа бызшәа гәцаракрыла иахьазнеиуа ҽынлатәи алагер ахь изҭаху ашәҟәқәа наргоит рҭаацәа аӡәы аус шиуа ала. Ашәҟәқәа рыдыркылоит рашәара 16 рҟынӡа. Алагер аус ауеит рашәара 19 инаркны нанҳәа 11 рҟынӡа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳаи Қәпалԥҳаи Гагра ахәыҷтәы бызшәатә центр аусура иазкны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2023
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳаи Қәпалԥҳаи Гагра ахәыҷтәы бызшәатә центр аусура иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0