Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Еныкьԥҳа еиҭалҳәеит Џьырхәа аԥхынтәи алагер аҟны ахәыҷқәа раамҭа шырхырго атәы

Еныкьԥҳа еиҭалҳәеит Џьырхәа аԥхынтәи алагер аҟны ахәыҷқәа раамҭа шырхырго атәы
Анапаҵаҩра
Џьырхәа зыҩны ахәыҷтәы ԥсшьарҭатә лагер еиҿкааны измоу аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Гәында Еныкьԥҳа-Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит алагер аҿы ахәыҷқәа раамҭа шырхырго, рхазы ҿыцрас иаадыртуа, иарбан дыррақәоу идырҳауа.
Еныкьԥҳа ишылҳәаз ала, алагерь аҿы зыԥсы зшьо ақалақь хәыҷқәа роуп.
"Иацы сара исыдыскылеит аҩбатәи агәыԥ. Зыԥсы зшьо зегьы ақалақь иалҵыз ахәыҷқәа роуп, ақыҭа иадҳәалоугьы ыҟоуп, аха иадҳәалам иаҳа ирацәоуп. Иахьатәи аамҭазы 10-ҩык ахәыҷқәа сымоуп. Дара азҿлымҳауп ақыҭаҟны имҩаԥысуа аусхкқәа. Рҭаацәагьы иацы иаҳҭааит, ирбеит ахәыҷқәа рыԥсы ахьыршьо аҭагылазаашьа, иргәаԥхеит, еицҿакны иаанрыжьит", - лҳәеит алагер аиҿкааҩ Еныкьԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аԥсшьара адагьы ахәыҷқәа адырра рыҭара лышҽазылкуа.
"Акранаҳфалак ашьҭахь, абарҵаҿы ҳнатәаны ҳаицәажәоит. Аԥсуара ҳалацәажәоит, иҟоуп даара иазҿлымҳау, шьоукы аԥсшәа зцәыцәгьоу, иззеилымкаауагьы ыҟоуп, аха урҭгьы ишырзымариоу ирзеиҭаганы ирзеиҭаҳҳәоит", - лҳәеит Еныкьԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, ахәыҷқәа аҭыԥ ԥшӡақәа ддырбоит, ираҳауеит урҭ ирыдҳәалоу ажәабжьқәа. Еныкьԥҳа илҳәеит аҩны ишлымоу аԥсуа музыкатә арҳәагақәа, урҭ ахәыҷқәа ирзадырҳәоит, рҭоурых рзеиҭарҳәоит. Лара иазгәалҭеит алагер аҟны ахәыҷқәа амобилтә ҭелқәа уамак рхы ишадмырхәо.
Џьырхәа еиҿкаау ахәыҷтәы лагер "Санду лҿы аԥсшьарамшқәа" аҟны аангылара аӡәы изы уахыки-ҽнаки 2000 мааҭ иаԥсоуп лҳәеит алагер аиҿкааҩ.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0