Ҳмилаҭтә чеиџьыка иагәыхәу абысҭа ҭаацәак ргәы шарҭәуа, ишеилнарго еиԥшҵәҟьа зеиӷьаҭам сасхәуп.
Иԥхеиԥхеиуа иҟоу абысҭа саси-ԥшәымеи ргәы арҭәрадагьы, ауаҩы ихәышәтәра алшоит.
Акәырҵыкь (абжьыуаа рҿы "аларқәықә") – ауаҩы изблак аҿы иалҵуеит, икәылпылӡа иҭатәоит, ихҭәасаауеит. Ажәытәан акәырҵыкь (урысшәала "ячмень") ахәшәтәразы иахьалҵыз аҭыԥ ишаҳәшаҳәуа иҟаз абысҭа ҿаҵа адырҵон. Уи уа иақәзаауан ихьшәашәаанӡа. Убри ашьҭахь абла иалҵыз ахҭәасаара цон.
Абысҭа злырхуа аԥш даҽакалагьы рхы иадырхәоит. Уи шаӡоу иааҿыхны, ижәны аџьыкхыш ақәырҳәҳәны ирфоит. Ажәра адагьы, аԥш амца иҽҳәакны иӡны ирфоит.
Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа урызхьаԥшуазар, имаҷым аџьықәреи, ашыла, абысҭа ирыхҳәаау. Урҭ иреиуоуп:
Абысҭа ануулак ашьҭахь ачуан икыдло ачхәар афара бзиа избо изы аҭаацәара даналало амш бааԥс иқәшәоит рҳәоит.
Шықәсык ирҭымсыц ахәыҷы изы абысҭа ҿахра анырҵом.
Аџьықәреи алапҟьа паны, арыцқәа амамкәа иҟалазар, ианыларҵоз амла иакуаз аӡә дақәшәеит рҳәоит.
Аџьықәреи шьап ахьгылоу ихалан аҳәынаԥ аҭра ҟанаҵазар, иахьынӡаҟанаҵаз иаҟараны аӡын асы ауеит рҳәоит.
Аԥш амхы ианҭагылоу аԥшацәгьа ҟалар, ԥшлапҟьак аҩны агәашьа иадҿарҳәалон амхы камҳарц азы.
Аџьықәреи арыц амца иақәшәар ҵасым, уаарыхра ҟалом.
Аӡлагара ашыла анаҵухуа, маҷк аӡлагара ахәы нужьроуп, мамзар ачаӷьа уазрыцҳахоит.
Абысҭа нанҵаны ачуан амҳабысҭа нҭаршәны уаҟәыҵыр, ҵасым, "аҭаацәа реиҳабы ииҳәо дақәымшәо дҟалоит" рҳәоит.
Абысҭа хьшәашәа аҿахра аарҳәны иқәуҵар ҵасым, абарақьаҭра цоит ҳәа азгәаҭара ыҟоуп.
Абысҭа аныкнухуа ахылҩа-ԥсылҩа рацәаны иахылҵуазар, амшцәгьа иазҳәоуп.