"Амхурсҭа аҳкәажә" – аџьықәреии уи зҭарыԥсо ацеи ирыдҳәалоу ақьабзқәа

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУборка урожая кукурузы в Абхазии
Уборка урожая кукурузы в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаадрыхуа аџьықәреи ахкқәеи иацу аџьабааи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩы Есма Ҭодуаԥҳа.

Аџьықәреи акультура Аԥсны иаланагалеит XVIII ашәышықәса анҵәамҭазы. Уи иаԥсахит уи аԥхьа ирааӡоз аши (ашырӡи) ахәыӡи. Аџьықәреи аарыхра аџьабаа иацу шмаҷымгьы, уи уеизгьы аши ахәыӡи раарыхра аасҭа еиҳа имариоуп. Аԥсны иаадрыхуа аџьықәреи ҩ-хкыкны иҟоуп: алаҭаҷаҷа, алгажә.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Аԥсны ақыҭанхамҩатә культураҿы аџьықәреи актәи аҭыԥ ааннакылоит. Уи иалҵуа ашылала ируа абысҭа аԥсуа ичыс хада - агәыхә - ауп. Уи анаҩсгьы аԥш аҵәы иахаҵаны иӡны, ма ижәны ирфоит. Ашыла мгьал агьама акәзар, акы иаламҩашьо иҟоуп. Иара убас ашыла ахархәара арҭоит егьырҭ афатә хкқәа рҟынгьы.

аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

Аџьықәреи анҭаргалалак ашьҭахь аԥҳә арахә рзы аӡын хәы ҳәа ирҵәахуеит. Уи аҵлақәа рҿы ҷҟарапатла еиқәҵаны иҟарҵоит. Аџьықәреи ахаҭа цәырҳәны аца иҭарыԥсоит. Аца хәажәбыцала ишышны иҟарҵоит. Аца – ақьабзтә практикаҿы аҽаҩра, аизҳара аазырԥшуа ҵәахырҭатә ҭыԥны иԥхьаӡоуп.

Иаҳгәалаҳаршәатә амифологиатә персонаж Ӡызлан аамҭала дызцынхо ахаҵеи лареи ахьеинио аҭыԥ – уи аца (ацалаҟьа) аҟны ауп. Амифологиатә ҳәамҭаҿы иалагалоу ари ацәаҳәа символра ауа иҟоуп: Ӡызлан дзықәшәо ауаҩы дахьынӡаицынхо аманшәалара, абеиара изаалгоит ҳәа иԥхьаӡоуп, убри аҟнытә урҭ ацалаҟьаҿы реиниара аҽаҩра абеиахара ауп ҵакыс иамоу.

Ацаҟны имҩаԥыргоит аҽаҩра ахьчара, уи аизҳазыӷьара иазку ақьабзқәа. Аџьамԥазра ақыҭа иалиааз Наргули Дочиаԥҳа еиҭалҳәоит урҭ ақьабзқәа руак.

"Аԥсуаа рыԥш аиқәырхара иазкыз акәамаҵамақәа мҩаԥыргон: ԥшӡала, гәырӷьа чарала ҳаура Анцәа иҳаҭәаушьаз ҳфааит ҳәа ианахныҳәалак, абас рҳәон раԥхьатәи х-калаҭк нҭаԥсаны: аҳәахьча ихәым, аҽыхьча ихәым, аҳәахьча ихәым, аҽыхьча ихәым, аҳәахьча иҳәым, аҽыхьча ихәым. Х-калаҭк ҭарыԥсон. Абри зызкыз – ахәа ирымкырц азыҳәан, аԥакәа алымҵырц азыҳәан. Аца аарыцқьаны, иршәшәаны, ирқацаны, нас иҭарыԥсон", – ҳәа. Уи шыҟарҵо атәы авидеонҵамҭа асоциалтә-ҳақәа рҿгьы ианылҵеит. Лара ишҳалҳәаз ала, ари ақьабз амҩаԥгара лан Нусиа Багаҭелиа-Дочиа илыдылҵеит. Уи иазгәалҭоит, иара убас, аџьықәреи ахьчаразы аца аҭаҭын, амҵырбӷьы ҭакнарҳауан ҳәа.
© Foto / из архива семьи Нусиа Багаҭелиа-ДочиаНусиа Багаҭелиа-Дочиа
Амхурсҭа аҳкәажә – аџьықәреии уи зҭарыԥсо ацеи ирыдҳәалоу ақьабзқәа - Sputnik Аҧсны
Нусиа Багаҭелиа-Дочиа

Аца иадҳәалоу амагиатә практикақәа иреиуоуп иара убас ахәыҷы ихаԥыц аара аныцәгьахалак имҩаԥырго ақьабз: ахәыҷы дрыманы ацаҿы инеины ихы хынтә аца иныҵадыркьысуеит.

Иазгәаҭатәуп, арҭ ақьабзқәа уарла-шәарла акәзаргьы ҳаамҭазгьы ахархәара рыманы ишыҟоу. Убасгьы аџьықәреи, ашыла, абысҭа ирыдҳәалоу азгәаҭарақәа уажәгьы ирықәныҟәоит. Иаҳҳәап, урҭ иреиуоуп аџьықәреи арыц амца иақәыԥсар, иблыр арыцҳара аанагоит ҳәа иахьыршьо.

Осень в селе Отхара - Sputnik Аҧсны
Илауҵаз ауп иааурыхуа: ҭагалан ашәыгақәа Оҭҳара ақыҭан

Абысҭа зларуз амҳаԥ акәзар, имыӡәӡәакәа акраамҭа иаанужьыр, аҩнаҭа аӡӷаб аҭаацәа лалалара наскьагахоит рҳәоит. Убри аан амҳаԥ анурыцқьо, бысҭа хәыҷык акәзаргьы иаман иаанхароуп, зегь амуӡәӡәаар ҵасым ҳәа иԥхьаӡоит. Иара убас аԥхьа иҭырго аҿахра ахәыҷы ирҭом. Ҳаамҭа иарӡхьо ақьабзқәа ируакуп аҭаца аҩны даныҩнаргалоз ашылеи ахрыӷи ҟьо аҩны акәакьқәа рҟны иахьыҩналыԥсоз.

Сынтәа аџьықәреи аҭагаларазы Аԥсны араионқәа арекордқәа шыҟарҵаз азгәарҭоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақыҭанхамҩа ахьысҳара шанубаалоз ала, ас еиԥш аизҳара уаҩ дамыргәырӷьар залшом. Ҳхатәы аалыҵқәа реизырҳареи ҳқьабзқәа реиқәырхареи ҳаԥсыуааны ҳанзырхо акқәа ирыхәҭакуп. Иарбан милаҭу зхатәы змамкәа зыӡбахә рҳәо?!

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0