Аԥсны

Sputnik амчыбжь: Адыррақәа рымш, ахада иофициалтә ныҟәара, Искандер иаԥхьахә асиа ду

Аинформациатә маҵзура Sputnik иазнархиеит нанҳәа 28 инаркны цәыббра 3 рҟынӡа ареспубликаҿы аҭыԥ змаз иналукааша ахҭысқәа рыхҳәаа.
Sputnik
Ари амчыбжь азы иалагеит аҵарашықәс ҿыц, ареспубликаҿ иазгәарҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара, Аслан Бжьаниа Тамшьи Егры-ГЕСи агәаҭаратә ҭаара мҩаԥигеит, ирылаҳәан Фазиль Искандер иаԥхьахә асиа ду.
Sputnik

Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы

Цәыббра 1 азы Аԥсны иқәҩит раԥхьатәи аҵәҵәабжьы. Азеиԥшҵаратә усҳәарҭақәа рҿы имҩаԥган аныҳәатә цәаҳәақәа. Урҭ иртема хадан иҟан Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аиааира 30 шықәса ахыҵра.
Аԥсны
Аԥснытәи ашколқәа рҟны раԥхьатәи аҵәҵәабжьы геит
Аԥсны аҵара аминистрра адыррақәа рыла, сынтәа ашкол ахь раԥхьаӡа акәны ршьаҿақәа еихыргеит 2452-ҩык ахәыҷқәа. Аҵарахь инеит 29000-ҩык аҵаҩцәа. Аԥсны иҟоу 153 школ рҟны аус руеит 3959-ҩык арҵаҩцәа.
Раԥхьатәи аҵәҵәабжьы: Аҵарадырра амш Аҟәа

Ахада игәаҭаратә ныҟәарақәа

Иаҳхысыз амчыбжь азы Аслан Бжьаниа очамчыра араион Тамшь ақыҭан аӡымҩангага ахьышьҭарҵо днеины ибеит. Аӡы ақыҭауаа ироулоит асовет аамҭақәа раан ижыз аҵхырҭаҟынтәи.
Аӡымҩангага аура 15 километра иҟоуп. Иаахәоуп жә-миллион мааҭ рыхә атрубақәа, иргылоуп аӡеизакырҭа. Аусурақәа цәыббра агәазынынӡа ахыркәшара азыԥхьагәаҭоуп.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аслан Бжьаниа Тамшь ақыҭан аӡымҩангага шышьҭарҵо гәеиҭеит
Атәыла ахада иара убасгьы даҭааны ибеит ЕгрыГЕС. Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит аекономика аминистр Кристина Озган, Гал араион ахада Константин Ԥлиа, ЕгрыГЕС адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы Леван Мебониа, "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара, адепутатцәа Резо Занҭариеи Герман Качарааи алархәны.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан ареспублика фымцамчыла аиқәыршәара ҭагалани-аӡынразы, афымцамч ахархәара рацәаны ианаҭаххо астанциақәа ршәарҭадара аиҿкаара.
Аԥсны
Бжьаниа ЕгрыГЕС аусушьа гәеиҭеит

Нанҳәа

Нанҳәа 28 аҽны аԥсуаа традициала иазгәарҭоит Нанҳәа. Ари аҽны аҩынқәа рҿы аишәақәа дырхиоит ҿа-маҿала, иадыркуеит ацәашьқәа, иргәаладыршәоит ирцәыԥсхьоу ргәакьацәа. Ари аныҳәа ақьырсиан ныҳәа – Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара Амш иақәшәоит. Нанҳәа 28 ареспубликаҟны ԥсшьарамшны ирылаҳәоуп.
Традициа ҳасабла ашьыжь аҭаацәа реиҳабы дгыланы Анцәа иахь ихы нарханы диҳәоит илԥха-игәылԥха рыгимырхарц. Аҳәса ракәзар амилаҭ чыс нап аларкуеит.
Аӡархәма, ма анасыԥ азы аԥшра: нанҳәа ауха имҩаԥырго ақьабз

Агәалашәара ыӡӡом

Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш азгәарҭеит Аҟәа ахаша, нанҳәа 30 рзы.
Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит аиҳабыра рхаҭарнакцәа, хабарда ибжьаӡыз рыуацәа, аруаа, ауаажәларра.
Агәалашәаратә уснагӡатәқәа мҩаԥган Гәдоуҭагьы. Уа ашәҭшьыҵәрақәа абаҟа амҵан ианышьҭарҵа ашьҭахь Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаартын афотоцәыргақәҵа.
Аԥсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рымш аҳаҭыр азы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акциа мҩаԥысит. Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ацәашьқәа рыла ажәа "Помним" ("Шәаҳгәалашәоит") ҟарҵеит, хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы имҩаԥырго аусура ахьубо авидеохроника акадрқәа ддырбеит.
Акциа еиҿыркааит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы".
Аԥсны
Аҟәа Адраматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит Хабарда ибжьаӡыз рымш иазкыз акциа
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.

Искандер иаԥхьахә асиа ду

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алонг-бӷьыц рылаҳәоуп. Абри атәы аанацҳауеит аԥхьахә аԥшьазгаз Урыстәылатәи ПЕН-центр асаит. Асиа ианылеит 103 усумҭа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуа шәҟәыҩҩы Ибрагим Чкадуа иажәабжьқәа реизга "Ковчег". Аицлабра ԥшь-номинациак рыла еихшоуп: асахьаркыратә проза, апоезиа, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алитературеи акиносценариеи, адраматургиа.
Аицлабрахь зынӡа инашьҭын 192 усумҭа, Урыстәыла ақалақьқәа 43 рҟынтәи, иара убас Аԥсны, Азербаиџьан, Белоруссиа, Болгариа, Германиа, Израиль, Казахсҭан, Кырӷысҭан, Естониа.
Урыстәыла
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алонг-бӷьыц рылаҳәоуп
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы аицлабра ажиури иалоуп Евгени Попов, Герман Власов, Евгениа Диокина, Борис Евсеев, Лола Звонариова, Марина Кудимова.
Иаиааз рыӡбахә еилкаахоит 2023 шықәса жьҭаарамзазы. Аԥхьахәқәа ранашьахоит ԥхынҷкәынмзазы.

Амшын аҟны аиқәырхара

Вологдатәи аӡӷаб қәыԥш Пицунда амшын аҟны иӡааҟәрылоз ахәыҷы деиқәлырхеит нанҳәа 31 азы.
15 шықәса зхыҵуа Алина Смирнова Пицунда амшын дахьҭаз илбеит Матвеи Паламчук хӡааҟәрыла шыҟаиҵаз, аха аӡы дышхәыҵымҵыз. Ахәыҷы дҷаркәалкит, аӡы иҿаҵәеит.
Алина Смирнова ииашаны ахымҩаԥгашьа дахьақәшәаз иабзоураны Матвеи деиқәырхан. Аԥсны АҶА аҿы ахә ҳаракны иршьеит аӡӷаб қәыԥш лдыррақәа, лхымҩаԥгашьа.Спасение на море
Аԥсны
Пицунда аӡӷаб қәыԥш ахәыҷы деиқәлырхеит