Урыстәыла

Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алонг-бӷьыц рылаҳәоуп

© Sputnik / Рындин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСоветский прозаик и поэт абхазского происхождения Фазиль Абдулович Искандер дома в своем рабочем кабинете
Советский прозаик и поэт абхазского происхождения Фазиль Абдулович Искандер дома в своем рабочем кабинете - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.09.2023
Анапаҵаҩра
Асиа ианылеит 103 усумҭа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуа шәҟәыҩҩы Ибрагим Чкадуа иажәабжьқәа реизга "Ковчег".
АҞӘА, цәыббра 2 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә алонг-бӷьыц рылаҳәоуп. Абри атәы аанацҳауеит аԥхьахә аԥшьазгаз Урыстәылатәи ПЕН-центр асаит.

Асиа ианылеит 103 усумҭа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аԥсуа шәҟәыҩҩы Ибрагим Чкадуа иажәабжьқәа реизга "Ковчег". Аицлабра ԥшь-номинациак рыла еихшоуп: асахьаркыратә проза, апоезиа, ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рзы алитературеи акиносценариеи, адраматургиа.

Аицлабрахь зынӡа инашьҭын 192 усумҭа, Урыстәыла ақалақьқәа 43 рҟынтәи, иара убас Аԥсны, Азербаиџьан, Белоруссиа, Болгариа, Германиа, Израиль, Казахсҭан, Кырӷысҭан, Естониа.
Фазиль Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аиуразы аицлабра ажиури иалоуп Евгени Попов, Герман Власов, Евгениа Диокина, Борис Евсеев, Лола Звонариова, Марина Кудимова.
Фазиль Искандер, 1980-е.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2023
Аԥсны
Фазиль Искандер иԥсҭазаара аҟынтәи жәаха имгеимцара
Иаиааз рыӡбахә еилкаахоит 2023 шықәса жьҭаарамзазы. Аԥхьахәқәа ранашьахоит ԥхынҷкәынмзазы.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә шьаҭаркын Урыстәылатәи ПЕН-центр абзоурала 2016 шықәса нанҳәамзазы ашәҟәыҩҩы ихьӡ анаӡаӡатәразы. 2022 шықәсазы аԥхьахә адгылара анаҭеит акультуратә ԥшьгамҭақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд.
Ажәабжьқәа зегьы
0