Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа Адраматә театр аҿаԥхьа имҩаԥысит Хабарда ибжьаӡыз рымш иазкыз акциа

© Sputnik / Томас ТхайцукАкция ко Дню пропавших без вести прошла у Абхазского драмтеатра
Акция ко Дню пропавших без вести прошла у Абхазского драмтеатра - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2023
Анапаҵаҩра
1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡит 170-ҩык. Урҭ рахьтә 44-ҩык рыԥсыбаҩқәа ԥшааны рыуацәа анышә реиҭамадаразы ирырҭахьеит.
АҞӘА, нанҳәа 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз рымш аҳаҭыр азы Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа акциа мҩаԥысит.
"Нанҳәа 30 - абри арыцҳара иақәшәаз аҭаацәарақәа рыдгылара, ажәҩахыр рымадара иазку мшуп. Адунеи зегь аҿы зықьҩыла ауаа хабарда ибжьаӡны иҟоуп", - иҳәеит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Аԥсны иҟоу амиссиа аиҳабы ихаҭарнак Борис Казанба.
Иара иазгәеиҭеит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ареспублика анапхгареи еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи дареи аусеицура бзиа шрыбжьоу, хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара 2010 шықәса раахыс ишеицымҩаԥырго.
Возложение цветов к мемориалу в Парке Славы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2023
Аԥсны
Аибашьра иахәхаз: Аҟәа иргәаладыршәеит хабарда ибжьаӡыз
Казанба ишиҳәаз ала, аусеицура иалҵшәаны аԥсуеи ақырҭуа гани рҟынтәи ҩышәҩык инареиҳаны рыԥсыбаҩқәа зтәыз шышьақәыргылаз, анышә рамадаразы рҭаацәарақәа ишрырҭаз.
Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ацәашьқәа рыла ажәа "Помним" ("Шәаҳгәалашәоит") ҟарҵеит, хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы имҩаԥырго аусура ахьубо авидеохроника акадрқәа ддырбеит.
Акциа еиҿыркааит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилаки, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы".
Мчыла хабарда ибжьадырӡыз жәларбжьаратәи рымш есышықәса иазгәарҭоит адунеи аҿы нанҳәа 30 рзы. Уи рыларҳәеит иҭаку ауаа мамзаргьы зыуацәа зхабар рзымдыруа ауаа рлахьынҵа ауаажәларра азхьаԥшразы.
В музее Боевой славы имени Владислава Ардзинба открылась однодневная фотовыставка - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.08.2023
Аԥсны
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ирызку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0