Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы аихабетонтә шпалақәа шьақәдыргылоит

Афонҿыцтәи аҳаԥы абиуџьет аҟынтә иажәхьоу амҿтәы шпалақәа рыԥсахразы иазоужьхоит 12 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Афонҿыцтәи аҳаԥаҿы ажәытә шпалақәа рыԥсахразы 1800 цыра аихабетонтә шпалақәа аархәеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳаԥы ахада ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.
"Иҳамоу адәыӷба ҿыцуп уҳәар алшоит. 2014 шықәсазы Рига иаахәан, уи аахыс еиԥҟьарада аус ауеит. Аха аихамҩа уашәшәыроуп. Асовет аамҭақәа раахыс иԥсахым. Амҿы иалху ашпалақәа ракәзар 100% ацәаакыра илоуп. Ишәарҭоу ҭыԥқәак ҳамчқәа рыла абетон ҭаҳарҭәалоит", - иҳәеит иара.
Смыр иажәақәа рыла, аҳаԥаҟынӡа афымцадәыӷба знысуа амҩа аура 1,3 километра иҟоуп. Ҷыдала иҿаҵоуп ашпалақәа урыстәылатәи азауадқәа руак аҿы. Аԥсныҟа иааргараны иҟоуп хымз ирхымгакәа. Афонҿыцтәи аҳаԥы абиуџьет аҟынтә иажәхьоу амҿтәы шпалақәа рыԥсахразы иазоужьхоит 12 миллион мааҭ.
Смыр иҳәеит аҳаԥы анапхгара арельсқәа рыԥсахрагьы шырҭахәу, аха урҭ ҟазҵо макьана иԥшаам.
Аԥсны
Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа аԥхынраз иаҭааит 230 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа
"Ашпалақәеи арельсқәеи аамҭак ала еицыԥсахзароуп, аха урҭ ҟазҵо даҳзымԥшаац, уи иахҟьаны асуурақәа анынагӡахо аҿҳәарақәа макьаназы еилкаам. Аусурақәа раан аҳаԥы аркхоит, иҟалап 2-3 мзы ҳагар", - иҳәеит иара.
Смыр иазгәеиҭеит аҳаԥы ахаҿра арҽеиразы аусурақәа шцо, уажәазы ирыԥсаххьеит абыркьылҭаԥсақәа, иқәыргылоуп аԥенџьыр ҿыцқәа. Аусурақәа зегьы ирықәхарџьхоит 25 миллион, аӡынразы ихыркәшахоит. Анаҩсан, ахыбра ахԥатәи аихагылаҟынӡа амардуан ҿарҵоит, иажәыз абарҵақәа хԥа ықәганы аҿыцқәа рыла ирыԥсахуеит.