00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
On air
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Лаҵара 19 рзы Асовет Еидгыла ахаан иазгәарҭон апионертә еиҿкаара амш
18:16
17 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
On air
18:49
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа аԥхынраз иаҭааит 230 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукНовоафонская пещера
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.09.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Афонҿыцтәи аҳаԥы сынтәа аԥхынраз иаҭааит 230 нызқьҩык аԥсшьаҩцәа, абри атәы иҳәеит аҳаԥы аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Дамеи Смыр.
Иара иҳәеит рашәарамзазы аҳаԥы ишаҭааз 46,4 нызқьҩык атуристцәа, ԥхынгәымзазы– 91,2 нызқьҩык, нанҳәамзазы – 101 нызқьҩык. Иҭиин 167 миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа.
2022 шықәсазы аҳаԥы аԥхынмзақәа рзы иаҭааит 245 нызқьҩык, иҭиин 172 миллион мааҭ рыхә абилеҭқәа.
"Ҵыԥх аасҭа маҷк ҳаиҵахеит, аха уи ныррак ҟанамҵеит. 2022 шықәсазы зынӡа 392,4 нызқьҩык атуристцәа ҳҭааит. Сгәы иаанагоит ашықәс нҵәаанӡа уи арбага иацаҳҵар ҟалоит ҳәа" иҳәеит иара.
Новоафонская пещера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2022
Аԥсны
Адгьыл аҵаҿтәи алакә: Афонҿыцтәи аҳаԥы
Смыр игәаанагарала, сынтәа ауаа реиҵахара адунеи аҿы аполитикатә ҭагылазаашьеи Афонҿыцтәи аберҭыԥ шәахьала иахьаркызи ирыхҟьеит.
"Аекскурсиатә гәыԥқәа рацәаны Аԥсны аекскурсиа мҩаԥыргоит аамҭак ала аҳаԥы, аберҭыԥ, аӡхыҽҽа ирҭаартә аиԥш апрограмма еиҿкааны.. Сынтәа шәахьала аберҭыԥ аркын. Уи иахҟьаны есшәахьа 1000 - 1500 ҭааҩцәа ҳцәыӡуан", - иҳәеит Смыр.
Афонҿыцтәи аҳаԥы адунеи аҿы иреиҳақәоу иреиуоуп, Мраҭашәаратәи Кавказ аҿы иреиҳау ҳаԥуп. Аҳаԥы аҭаларҭа рбеит 1961 шықәсазы. Аҭааҩцәа рзы иаартхеит 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы. 1961 шықәсазы уахь албаара рылшеит Гиви Смыр дзаԥхьагылаз аспелеологцәа. 1975 шықәса ԥхынгәы 4 рзы аҳаԥы аҩныҵҟахь амҩа иқәлеит раԥхьатәи адәыӷба, атуристцәа аманы.
Афонҿыцтәи аҳаԥы карсттә ҭагәаҩароуп, хышәа-ҵышәала адунеи аҿы еицырдыруа Шкоциантәи аҳаԥы (Иугославиа), Карлсбадтәи аҳаԥы (ЕАА) реиԥш иҟоу аҳаԥқәа иреикануеит. Ара иҟоуп зыблагә иаҵәоу аӡиақәа, аӡҭаҽҽақәа, ашьхеибаркырақәа. Ихаҳәлыху ажәҩан аҵаҟа имҩасуеит атуристцәа рымҩа. Иахьа Афонҿыцтәи аҳаԥы азалқәа жәба рыла ишьақәгылоуп: "Анаҟәаԥиа", "Нарҭаа", "Аиҩхаа", "Аԥхьарца", "Аԥсны", "Амҳаџьырқәа рзал", "Аспелеологцәа рзал", "Агелектиттә ҽыџь", "Гиви Смыр изал".
Ажәабжьқәа зегьы
0