АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Афотокаҭақәа рхархәарала зхыԥхьаӡара маҷу аԥстәқәа Риҵатәи апарк аҿы ишыҟоу шьақәырӷәӷәоуп, абри атәы лҳәеит апарк аҭҵаарадырреи аекодырреи рыҟәша аиҳабы Алиса Смырԥҳа.
"Афотокаҭақәа ықәыргылоуп аԥстәымҩақәа рҟны, еиҳа иахьыҟазаауа аҭыԥқәа рҿы. Аиҳарак: Ауадҳара, Кәыџба-иашҭа, Ԥсиҵа, ашьхахыҵырҭа Ахьыхәдарра, Аџьара ақәцәа рҿы", - лҳәеит Смырԥҳа.
Еиҳарак акадрқәа иақәшәоит аԥслаҳәқәа, абӷаџьмақәа, кавказтәи амшәқәа, абнацәқәа, абынҳәақәа, абгахәыҷқәа, абнацыгәқәа, аашьышьқәа. Зынӡа жә-хкык ҭаҩуп. Ҷыдала ахьчара иаҵанакуа иреиуоуп аԥслаҳәқәа, абӷаџьмақәа, абнацәқәа.
"Арҭ аԥстәқәа ирышьҭашәарыцо аԥсқьаруаа акыр ацәгьа ҟарҵоит. Иаҳҳәап, аԥслаҳә-жәлабзиа Ашәҟәы ҟаԥшь иануп Кавказ иахьаҵанакуа. Афотокаҭақәа рхархәарала ҳдыррақәа ҳарҭбааит, аԥстәқәа рхыԥхьаӡара ҳашьклаԥшуеит, апарк аҵакыраҿ иахьыҟоу аадырлоит", - лҳәеит Смырԥҳа.
Абнахьшьцәа ироуа аинформациа инақәыршәаны абнара гәарҭоит, аԥсқьараа рышәарыцара аԥдырҟәҟәаауеит лҳәеит лара.
Аҵарауаа аҭыхымҭақәа рҟынтәи ироуа адыррақәа ашәҟәы иҭаргалоит, уи ашьҭахь официалтә саит аҟны иркьыԥхьуеит. Аусура хылаԥшра арҭоит Амилаҭтә парк аҭҵаарадырреи аекодырреи рыҟәша аусзуҩцәа Асҭан Арсҭааи Даниил Арухааи.
Амилаҭтә парк аҿы агыгшәыг рҟынтә еиҳа ахыԥхьаӡара рацәоуп амшә цәышәшәы. Иара апарк аладатәи аҳәаа инаркны аҩадатәи аҳәааҟынӡа ашьҭақәа убоит. Иҟоуп аҳәырҭаҳаракқәа рҿгьы.
Абнацгәы акәзаргьы имаҷӡам апарк аҵакыраҿы. Иара аиҳарак амшын аҩаӡарантә 3000 метра иҟоу аҭыԥқәа рҿоуп иахьуԥыло. Фатәыс иамоуп идуум аԥстәқәа, зны-зынла – аԥсаатә.