https://sputnik-abkhazia.info/20230903/akulturei-aekologiei-riati-apark-iaanakua-aiaa-ry-aykabara-zyamlo-1047791493.html
Акультуреи аекологиеи: Риҵатәи апарк иаҵанакуа аӡиақәа рҿы аҽыкәабара зыҟамло
Акультуреи аекологиеи: Риҵатәи апарк иаҵанакуа аӡиақәа рҿы аҽыкәабара зыҟамло
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аԥсабарахьчаратә закәанԥҵареи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк азы ақәҵареи инарықәыршәаны апарк аҿы иҟоу аӡиақәа рҿы аҽыкәабара ҟалаӡом. 03.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-03T13:30+0300
2023-09-03T13:30+0300
2023-09-03T13:30+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/06/1032989319_0:135:2600:1598_1920x0_80_0_0_f942daef73486fb048ef981e42801875.jpg
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк есышықәса аҭааҩцәа иргәаланаршәоит аӡиақәа рҿы аҽыкәабара шыҟамло, уи зырҳәо ашәарҭадара азыҳәангьы ауп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адамыр Багаҭелиа.Аха ус шакәугьы, ари аԥҟара еилазго ҟалалоит иҳәеит Багаҭелиа. Иара иажәақәа рыла, аӡиақәа иаарыкәыршаны игылоуп аҽыкәабара шыҟамло зҳәо аӷәқәа. Иара убас аинспекторцәа ҳамоуп апарк аҿы, урҭ есымша уи иахылаԥшуеит. Аха иҟоуп акгьы змаҳауа аԥсшьаҩцәагьы.Риҵатәи апарк аӡиақәа рҟны аҽыкәабара ҟалом, избанзар дара аҳәырԥсарра иаҵанакуеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аофициалтә даҟьақәа рҿы. Уи адагьы, Аԥсны ашьха ӡиасқәеи аӡиақәеи ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи, хымԥада, хырҩа ауҭар ҟалом. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аусзуҩцәа изныкымкәа ирҳәахьан аӡиақәа рҿы уҽукәабар, уи иҭоу ԥсы зхоу зегьы ирԥырхагахар ҟалоит, аекосистема бжьнахыр алшоит ҳәа.Ашәарҭадарагьы иазхәыцроуп. Ашоурақәа аныҟоу, еиуеиԥшым аинфекциақәа цәырҵыр алшоит. Аӡы аныхьшәашәоугьы, ушьапы ҷаркәалкыр алшоит, ашьа-ада ибааԥсны аусура иалагар ауеит, ауаҩы дӡааҟәрылар илшоит. Убри аан Риҵатәи апарк азин амаӡам аԥҟарақәа еилазго ахараԥса дыршәара, урҭ ирылшо ауаа ргәырҽанҵара ауп.
https://sputnik-abkhazia.info/20230821/agabziarakhchara-aministrra-riati-apark-atskhyraara-las-amashyna-areit-1047599839.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/08/06/1032989319_145:0:2456:1733_1920x0_80_0_0_fc7e5cf4f4b4d291579286f636e936c1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Акультуреи аекологиеи: Риҵатәи апарк иаҵанакуа аӡиақәа рҿы аҽыкәабара зыҟамло
Аԥсны аԥсабарахьчаратә закәанԥҵареи Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк азы ақәҵареи инарықәыршәаны апарк аҿы иҟоу аӡиақәа рҿы аҽыкәабара ҟалаӡом.
АҞӘА, цәыббра 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк есышықәса аҭааҩцәа иргәаланаршәоит аӡиақәа рҿы аҽыкәабара шыҟамло, уи зырҳәо ашәарҭадара азыҳәангьы ауп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Адамыр Багаҭелиа.
Аха ус шакәугьы, ари аԥҟара еилазго ҟалалоит иҳәеит Багаҭелиа.
"Аԥҟара шеиларго шгәаҳҭалак, иаразнак иаанаҳкылоит. Раԥхьа иргыланы, аӡы хьшәашәоуп. Иҩбахаз - ҳара ҳхатә традициақәа ҳамоуп - ашьха ӡиақәа рҭалара ҟалом. Ашәарҭадара аганахьалагьы иҟалом", - ҳәа инаҵишьит иара.
Иара иажәақәа рыла, аӡиақәа иаарыкәыршаны игылоуп аҽыкәабара шыҟамло зҳәо аӷәқәа. Иара убас аинспекторцәа ҳамоуп апарк аҿы, урҭ есымша уи иахылаԥшуеит. Аха иҟоуп акгьы змаҳауа аԥсшьаҩцәагьы.
Риҵатәи апарк аӡиақәа рҟны аҽыкәабара ҟалом, избанзар дара аҳәырԥсарра иаҵанакуеит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аофициалтә даҟьақәа рҿы. Уи адагьы, Аԥсны ашьха ӡиасқәеи аӡиақәеи ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, уи, хымԥада, хырҩа ауҭар ҟалом.
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк аусзуҩцәа изныкымкәа ирҳәахьан аӡиақәа рҿы уҽукәабар, уи иҭоу ԥсы зхоу зегьы ирԥырхагахар ҟалоит, аекосистема бжьнахыр алшоит ҳәа.
Ашәарҭадарагьы иазхәыцроуп. Ашоурақәа аныҟоу, еиуеиԥшым аинфекциақәа цәырҵыр алшоит. Аӡы аныхьшәашәоугьы, ушьапы ҷаркәалкыр алшоит, ашьа-ада ибааԥсны аусура иалагар ауеит, ауаҩы дӡааҟәрылар илшоит. Убри аан Риҵатәи апарк азин амаӡам аԥҟарақәа еилазго ахараԥса дыршәара, урҭ ирылшо ауаа ргәырҽанҵара ауп.