АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Асмат Ҵәыџьԥҳа. Асахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи еиҿыркааз ацәыргақәҵа "Ауашәшәыра" Аҟәатәи абааҿы иаартын цәыббра 6 рзы.
Ацәыргақәҵаҿы ицәыргоуп лаҵарамза инаркны нанҳәамзанӡа асахьаҭыхыҩцәа иаԥырҵаз арт-обиектқәа. Ақәыргыларараанҵара еидкылоуп еиуеиԥшым атехникақәа рыла- аколлаж, ақәҵара, абаҟны асахьанҵара, ақьаад аус адулара, абзазаратә маҭәарқәа рыла аиҿыртәарақәа.
Ацәыргақәҵа ахылаԥшҩы Саид Гьезердаа иажәақәа рыла, аиԥш зеиԥшу ауснагӡатә амҩаԥгаразы ахшыҩҵак рызцәырҵит мызқәак раԥхьа. Апроект авторцәа Аҟәа ахаҿра аицыкра хьаас ирымоуп иҳәеит иара.
Асахьаҭыхыҩ Диана Хынҭәԥҳа ацәыргақәҵа иахықәку- ауаҩы иааикәыршаны иҟоу зегьы ишеиҷаҳалатәу игәаларшәара ауп лҳәеит. Аԥшьа Ҳагԥҳа лгәаанагарала, Аԥсны ақалақьқәа ркультуратә хәҭа аиқәырхара хымԥадатәиуп.
Ацәыргақәҵа цәыббра 8 рҟынӡа иаартызаауеит.