Аԥсны

Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара

Sputnik
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит 1992 шықәсазы Аԥсны дшажәлаз ибзианы бџьарла еиқәшәаз аӷа, Аԥсны ажәлар ашәарыцага шәақьқәа шьҭыхны уи ишиҿагылаз.
1993 шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын иааирала. Уи ашьҭахь ақырҭуа ган изныкымкәа – 1998, 2001 шықәсқәа рзы рҽазыршәеит Аԥсны аргьыжьра. Кәыдрытәи аоперациа қәҿиарала ихыркәшахеит 2008 шықәсазы. Иахьа Аԥсны аҵакыра зегьы ахы иақәиҭтәуп иҳәеит Бжьаниа.
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзтәи ахҭысқәа иаадырԥшит арбџьармчқәа хаҭабзиарала рыҟазаара иамоу аҵакы. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ар ишахәҭоу бџьарла, техникала реиқәыршәаразы. Ҳара иҳалҳаршароуп ҳар ҳаамҭа иақәшәо реиҿкаара", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа аиааира амш рыдиныҳәалеит аррамаҵзурауаа, ирзеиӷьеишьеит рҭаацәарақәеи дареи анасыԥ, аҭынчра, ақәҿиара дуқәа.
Аԥсны
Аиааира апарад аҽазыҟаҵара хада мҩаԥысит Аҟәа