https://sputnik-abkhazia.info/20230928/aslan-bzhania-dalakhyn-aiaaira-amsh-iazkyz-atylakhchara-aministrra-aizara-1048308496.html
Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара
Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 28.09.2023, Sputnik Аҧсны
2023-09-28T17:50+0300
2023-09-28T17:50+0300
2023-09-28T17:50+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/07/1044008400_0:224:2844:1824_1920x0_80_0_0_29a5d798cfe8542994e45fc71071e7f8.jpg
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура. 1993 шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын иааирала. Уи ашьҭахь ақырҭуа ган изныкымкәа – 1998, 2001 шықәсқәа рзы рҽазыршәеит Аԥсны аргьыжьра. Кәыдрытәи аоперациа қәҿиарала ихыркәшахеит 2008 шықәсазы. Иахьа Аԥсны аҵакыра зегьы ахы иақәиҭтәуп иҳәеит Бжьаниа. "Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзтәи ахҭысқәа иаадырԥшит арбџьармчқәа хаҭабзиарала рыҟазаара иамоу аҵакы. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ар ишахәҭоу бџьарла, техникала реиқәыршәаразы. Ҳара иҳалҳаршароуп ҳар ҳаамҭа иақәшәо реиҿкаара", - иҳәеит ахада. Аслан Бжьаниа аиааира амш рыдиныҳәалеит аррамаҵзурауаа, ирзеиӷьеишьеит рҭаацәарақәеи дареи анасыԥ, аҭынчра, ақәҿиара дуқәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20230928/aiaaira-aparad-aazyaara-khada-maysit-aa-1048289580.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/02/07/1044008400_57:0:2788:2048_1920x0_80_0_0_d055af6b341730d47172fbc598ff752a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа
Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара
АҞӘА, цәыббра 28 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа далахәын Аиааира Амш иазкыз Атәылахьчара аминистрра аизара, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа иазгәеиҭеит 1992 шықәсазы Аԥсны дшажәлаз ибзианы бџьарла еиқәшәаз аӷа, Аԥсны ажәлар ашәарыцага шәақьқәа шьҭыхны уи ишиҿагылаз.
1993 шықәсазы Аԥсны ахы иақәиҭтәын иааирала. Уи ашьҭахь ақырҭуа ган изныкымкәа – 1998, 2001 шықәсқәа рзы рҽазыршәеит Аԥсны аргьыжьра. Кәыдрытәи аоперациа қәҿиарала ихыркәшахеит 2008 шықәсазы. Иахьа Аԥсны аҵакыра зегьы ахы иақәиҭтәуп иҳәеит Бжьаниа.
"Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзтәи ахҭысқәа иаадырԥшит арбџьармчқәа хаҭабзиарала рыҟазаара иамоу аҵакы. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит ар ишахәҭоу бџьарла, техникала реиқәыршәаразы. Ҳара иҳалҳаршароуп ҳар ҳаамҭа иақәшәо реиҿкаара", - иҳәеит ахада.
Аслан Бжьаниа аиааира амш рыдиныҳәалеит аррамаҵзурауаа, ирзеиӷьеишьеит рҭаацәарақәеи дареи анасыԥ, аҭынчра, ақәҿиара дуқәа.