Аԥсны

Ҭемыр Надараиа Гагра ахақәиҭтәразы: сырхәаанӡагьы издыруан аиааира шаҳгоз

Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа диҿцәажәеит Гагра араион ахақәиҭтәразы ажәылара иалахәыз, Леон иорден занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Ҭемыр Надараиа. Иара еиҭеиҳәеит усҟан аҭагылазаашьа зеиԥшраз, аибашьра адәаҿы дзықәшәақәаз ахҭысқәа.
Sputnik
Леон иорден занашьоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ауаажәларратә усзуҩ Ҭемыр Надараиа игәалаиршәоит Гагра ахақәиҭтәра иадҳәалоу ахҭысқәа, иара убас, аибашьра иалагаанӡа Аԥсуа гвардиа уи ацәаҳәаҿы имҩаԥнагоз адҵақәа. "Иреиҳау ахәшьара ду асҭоит Гагра ахақәиҭтәра", - иҳәоит Надараиа ҳаицәажәара алагамҭазы, 31 шықәса раԥхьа имҩаԥгаз арратә операциа аҵак ду змоу шакәу аарԥшуа.

Аԥсуа гвардиа Гагратәи ацәаҳәаҿы

Ҭемыр Надараиа арратә ҵараиурҭа иалгахьаз арԥысын. Аибашьра аԥхьа ақырҭцәа ҳтәылаҿы аԥсуаа ҳҵызшәаауаз аполитика анымҩаԥыргоз иара аофицар қәыԥш аԥсуа гвардиа далан. Урҭ аамҭақәа дрызхьаԥшуа, аветеран исзеиҭеиҳәеит иара дызлаз агәыԥ Гагра араион аҿы рнапы злакыз:
"Аибашьра ҟалаанӡа убра Пицунда Алик Аиба ибзоурала еиҿкаан Аԥсуа гвардиа ҳәа изҿу ар ргәыԥ. Гиви Агрба сара убрахь сишьҭит напхгара асҭарц. 1992 шықәсазы аиҿагылара ыҟан Егры ахықәан. Ақырҭқәа абрахь ихыҵырц рҭахын. Уаанӡа, февраль мзазы ақырҭқәа апап Илиа ицны Ԥсоунӡа ицахьан. Ианыхынҳәуаз Гагра "Мхедриони" гәыԥк аанрыжьит, уи иалаз еиҳараҩык Гагра инхақәоз ракәын. 100-ҩык инареиҳаны иҟан, "Қарҭ" захьӡыз аԥсшьарҭа ҩны иҩнан. Нас, Қарҭынтәи Бадри Ԥерцхелиани ҳәа аӡә даарышьҭын, убри еиҳабыс дрыман. Ари ҳа ҳтәқәа ирдыруан. Алик Аиба, аԥсуа гвардиа агәыԥ еиҿикааит, ихатә ԥарала афатә, ажәтә уҳәа аныҟәгара ихахьы игеит. 50-ҩык есымза иазыҟарҵаларц рыхәшьадит. Алик Аҟәа даан, офицарк дсышәҭ иҳәан, сара срышьҭит. Пицундатәи арота, аԥсуа полк иатәын – убра аурыс архәҭа иатәыз казармак ыҟан, убри еиҩыршан, ахәҭак ҳара ҳаҩнарҵеит. Убра салагеит азыҟаҵарақәа рымҩаԥгара - гаграа, лӡаа уҳәа иалаз рацәаҩын. Нас иалагеит аибашьра. Убри аҟынтә, сара Гагра иадҳәалоу ахҭысқәа, ақырҭқәа рдесант аӡхыҵра налаҵаны аханатә срылахәын сҳәар ауеит. Убри аҟынтә, убра иҳамаз архәҭа хәыҷы командирс сроуит. Аибашьра ианалага Цандрыԥшь ҳгылан. Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа аауазар ҳәа амҩа ҳнапаҿы иҟазарц. Аха, арҭ ақырҭқәа адесант аара иазыԥшын. Гьечрыԥшь ақырҭуа ар аныӡхыҵуаз аибашьра ҳақәшәеит, хәҩык инареиҳаны иҭаҳархеит, быжьҩык ҳхәит. Азныказ дара хьаҵит, ицан Леселиӡе ҳәа иахьашьҭаз Гьечрыԥшь рҽаддырӷәӷәалеит. Аҳәаагьы рнапахьы иааргеит. Нас, аԥсуаа аанкыланы амилициа апост ахьыҟаз иҭаркуа иалагеит. 37-ҩык сыцын убасҟан. Ҳара ахыц ҳҭаркит дара усҟан".
Аԥсны
"Ҳгәы ҳҽанӡамкәа иҳажәлеит": аибашьра аветеран Роман Хынҭәба игәалашәарақәа
Аветеран Надараиа иажәақәа рыла, Аԥсуа гвардиа рҭагылазаашьа уадаҩхеит, нанҳәа 15 рзы ақырҭуа десант анӡхыҵ ашьҭахь. Усҟан Гагра ақырҭқәеи аԥсуааи еицәажәеит аԥсуаагьы алҵуа, ақырҭқәагьы ақалақь аанрыжьуа – Гагра амилициа аусзуҩцәа мацара аанхо.
"Нанҳәа 17 рзы Гагра ҳалҵит. Ҳара ахыц ҳҭакын азы, ҳақәшаҳаҭхагәышьеит ақалақь ааныжьра. Саргьы иалҵтәуп ҳәа исыԥхьаӡон усҟан. Амза 15 рзы ақырҭуа десант аныӡхыҵ, Гәдоуҭантәи иҳахьӡеит, Буза Гәымба ҳәа дыҟан Аԥсны афырхаҵа, командирс иҟаз – убри иашьцәа быжьҩык абџьар рыманы инеит, Сергеи Зебелиангьы быжьҩык ицын. Зынӡа 60-ҩык рҟынӡа ҳаҟан, ҩыџьа ҳацәҭахеит, ҩыџьа ҳцәырхәит раԥхьатәи аидыслараҿы. Аиҿахысра ҳаман. Хәылбыҽханӡа аибашьра цон. Нас, ақырҭқәа Аҟәа аиқәшаҳаҭра шеиларгаз еиԥш, Гагра иалалеит. Убас ала ҳара Бзыԥҟа ҳаиасит", – иҳәоит Ҭемыр раԥхьатәи амшқәа дырзыхынҳәуа.
Пицунда агәарабжьара уахьыбжьало иахьымардараз уахьаахало игылеит аԥсуа ардыԥхьала ахаҭарнакцәа, Гагра ианалҵ. Раԥхьатәи жәамш еиҳабыс иҟаз аофицар Надараиа иакәын. Ус, априказ рзааит, шәиасны Бзыԥ аӡы шәахысны арахь шәҭыԥ ылышәх ҳәа. Гәдоуҭа аштаб аҿы убас ирыӡбеит. Ақырҭқәа аӡы арра рцәыуадаҩхоит ҳәа иазхәыцзар ҟалоит ҳәа агәаанагара имоуп сзацәажәо. Абар иара уи дзақәшаҳаҭмыз шааирԥшуа:
"Аха, уахь ҳаиасыр Риҵатәи, Бзыԥтәи амҩақәа нҳажьыр акәхон. Уи аамҭазы Бзыԥтәи ацҳагьы аманал аҵарҵеит ҳа ҳтәқәа. Исыцыз аҷкәынцәа ари анырба, ус рҳәеит: "Уара ҳара ара Пицунда ацәаҳәаҿы ҳтәоуп, ҳашьҭахь Бзыԥ ацҳа артҟәацгақәа аҵаҵаны иҟоуп, Гагрантәи ақырҭқәа жәыларгьы уахь ҳзиасӡом", - ҳәа".
1 / 2

Ҭемыр Надараиа аибашьраан

2 / 2

Ҭемыр Надараиа аибашьраан

Анаҩсан Надараиа ишеиҭеиҳәо ала, аԥсуа арратә напхгара азааит Пицунда ахырӷәӷәарҭа ааныжьзар еиҳа ишиашоу, убри аҟынтә Гена Ҷанба напхгара зиҭоз агәыԥ Бзыԥынтәи Пицундаҟа инеит.
"100-ҩык раҟара ицын Гена Ҷанба. Адырхаҽны хатәгәаԥхарала еибашьуа аауеит рҳәеит "Аҭыԥҳацәа рылабжыш" ҳәа иахьашьҭоу Риҵатәи амҩала. Нанҳәа 28 ҟалеит абас ҳшыҟаз. Гена Ҷанба иаҳҭеит аиҳабыра, сара схаҭыԥуаҩын, қәралагьы дырралагьы, чынлагьы иара деиҳан азы. Идырра бзиан. Ҩымшҟа рышьҭахь Муҳамад Кьылба даарышьҭит. Уи Гена ихаҭыԥуаҩс дҟалеит. 28 рзы ақырҭқәа жәылеит, ҳҭабиақәа ааныркылеит. Убасҟан Витиа Шьершьелиа дҭахеит. Иҵегь иҭахаз ыҟоуп. БМП-к рымаҳхит ҳаргьы. Ҳара ҳхалеит хәыҷык 100 метрак ҳааскьаны. Ахырӷәӷәарҭа ҟаҳҵеит. Убрантәоуп Гагра ахақәиҭтәра ҳахьынтәидәықәлаз", - иҳәоит Надараиа.
Ԥсахара ишьақәыргылоу амашьына "БРДМ" аҭоурых
Надараиа ишигәалашәо ала, аԥсуа гәыԥқәа еиуеиԥшым апозициақәа рҿы рҭыԥ ылхны ажәылара рҽазыҟарҵеит - Асҭамыр, Рома Ҭараа уҳәа еиуеиԥшым апозициақәа рҟынтәи рҿынархеит аӷа иахцаразы.
"Амшын аганахь анышәынҭрақәа ахьыҟоу - убра иҟан сара сызцыз агәыԥ. Армарахь Авто Гарцкьиеи Алхас Шьаҟрыли тәан. Миша Қаԥшь, Гәыли Еныкь. Амшын аҟынҵәҟьа Валикәа Багаҭелиа дтәан, Џьумка Чрыгбаиа. Нугзар Долбаиа игәыԥгьы аан итәахьан арыӷьарахь – еиҳа-еиҳа ҳрацәаҩхон, хатәгәаԥхарала иаазгьы ҳахьӡеит уи аамҭазы. Раԥхьаӡа инеиз абазақәа ргәыԥ ауп. Муҳамад Кьылбагьы дрыцын. Иара аԥшыхәратә диверсиатә гәыԥ напхгара асҭалоит иҳәан, абазақәа ааидикылан, убас агәыԥ еиҿикааит. Сергеи Дбар иакәын акоманда рызҭоз". Аветеран лымкаала иӡбахә иҳәарц ахәҭаны иԥхьаӡеит Гена Ҷанба.
"Даара аԥышәара змаз уаҩын. Уи иҩыза акомандир иԥшаара цәгьан. Гагратәи аоперациа амшын инаркны ашьханӡа иара иакәын командирс ирымаз. Командаҟаҵаҩыс ишысҳәахьо еиԥш Дбар иакәын. Муҳаммад аԥшыхәцәа дреиҳабын".
Аԥсны
Муҳаммад Кьылба Гагра ахақәиҭтәразы ажәылара: аклассикатә ҟазшьала еиҿкаан

Ажәылара

"Раԥхьа ахыхьчаратә позициа нкыланы ҳаҟан, аха ҳхы ҵәахны ҳтәамызт. Гена иҿы ҳаизаны есыуаха акьанҷ ҳаршәуан, ақырҭқәа рахь ицаны адиверсиа ҟазҵо ҳәа. Алхас Шьаҟрыл ианиқәымшәа сышьҭы ҳәа диҳәон акомандир. Сарагьы сцахьан аӷа иганахь", - игәалаиршәоит Надараиа ажәылара аԥхьа ардыԥхьала имҩаԥыргоз атактикақәа рзын.
Ҭемыр ишеиҭеиҳәо ала, Гагратәи арратә операциа иалагараны иҟан сентиабр 30 рзы. Рҽеиқәыршәан итәан, аха шәаангыл рҳәеит арратә напхгара. Акомандирцәа ишеилыркааз ала, ҳара ҳаиҳабыра ирацәаҩны ишәыцәҭахоит ҳәа разҳәаз аконсультантцәа ҟалеит. Убри акәзар ҟалап изааныркылаз.
"Иахьынӡаиашоу сыздыруам, аха Гена иаҳаит 500-ҩык раҟара уцәҭахоит ҳәа Владислав Арӡынба иарҳәеит ҳәа. Нас, иҵегь ауаа ааргеит, техникақәакгьы ҳарҭеит. Аџьаԥҳаны ҳазхара ҳамамызт, аха ҳдәықәлеит убас абзарбзанқәа иҳамаз ааҳархысын. Нас, дара рхырӷәӷәарҭақәа ҳго ҳаналага, аџьаԥҳангьы ҳауит. Сара Лиутик Бганба, Сергеи Чакриан сыцәҭахеит сгәыԥ аҟынтәи Гагра ажәылара ҳаналага", - абас игәалашәоит урҭ амшқәа Надараиа.
Аԥсны
"Шеварднаӡе спалата дааҩналеит", ма ақырҭуа политикатә спектакль: Нодар Шьаҟрыл иҭоурых
Аԥсуа еибашьцәа бџьарлеи џьаԥҳанылеи излеибыҭамыз ала, аҭагылазаашьа мариамызт сзацәажәо аветеран иажәақәа рыла. Иахьа Гагра иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала абаҟа ахьгыло ақырҭуа гвардиауаа 4- бзарбазанк рызгылан. Убри ала ҳара ҳхырӷәӷәарҭақәа иреихсуан. Уи ажәылара аԥықәсла анаҭон.
"Убарҭ абзарбзанқәа Малыш Џьапуа, Емик Еныкь сара ҳрыкәшан ирымаҳхит. Убасҟан ухы узышьҭымхуа ахысрақәа ҟалеит. Жрак сыԥшаан сыҽҭасыжьит. Ақырҭқәа санырзааигәаха, "кабардинцы налево, чеченцы направо" ҳәа сыҳәҳәо салагеит дара ираҳап ҳәа. Нас, ҳа ҳтәқәа алаф схырҳәаауан уи азын. Сааигәа Малыши Емики ракәын иҟаз уи аамаҭазы, уаҳа уаҩ дыҟамызт. Зынӡа рааигәара ҳааит. Аӡцарҭақәа ҳарҭаланы ҳцон. Ԥыҭҩык ҳшьит. Аӡә даацәырҟьеит ус ҳаԥхьа. Қырҭшәала дцәажәеит, Еныкь дхысит. Дкаҳаит уи. Саргьы гранатақәак сыман. Нас, хыхь ҳанхалан, агранатақәа ргәыдҳажьлеит абзарбзанқәа ахьгылаз. Уи анырба, дара шәан, ибналеит иҳакәшеит рҳәан. Ус, абри хыхь ҩнык абарҵа аҟынтә сыԥшызар, ақырҭуеи сареи ҳалаԥш ааиқәшәеит. 50 метра ҳабжьан. Сибеит. Идырит дара сшыртәымыз. Аҩны иарбаны дхысит. Сууаӡа сыԥан, сҽыҩнасыжьит аҩны азал. Усҟан исыгын, сласын, сқәыԥшымзи. Убысҟан слымҳа ааихашәит, аконтузиа соузар акәхап. Сыхлахаҵ гьежьуа иалагеит. Малыш исеиҳәон нас: "Уцон, - иҳәеит, - ахеилагацәа реиԥш. Уара уцон, дара уеихсуеит. Акгьы уаҳаӡомызт", - иҳәеит. Ҳа ҳтәқәа рыбжьы гон – ура, ура ҳәа. Аха сызлымҳак сарҟьалеит идагәан азы, ақырҭқәа ракәыз џьысшьеит. Сыԥсра ааит сҳәан, сыршьуазаргьы абарҭ абзарбзанқәа ҳара иаҳтәхароуп сҳәан, ҭабиак сыҽҭасыжьырц сҽазыскит. Ҳа ҳганахь саныԥшы, ҷкәынак "о, уара, Ҭемыр уоума" иҳәеит, сидырит, мамзар дсеихсыр ауан сақырҭуаз џьшьа", - абас асахьа ҭихуеит ажәылараҿы ибла иабаз аҭагылазаашьа Ҭемыр Надараиа.
Арадио
Надараиа Аҟәа ахақәиҭтәразы аҵыхәтәантәи ажәыларазы: ҳзырхынҳәуаз аԥсра заҵәык акәын
Абзарабзанқа рнапаҿы иааганы авоенкомат ахьыҟаз ианнеи, ахәлара рыхьӡеит ҳаруаа. Нас адырҩаҽны ижәылеит еиҭа. Колхида ианнеи, ҳара ҳгәыԥқәа еизааигәахо иалагеит, рымчгьы еиҳа иӷәӷәахеит ҳәа анализ ҟаиҵоит сзацәажәо.
"Ақалақь агәахьы ҳнеицыԥхьаӡа ҳамч еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Избанзар, еиҳа иҭшәаррахон. Ҳажәҩахырқәа еиҳа еидаҳҵон. Уа Дбаргьы днеит, егьырҭ акомандирцәагьы. Нас, еилацәажәан, ирыӡбеит, абри ахагьежьырҭа ҳәа иахьашьҭоу иҟаз ианыз ҳдырқәон азы, убри амҩала ҳжәыларц.
"Ақырҭқәа убра ацҳа ԥыржәан иазхоуп ҳәа ирыԥхьаӡан ицеит. Абри Зурик Хәарцкьиа дызлаз агәыԥ хыхь итәахьан ацҳа инахысшәа. Ацҳа уҵысуан, аха атанкқәа зцомызт. Хыхьынтәи иахыкәшо амҩала уцар, "17 партсъезд" унанагон. Зегь маншәалахеит усҟан. Ҳрылахысуа ҳаналага, хыхьынтә апаника рызцәырҵит. Маанала ҳариааит. Ашахмат аҿы ишуӡбо еиԥш, уи иалаҳхыз амҩа иашан", - абас ауп ишигәалашәо Гагратәи иқәҿиараз ажәылара амҩаԥысшьа аветеран Надараиа.

Сырхәаанӡа избон аиааира шаҳгоз

Леон иорден занашьоу Ҭемыр Надараиа аԥсшьарҭа ҩны "Украина" ианнеи, октиабр 5 рзы дырхәит, убри аҟынтә Урыстәылатәи аҳәаахь абираҟ анахадыргылоз иара дзымцаӡеит.

"Ахы сшьапы иаахан абҩа ԥҵәеит. "Украина" уанааҩслакгьы, Рома Гьериа итанк амина иахаԥжәеит. Сцан, аминақәа ыҵысхит. Убрантәи санаадәықәлоз, ахы саахеит. Агәгәаҳәа ишсеихсуаз иҵысхит аминақәа. Сызларымшьыз иахьагьы иџьасшьоит. Ҳтанкқәа зцаӡомызт уи ыҵҳамхыр. Амина аҵхшьа здыруан. Аҵара ахьысҵоз, аинженерцәа рфакультет аҿы сахысхьан. 10 минуҭк раҟара скажьын. Ҿысҭуан, аха ираҳаӡомызт ҳа ҳтәқәа, атанк абжьы иднарҳауамызт. Атанк ирцәеит Вадим Габниа, сеиқәирхеит убри ала. "Гена, аминақәа ыҟаӡам, шәдәықәла", - ҳәа ҿысҭуан. Атанк андәықәла, саҵәахит. Алиабрик Қырҭбаиа убра дгылан машьынала ахәцәа ралгаразы. Саашьҭырԥаан, убри сҭаҵаны Гагра ахәшәтәырҭахь снаргеит. Анзор Гоов днеихьан уа, аԥсуаагьы ыҟан. Арентген сҭарҵеит, ацхыраара сырҭеит, нас Гәдоуҭа агоспиталь аҿы сԥырҟеит. Ахы алҟьеит сшьапы, аха абҩахәаша алахан иҟан, нас иҭыргеит. Хымз сышьҭан. Аҳәааҿы ҳа ҳтәқәа шнеиз анаркоз саналҵ исарҳәеит. Аха, сара сырхәаанӡа избон аиааира шаҳгоз", – абас иҟоуп Надараиа иажәабжь.

Астратегиатә ҵак ду аман ҳәа иԥхьаӡоит аветеран Гагра ахақәиҭтәра, избанзар ажәлар ргәы арӷәӷәеит, аӷа игәы ҭнаҟьеит. Аԥсны зегь иреиҳау аҩбатәи ақалақь Гагра ахы иақәиҭтәын октиабр 6 рзы, амза алагамҭазы еиҿкааз ажәылара иабзоураны. 40 км инаӡоз ацәаҳәа иахысны аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥсуа еибашьцәа аԥсуа бираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа.
Надараиа: аамҭа цәгьа ҳанҭагылаз ҳгәы каҳмыжьӡеит, иахьагьы агәкажьра азин ҳамаӡам