Sputnik
- 25 шықәса раԥхьа Аԥсны аиааира агеит шықәсык инеиҳаны ицоз Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы. Ҭемыр Хәыхәыт-иԥа, ари ахҭыс даҽакала иҟалазҭгьы, ишԥаҟалоз анаҩстәи ҳаԥсҭазаашьа?
— Иахьа ҳажәлар ҟалаӡомызт. Аиқәхара зылшазгьы иқырҭцәахон, аха аиҳараҩык аҭырқәа месхетинеццәа реиԥш, џьара Урыстәыла ҿацәк аҿы иҟазаарын. Аха иахьа ҳархашҭхьазаарын, ҳапроблемагьы аӡәгьы далацәажәараны дыҟамызт.
- Аполитика иалам ақырҭуа уаажәларра аԥсуаа бзиа иаҳбоит ҳәа ицәажәоит. Дара ражәақәа рыла иахьатәи Қырҭтәыла зынӡаск даҽа ҳәынҭқарроуп, аӡәгьы ихьыԥшӡам, рхатәы економикагьы рымоуп, ацхыраара ҳаҭара иазхиоуп. Иҳацәнымхо иҟоуп ажәакала…
— Ари аҩыза ацәажәарақәа цәырҵит Урыстәыла ҳаназханаҵа ашьҭахь. Урҭ ргәы иҭаҵәҟьоу еилыкка иаҳнарбоит рхымҩаԥгашьа. Ааигәа Шьамтәыла ҳаназханаҵа Қырҭтәыла ари аҳәынҭқарраҿы иамаз аимадарақәа зегьы еиԥдырҟьеит. Дара ртәала уи иаанаго акызаҵәык ауп: Аԥсны азин амаӡам жәларбжьаратәи аимадарақәа раԥҵара. Аибашьра ашьҭахь дара ҳаԥхьон Қырҭтәыла ҳалаларц, астадионгьы шәакуеит, шәабаҳԥырхаго ҳәа ҳарҳәон. Аха ҳара иаҳдыруеит дареи ҳареи ҳәынҭқаррак ҳалазаара закәу Асовет Еидгыла аҿырԥштәы ала. Усҟан ма ҳахьашшуаз ҭыԥк ҳаман. Урҭ аамҭақәа рзы ажәлар шгәаҟуаз аӡәы ихашҭзар, аҭоурых аҟны даԥхьар илшоит. Урыстәылатәи арратә базақәа ҳтәылаҿы ианыҟала, даргьы уажәшьҭа ирдыруеит мчыла акгьы шалымҵуа. Изабашьуада иахьа абџьар шьҭырхыр? Ҳара ҳхала ҳакәӡам изабашьуа, Урыстәыла иабашьуеит. Ақырҭқәа иахьа аӡәгьы ҳаихьыԥшӡам ҳәа анырҳәо агәрагара цәгьоуп. Избан акәзар ақырҭуа чынуаҩ дықәгыланы данцәажәо ихатә бираҟ аԥхьа Америка ма НАТО абираҟ гылоуп. Аурысцәеи ҳареи аиҩызара ду шҳабжьоугьы сара сцәажәозар аурыс бираҟ саҵагыланы сцәажәаӡом. Ииашоуп, макьаназы аекономика азҵаарақәа рҿы дара ҳархьыԥшуп, аха уи апроблема аӡбара ҳалҳаршар ҳахәҭоуп. Убысҟан ауп ҳхьыԥшымра еиҳа иангәылҭәаахо. Иахьа ақырҭқәа ҳара ҳганахь имҩаԥырго аполитика атәы ҳҳәозар, аԥсуаа хәыда-ԥсада изырхәышәтәуагьы, акредитқәа зрырҭогьы- ҳаархәарц иаҿуп. Қырҭтәыла инхо ихәышәтәразы шықәсыкахь 60 нызқь мааҭ нырхуазар, аԥсуа днеир 500 нызқьгьы нырхуеит. Рыжәлар аҵкыс ҳара бзиа ҳарбоит ҳәа агәрагара уадаҩуп. Ажәакала, ари аполитика ибзианы аус адырулахьеит, мраҭашәараагьы абжьгарақәа рырҭахьеит. Урыстәыла ацхыраара атәы ҳҳәозар, иҳарҭо атәанчахәы дара ртәылауаа ртәанчахәы иазааигәоуп.
- Ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш нанҳәа 26, 2008 шықәса анаҩс изеиԥшрахаз, уаанӡатәи алахьынҵа иаҿшәырԥшыр сҭахын. Аҭакԥхықәра еиҳа еиҳахама?
— Ҳәарада. Уаҵәы даҽа ҳәынҭқаррак ҳазханаҵар еиҳагьы еиҳахоит уи аҭакԥхықәра. Аконституциа аҿгьы иарбоуп аҳәынҭқаррақәа ирыбжьоу аимадарақәа еиҳа ихадаратәуп аҩнуҵҟатәи аусқәа раасҭа ҳәа. Аха уи иаанагом аҭакԥхықәра иацәшәатуп ҳәа. Адунеи аҿы аҭакԥхықәра змам аҳәынҭқарра ыҟаӡам. Ҳара уи ҳахьашьцылам азы Урыстәыла ҳазханаҵеижьҭеи аҭакԥхықәра ҳамамшәа ҳгәы иабозар ҟалап. Уажәшьҭа ҳара даҽа ҩаӡарак ахь ҳхалар ҳахәҭоуп. Ҳәарада, ирацәоуп ауадаҩрақәа. Аха ҳара урҭ зегьы ҳариааир ҳахәҭоуп. Иахьа аиааира игоит аҵара змоу. Аҵара змоу аҿар ҳзааӡар ҳԥеиԥшгьы бзиахоит.
- Аԥеиԥш атәы анышәҳәа… Иахьатәи ҳҳәынҭқарразы Аиааира амши Ахьыԥшымра амши ихадоу мшқәоуп. Ишԥажәбо уаҵәтәи ҳԥеиԥш?
— Аамҭа цәгьа ҳанҭагылаз ҳгәы каҳмыжьӡеит, иахьагьы агәкажьра азин ҳамаӡам. Зегь раԥхьаӡагьы Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳарӷәӷәалароуп. Ҳара ҳаиԥш аиашьа еиҳабы дызмоу ажәлар маҷқәа адунеи аҟны иахьабалакь иуԥылоит. Уи хьымӡӷы амаӡам ҳаешьаратә ҳәынҭқарра ҳацхраауазар. Ҳара ҳхала иахьа иҳалымшо рацәоуп, аха аҵара зҭаху аҵара иҵартә аҭагылазаашьа имоуп. Уи ауп аҿар рааӡараҿы хадара злоу. Насгьы азинхьчаратә усбарҭақәа рӷәӷәатәуп. Иахьа ҳара амцхә ахақәиҭра ҳамоуп. Имыцхәу адемократиагьы бзиаӡам, ҳаҿиара иаԥырхагоуп. Абри аганахьала шаҟа лассы ҳхы ҳзаиааиуа, убри аҟарагьы ҳԥеиԥш бзиа ааигәаҳтәуеит. Иахьа адунеи зегьы ҳахәаԥшуеит, рхала аҳәынҭқарра аргылара рылшарымашь ҳәа. Ара зегь раԥхьаӡагьы иаҭахуп алеишәа. Уи ада акгьы зыҟалаӡом. Ҳазшаз ҳаиқәырханы иахьанӡа ҳанааига, акәты ашьыга ашьапхыц иҵнахуан ҳәа ххала ҳхы ҳазшьуам. Анцәа имч ала ԥхьаҟа ҳцоит, ҳагьыманшәалахоит.